Урыстәыла амаамынқәа рцәырԥшӡа хызҽуа алаҵа аус адырулеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГНЦ вирусологии и биотехнологии "Вектор"
ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы иахьазы ачымазара 50 нызқь хҭыс азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Афедералтә медико-биологиатә маҵзура аус аднаулеит ҳаамҭазтәи алаҵа – амаамынқәа рцәырԥшӡа аҿагылара зылшо. Уажәы иара аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа ирхысуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ФМБА аиҳабы Вероника Скворцова лажәақәа шьаҭас иганы.
"Аус адулоуп ҳаамҭазтәи алаҵа – амаамынқәа рцәырԥшӡа аҿагылара зылшо. Уажәы иара аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа ирхысуеит ", - лҳәеит Скворцова.
Амаамынқәа рцәырԥшӡа вирустә ҿкыроуп. Ачымазара мчыбжьқәак рыла иухугоит, аха ахьанҭара анацугьы ыҟоуп, аԥсыҭбара аҟынӡа. Иааидкылан ари ачымазара ауаҩ изы имарианы имҩасуеит.
Ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь аҿкра аиасра азгәаҭоуп. Авирус акырмчыбжь иузгәамҭакәа аӡәы иҟынтә аҽаӡә иахь ииасуазар ауеит. Аԥхьа ашоура уҭанаршәуеит, ажьышә ахьра, абӷашшара ахьра, ақыџьқыџьра ацуп. Уҵыӡәӡәаа уҟанаҵоит. Аԥхьанатә ахаҿаҿы ицәырҵуа ақәыԥсарақәа анаҩс уцәеижь зегьы ахь ииасуеит.
Сотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Урыстәылаа амаамынқәа рцәырԥшӡа COVID-19 аасҭа ишәарҭам ҳәа рыԥхьаӡоит
Ажәабжьқәа зегьы
0