Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәҟәыҩҩцәа ргәалашәара амырӡразы: алитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа

© Foto / Анатоли Лагәлааалитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа
алитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 14-тәи аизара ду анымҩаԥгаха ашьҭахь еиҿкааз ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара раԥхьатәи реилатәараҟны иалкааз ауснагӡатәқәа ртәы дазааҭгылоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуеит алитераторцәа ҿарацәа рырҿиамҭақәа еидызкыло аизга "Ашацкыра". Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала уажәазы уи зҩымҭақәа агәылалараны иҟоу авторцәа ааԥхьан "Ашацкыра" анаҩстәи аҭыжьымҭа азырхиара иамадоу азҵаатәқәа рылацәажәаразы.
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитературатә журнал "Алашара" аредакциаҿы имҩаԥысыз аиқәшәара ааиртит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, дагьалацәажәеит амилаҭтә литература аҿиара апроцесс амҩаԥысшьа, иаԥу атрадициа, аҿар ҷыдала еснагь ахшыҩзышьҭра шрымоу.
Писатели в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
Уаҵәтәи амш ҳара иаҳтәызарц, ма аҿар амилаҭтә культура рылааӡаразы иҟаҵатәу
Ҵабыргны, алитературахь зшьаҿақәа еихызго аҿар рҩым­ҭақәа ажурналқәеи агазеҭқәеи ирнырҵоит, имҩаԥыргоит асеминарқәа, апоезиа ахәылԥазқәа, аконкурсқәа, алитературатә еиԥы­ларақәа уҳәа.
Абарҭқәа ҳасаб рзуны, амилаҭтә литература иаҵагылаша аҿар реиҵааӡаразы, арҿиара радԥхьаларазы, рымҩақәҵара­зы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура мҩаԥысуеит. Аимадареи аусеицуреи алҵшәақәагьы аанашьҭуеит. Алитераторцәа ҿарацәа рҿаԥхьа рабжьагажәақәа рыла иқәгылеит апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, Гәында Кәыҵниа, Дмитри Габалиа. Ашәҟәы ҿыц аиқәыршәашьа иазкны ажәалагалақәагьы ҟарҵеит.
Аҿар рахьтә ргәаанагарақәа рҳәеит: Адгәыр Гәынба, Саида Ҳаџьым, Инал Гыцба, Королина Быҭәба, Ефрем Ҳагба, Хьыбла Хәарцкиа, Ҭамуна Кәабахьиа, Алмас Шьалашьаа уҳәа егьырҭгьы, урҭ рахьтә иҟоуп зхатәы жәеинраала ҿыцқәа ирыԥхьазгьы.
© Foto / Анатоли Лагәлааалитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа
алитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
алитераторцәа ҿарацәа реизара алкаақәа
Иазыӡбоуп алитература иаз­ҿлымҳау, арҿиара амҩа инылауа аҿар алархәны уажәы­нахысгьы лассы-лассы иааиԥмырҟьаӡакәа аиқәшәарақәа рымҩаԥгара. Хым­ԥада, урҭ ирыладырхәлоит, аҿари астудентцәеи реиԥш, ашкол­хәыҷқәагьы. Аиқәшәара иалахәыз иазгәарҭон аилацәажәара агәала­ҟара бзиа шырнаҭаз, ус еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аԥхьаҟазгьы, хымԥада, ишаҭаху.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟны иаԥҵоуп акомиссиақәеи аҳаҭыртә хьӡы "Алитературатә хәышҭаареи".

