Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Гиуенос аԥхынтәи ажрақәа рылҵшәа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Гиуенос аԥхынтәи ажрақәа рлыҵшәа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа ԥшьышықәса раахыс антикатәи ақалақь Гиуенос аԥшаарақәа мҩаԥыргоит. Сынтәала аекспедициа хыркәшоуп. Аԥшаарақәа рылҵшәақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Аркади Џьопуа.
21 шықәса инарзынаԥшуа аԥсуа-аурыс археологцәа еилахәны Аԥсны еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы аус рухьеит. Археолог Аркади Џьопуа арадиоефир аҿы игәалаиршәеит иарбан баҟақәоу иҭҵааз, насгьы урҭ рзы иазырхиаз аусмҭақәа.
"Ажәытә қалақь Гиуенос ахьҭаҳҵаауа уи антикатә аамҭа заҵәык иатәым, еиҭа ижәытәӡатәиу аҿыгҳарахь ҳнеиуа ҳалагеит. Абырзенцәа иааиуа иалагаанӡа. Уи ҟалеит афбатәи-ахәбатәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа. Алада унаскьацыԥхьаӡа, ауаҩытәыҩса ишьапы анықәнагалаз аамҭахь уцәырнагоит. Ианынҵәалак, адгьыл зынӡаск ицқьаӡа, кьыс амаӡамкәа иахьыҟоу ахь унанагоит, уаанӡа инеитәуп. Уаанӡа алеиразы цәгьа аџьабаа батәуп, еиҳарак, иахьыжуа, амшын ҿықә аҟны. Алада уласкьацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа ибааӡоит, аӡы ҭызтауа амаҭәахәқәа ԥшааны иҟаҵаны, напышьашәала аус уны ауп ишаҳаԥшаауа. Ҭыԥк аҿы уажәшьҭа ихьшәоу аџьаз аамҭеи антикатәии анеилалаз аамҭазы ҳнеины ҳаҟан ҵыԥх, уажәшьҭа хәбаҟа метра иҵауланы алада ҳҭалеит. Иаҳа-иаҳа ицәгьахоит ажра, аха сара сзы аинтерес аҵоуп алада ҳнаскьацыԥхьаӡа", - иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0