Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷыԥҳа асахьаҭыхыҩ Миҳри Ачба лзы: лыхьӡ Ҭырқәтәыла мацара акәымкәа, Европагьы ирдыруан

Амҷыԥҳа асахьаҭыхыҩ Миҳри Ачба лзы: лыхьӡ Ҭырқәтәыла мацара акәымкәа, Европагьы ирдыруан
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Миҳри Ачба илызку адокументалтә фильм Анталиатәи акинофестиваль аҟны иалкаан. Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Европа ирдыруа асахьаҭыхыҩ лҭоурых атәы.
Германиа инхо Миҳри лашьа иԥа адырра ҳаиҭеит лара илызку афильм иреиӷьу адокументалтә фильм ҳәа Анталиа аиааира шагаз лҳәеит Амҷыԥҳа арадиоефир аҿы.
"Даара ҳаигәырӷьеит ари ахҭыс. Миҳри еицырдыруа сахьаҭыхҩын. Лыхьӡ Ҭырқәтәыла ахьынӡанаӡааӡо акәымкәа, Европагьы ирдыруа иҟоу аӡә лоуп. Лара Париж, Рим, Ниу-Иорк ирацәаны аус лухьан, уаҟоуп дахьыԥсызгьы. Лара раԥхьаӡатәи ԥҳәысын Папа Римтәи исахьа аҭыхразы азин зыҭаз, иара убас Мусҭафа Қьемаль Аҭаҭиурк. Лара лоуп аҳәса асахьаҭыхыҩцәа рзы Ҭырқәтәыла академиа шьақәзыргылаз, напхгарагьы алҭон, дыпрофессорын. Османтәи аимпериаҟны зегь реиҳа зыхә ҳаракны иршьоз асахьаҭыхыҩцәа, насгьы арҵаҩцәа дреиуан", – ҳәа азгәалҭеит Амҷыԥҳа.
Хьыбла Амҷыԥҳа Миҳри дызлыҵыз аҭаацәа ртәы еиҭаҳәауа, илҳәеит дара зегьы ишеицырдыруа. Ус, лашьа Мелиҳ Ачба деицырдыруан аспорт адунеи аҿы.
"Ҭырқәтәыла абокс афедерациа нахгара аиҭон акыр шықәса. Иара хаҭала далан Европатәи абокс афедерациа, ӡбаҩыс дыҟан. Имҩаԥигахьан 359 еиндаҭлара, урҭ рахьынтә знызаҵәыкгьы даҵамхацызт. Аспорт далегендоуп", - лҳәеит Амҷыԥҳа.
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак лажәақәа рыла, ас еиԥш еицырдыруа ҳџьынџьуаа рҭоурых зҳәо афильмқәа реиҭагаразы аусура рыгәҭакуп, анаҩс уи Аԥсны ахәаԥшцәа дырбаразы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0