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ажәиҧшьтәи аизара ду анымҩаԥгаха ашьҭахь имҩаԥысит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара раԥхьатәи реилатәара.
ААР ахадара аилатәараҿы ирылацәажәан ашықәс аҩбатәи азбжазы инарыгӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ рыдигалеит ААР ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Аилатәараҿы иалхын ААР аревизиатә комиссиа аилазаара ҿыц. Анаҩс ииасит ААР иаҵанакуа акомиссиақәа раԥҵареи урҭ русура иазку аԥҟарақәеи рыдкыларахь. Ишьақәыргылоуп Гәында Сақаниа хантәаҩыс дзауз ААР ахь алитераторцәа ҿыцқәа рыдкыларазы арекомендациатә комиссиа аилазаара. Алитераторцәа ҿарацәеи аҵаратә усбарҭақәа рҟны алитературатә кружокқәеи аидҵарақәеи аус рыдуларазы акомиссиа азы Аԥҟара рыдыркылеит. Заира Ҭҳаиҵыкә лхантәаҩрала иаԥҵан акомиссиа аилазаарагьы. Еиҿкаахеит иара убас асахьаркыратә литература аиҭагаразы акомиссиа аилазаара, уи ахантәаҩыс далхуп Даур Наҷҟьебиа.
Съезд союза писателей Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Аԥсны
"Ҳбызшәа иаҵәатәышьаҟоу": Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа 14-тәи Реизара ду мҩаԥысит
Иҳаԥхаз ашәҟәыҩҩцәа рҭынха аизгареи, аиқәырхареи, ААР афотоархиви алитературатә ҵакы змоу аҭыԥқәеи (абаҟақәа, амемориалтә ӷәқәа, апаркқәа, абаҳчақәа, аскверқәа, аллеиақәа уҳәа) рызҵаарақәеи рзы акомиссиа аԥҵоуп. Уи аилазаарахь иалхуп хәҩык.
ААР аҟны иҟоу Алитературатә клуб Аԥҟара анышьақәдырӷәӷәа, ишьақәдырӷәӷәеит Алитературатә клуб напхгара азҭо реилазаара, аиҳабысгьы иӡбахә рҳәеит А. Лагәлаа (уи инапы ианызаауеит Алитературатә клуб аҟәшақәа русура аҳәаақәҵара).
ААР иҭнажьуа алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Ашацкыра" аредколлегиа аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп, уи еиднакылоит хәҩык: Заира Ҭҳаиҵыкә, Даур Наҷҟьебиа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, Дырмит Габалиа.
Иаԥҵоуп ААР Аҳаҭыртә хьӡы "Алитературатә хәышҭаара", насгьы ирыдыркылеит уи иазку Аԥҟара. Ари аҳаҭыртә хьӡы рыхҵахалоит алитературатә ҭынха аиқәырхареи, асахьаркыратә ажәеи аԥсуа литератураҿы иҟоу атрадициақәеи рыларҵәареи, рӡыргареи, алитературатә процесс аиҿкаареи рус аҟны ҷыдала злагала ҟазҵо акультуратәи аҵаратәи усҳәарҭақәа.

Аицлабра рылаҳәоуп

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконкурс рыланаҳәоит апрозаик ихьӡ зху апремиа аиуразы. Аконкурс хықәкыс иамоуп ахатәы бызшәеи амилаҭтә литературеи рӡыргара, рыларҵәара.
Абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2017
Арадио
Борис Ҷолариа: Иван Папасқьыр ишәҟәқәа еиҭаҭыжьтәуп
Аицлабра зҽалазырхәуа шәҩымҭақәа аашәышьҭла Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашҟа. Аконкурс иалахәхар ҟалоит аҧсышәала апериодикатә кьыԥхь ианыло апрозатә ҩымҭақәа, ҿҳәарасгьы иамоуп 2022 ш. ноиабр 30 рзынӡа. Ажиури ахәаԥшраан актәи аҩбатәи аҭыԥқәа аанызкыло адипломқәеи аҳамҭақәеи ранашьахоит 2022 шықәса ԥхынҷкәын мзазы.

Ашәҟәыҩҩцәа Шьалодиа Аџьынџьали Гьаргь Гәыблиеи ргәалашәара амырӡразы

Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьали апоет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ Гьаргь Гәыблиеи ргәалашәара анаунагӡатәра хықәкыс иҟаҵаны иахьынхоз аҩнқәа рҟны рмемориалтә ӷәқәа ркыдҵаразы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә аҳәара ацҵаны ашәҟәы нашьҭын Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иахь.
Гьаргь Гәыблиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Аԥсны
"Са саԥсыуоуп, са салмасуп!": Гьаргь Гәыблиа игәалашәара иазкны
Инашьҭыз ашәҟәы дахаҵгылеит, ишаԥу еиԥш, ақалақьтә Еизара ашҟа ашәҟәы ишьҭит адепутатцәа ахәаԥшырц.
Ақалақьтә Еизара аҟны иҟоу ауаажәларратә хеилак аназыразха, ааигәа адепутатцәа ахәаԥшырц ирыдгалан. Урҭ еицҿакны бжьыҭирала аӡбамҭа рыдыркылеит.
Амемориалтә ӷәқәа аныхиахалак ашәҟәыҩҩцәа Шьалодиа Аџьынџьали Гьаргь Гәыблиеи ахьынхоз аҩнқәа рҟны икыдҵахоит.
В 2012 году Шалодиа Аджинджал был удостоен звания Народный писатель Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Зсатира цҳафыр ахҿа иаҩызаз ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал игәалашәара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0