Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥарамшәараз асанкциа: Аҟәа алашара арцәара лҵшәас иамоу

© SputnikЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы инхо 24 нызқьҩык абонентцәа рҟынтәи 1700-ҩык афымцамчҭаҩратә шьақәгылақәа рзықәыргылоуп.
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афымцамч ахәԥса амшәаразы алашара арцәара алҵшәақәа аанырԥшуеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Аҟәа иқәдыргылахьеит 1700 цыра афымцамчҭаҩратә шьақәгылақәа. Урҭ ахарантә иурцәар алшоит, афымца ахархәаразы ауал ҩ-нызқьмааҭ рҟынӡа инаӡар.
Счетчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Аԥсны
Аҟәа 2022 шықәса аҩнуҵҟа 2000 фымцамчҭаҩратә шьақәгыла ықәдыргылеит
"Астанциа маҷқәа рҿы аҭаҩра абаланстә хархәагақәеи афымцамч аныхраз аинформациа аазышьҭуа асистемеи ықәгылоуп. Ауал иарбоу аҩаӡараҿы ианнеилак апрограмма аԥарашәара ҟазымҵаз абонентцәа рзы аинформациа аанашьҭуеит", - иҳәоит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы.
Алашара змырхыз ауаа руал аныршәалак аенергетикцәа урҭ еиҭа афымца рыҭахоит.
"Ари даара хра амоуп. Асеиԥш иҟоу асистема ахьықәгыло, аус ахьауа афымцамч ахәԥса аизгара 90% инаӡоит. Уи адагьы ҳара ахылаԥшра аҳҭоит астанциа маҷ ахаҭаҿы ахархәара иҟоу, ақәыӷәӷәарақәа, заҟа киловатт-сааҭ астанциаҟынтәи абонентцәа ироуз", - иҳәоит аенергетик.
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы инхо 24 нызқьҩык абонентцәа рҟынтәи 1700-ҩык афымцамчҭаҩратә шьақәгылақәа рзықәыргылоуп.
Аусутә рацәа мҩаԥгатәуп абонентцәа арҭ ахархәагақәа рыла реиқәыршәарази ахархәара зҭоу афымцамч ахәԥса алгарази ҳәа иҳәеит Џьынџьал.
Ажәабжьқәа зегьы
0