Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьниаԥҳа Актәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра ахәшьара алҭеит

Хра злоу ахҭысқәа: Џьниаԥҳа Актәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра ахәшьара алҭеит
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы Алиса Гыцԥҳа имҩаԥылгаз Актәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра аихшьаалақәа ҟалҵеит, уи анаҩс ԥеиԥшс иамоу атәы далацәажәеит.
Актәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хыркәшоуп аҳҭнықалақь аҟны. Иара еиҿкаан аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны Жәлар ратист, Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа лыбзоурала. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа рзы еиҿкаан еиуеиԥшым амастер-классқәа, аҟазаратә еиҿцәажәарақәа. 53 -ҩык алахәылацәа рҟнытәи 19-ҩык лауреатцәахеит.
"Ахәшьара ҳаракӡаны иқәургылар ҟалоит, избанзар зегьы маншәаланы, апрофессионалтә ҳаракыра аманы имҩаԥган. Алахәылацәа уи азгәарҭон ҳаиҿцәажәарақәа раан. Асҟаҩык алахәхоит ҳәа ҳаҟамызт, нанҳәамзазы аицлабрахь арӡаҳалқәа зынӡагьы иҟамызт. Цәыббрамзаз ирлас аҽаҵара иалагеит. Аиҿкааҩцәагьы аицлабра амҩаԥгашьа апрограмма рыԥсахит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьниаԥҳа.
Аицлабраҿы аиааира згаз ртәы далацәажәо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы илҳәеит, дара зегьы рыҩаӡара шыҳаракыз, асцена ианаало абжь ду шрымоу.
"Агран-при иоуит Алексеи Иурковски, иара даара дқәыԥшуп, аха абжьы хазына ихоуп. Амузыкатә стиль заку еиликаауеит, даара дыргәаԥхеит аӡбаҩцәагьы азыӡырҩцәагьы. Аҳамҭақәа урыҵашьыцыртә иҟоуп, апрофессионалтә шәаҳәаҩцәа џьоукы ирмоуц алшара роуеит арҭ ақәыԥшцәа", - ҳәа азгәалҭеит Џьниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0