https://sputnik-abkhazia.info/20220905/gdoua-araion-akommunalt-uszutsa-alaayti-agamkasara-it-a-aama-areit-1041337642.html
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усзуҩцәа Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа ҭәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усзуҩцәа Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа ҭәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион аҟынтә агәамсам Алаҳаӡы ақыҭахь ирго иалагеит Ҟәланырхәа ақыҭа руааԥсыра 2017 шықәсазы аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь. 05.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-05T17:15+0300
2022-09-05T17:15+0300
2022-09-05T17:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102769/90/1027699027_0:161:3069:1887_1920x0_80_0_0_bea9440ea56cdb29ea884c8a54c238d8.jpg
ГӘДОУҬА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа ҭәит, ишәарҭоуп ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион Анхарҭа коммуналтә усбарҭа адиректор Феликс Сымсым.Сымсым игәаанагарала Алаҳаӡыҟа инаргоз аҟьамсар Гал араион ахь агара ауеит, аха уи акыр ахә духоит, абиуџьет ақәыӷәӷәара аиуеит, избанзар амашьынақәа аахәатәхоит.Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа илҳәеит, абзазаратә црыҵқәа рықәгара апроблема аекологиа аганахь ала аҳәынҭқарразы стратегиатә зҵаараны иҟоуп ҳәа. Ҷанԥҳа, Аԥсны хымԥада агәамсам аусеиҭадызуло азауади аилыхырҭатә ҭыԥқәеи аҭахуп ҳәа илшьоит.Алаҳаӡи Ԥсахареи ақыҭақәа рҳәааҿы 1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы агәамсамкаԥсарҭа ауаа рхала еиҿыркааит. Усҟан агәамкажьырҭа гектарк иҟан. Аибашьра ашьҭахь ҩеижәантә рҟынӡа аҵакыра иацлеит. Агәамкажьырҭа ҩеижәа гектар инаӡоит, лассы-лассы амцакрақәагьы ахылҿиаауеит. Арахь аҟьамсар ааргоит Гагра араион зегьы аҟынтәи. Гәдоуҭа араион аҟынтә аҟьамсар Алаҳаӡы ақыҭахь ирго иалагеит Ҟәланырхәа ақыҭа руааԥсыра 2017 шықәсазы аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.
https://sputnik-abkhazia.info/20220421/abzazarati-argylarat-tsrya-katsiy-agamsamkasara-argylara-shtso-1038757429.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220731/atylauai-aiabyrei-kyria-agamsam-aizgarei-ui-ailyrgarei-iazkny---1040569376.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102769/90/1027699027_168:0:2899:2048_1920x0_80_0_0_659e4fa3503d18d0389a553818bc46a6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усзуҩцәа Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа ҭәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит
Гәдоуҭа араион аҟынтә агәамсам Алаҳаӡы ақыҭахь ирго иалагеит Ҟәланырхәа ақыҭа руааԥсыра 2017 шықәсазы аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.
ГӘДОУҬА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа ҭәит, ишәарҭоуп ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион Анхарҭа коммуналтә усбарҭа адиректор Феликс Сымсым.
"Агәамкаԥсарҭаҟны уажәы аус руеит атехника ҩ-акк, аха ипроблемоу аҟьамсар агарҭа ахьыҟам ауп. Иара анышә иарҭоит, аха иарбанызаалак мцакрак хәыҵҟьар арцәашьа аиуам. Аҵыхәтәан амцакра аныҟалаз адгьыл иҵаз аҟьамсар абаарақәа ирхырҟьаны атҟәацрақәа аҭыԥ рыман", - иҳәеит Сымсым.
Сымсым игәаанагарала Алаҳаӡыҟа инаргоз аҟьамсар Гал араион ахь агара ауеит, аха уи акыр ахә духоит, абиуџьет ақәыӷәӷәара аиуеит, избанзар амашьынақәа аахәатәхоит.
Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа илҳәеит, абзазаратә црыҵқәа рықәгара апроблема аекологиа аганахь ала аҳәынҭқарразы стратегиатә зҵаараны иҟоуп ҳәа.
Ҷанԥҳа, Аԥсны хымԥада агәамсам аусеиҭадызуло азауади аилыхырҭатә ҭыԥқәеи аҭахуп ҳәа илшьоит.
Алаҳаӡи Ԥсахареи ақыҭақәа рҳәааҿы 1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы агәамсамкаԥсарҭа ауаа рхала еиҿыркааит. Усҟан агәамкажьырҭа гектарк иҟан. Аибашьра ашьҭахь ҩеижәантә рҟынӡа аҵакыра иацлеит. Агәамкажьырҭа ҩеижәа гектар инаӡоит, лассы-лассы амцакрақәагьы ахылҿиаауеит.
Арахь аҟьамсар ааргоит Гагра араион зегьы аҟынтәи. Гәдоуҭа араион аҟынтә аҟьамсар Алаҳаӡы ақыҭахь ирго иалагеит Ҟәланырхәа ақыҭа руааԥсыра 2017 шықәсазы аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.