Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

40-ҩык инареиҳаны анхарҭа аиуразы аҳәынҭпрограммала аԥара роураны иҟоуп

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәса абҵарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа-2022". Уи анагӡара иазоужьын 40 миллион мааҭ.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны 47-ҩык арзаҳал алазҵаз анхарҭа аархәаразы аԥарақәа рыҭара иазыразхеит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Асцоиалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа.
Аԥара зырҭараны иҟоу рахьтә 14-ҩык - I агәыԥ ахымхәацәа роуп, урҭ рыбжьара иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахымхәацәагьы.
Зынӡа акомиссиа 89 рзаҳал ирыхәаԥшит. Урҭ рахьтә 31-ы мап рцәыркит, даҽа 11-ҩык ртәқәа ирыхәаԥшуеит. Черқьезиа иазгәеиҭеит акомиссиа алахәылацәа ишҭырҵаауа азыҳәаҩцәа уаанӡа анхарҭақәа рымазу ирымамзу.
"Ҳара иҭаҳҵаауеит азыҳәаҩ уаанӡа аҳәынҭқарра анхарҭа инаҭахьазу инамҭахьазу. Изырҭахьоу аӡә дыҟазар, уи азыҳәаҩ мап ицәыркуеит", - иҳәеит Черқьезиа, иагьациҵеит апрограмма хықәкыс ишамоу ауаажәларраҿы еиҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу ауаа.
Ромео Черқьезиа инаҵишьит 2022 шықәса рзы апрограмма анагӡара ишазоужьыз 40 миллион мааҭ, урҭ 90% рҟынӡа рхы иадырхәахьеит.
Афинанстә цхыраара иартәоит 500 нызқь азыҳәаҩ изи даҽа 100-100 нызқь зықәра намӡац ма аусура злымшо аҭаацәа ахаҭарнаки рыцԥхьаӡа. Убри аан миллион мааҭк инеиҳаны рыҭара алшом.
Черқьезиа иажәақәа рыла, иҟоуп 500 нызқь заҵәык зырҭо атәылауаа, аха иахьазы ари аҟара азхом анхара ахьалшо аҩны аахәара.
2021 шықәса абҵарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа-2022". Уи анагӡара иазоужьын 40 миллион мааҭ.
Заседание межведомственной исполнительно-распорядительной комиссии по государственной целевой программе Жилище-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
Ажәабжьқәа зегьы
0