Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьра Ду ибжанатәыз": Аслан Ҳагба иԥсы шеиқәхаз иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Аслан Ҳагба
Аслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ибжанатәыз, аха зегь акоуп зыԥшӡара зцәымӡыз, уимоу ҩныҵҟалагьы иуаҩ ҟәандаз аҷандаратәи арԥыс Аслан Есыф-иԥа Ҳагба изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара иӡбахә еиҭалҳәеит иҭаца еиҳабы Маиа Чыкәбарԥҳа.
Аслан Есыф-иԥа Ҳагба диит Аҷандара ақыҭан. Аҭаацәараҟны быжьҩык ахшара ирызҳауан, Аслан зегьы дреиҳабын. Иара даныхәыҷыз инаркны аҵара ҵара ихшыҩ азцон аҟнытә иҭаацәа дҭарҵоит Аҟәатәи ашьахарыуаа рышкол. Нестор Лакобеи дареи аиуара рыбжьан аҟнытә аҷкәын дара рҿы даангылон. Нестор иԥа Рауфи иареи класск аҟны аҵара еицырҵон. Анаҩс Аслан Афон ҿыц иҟаз адоуҳатә семинариахь диасуеит.
"Усҟантәи ашықәсқәа раан ашколтә қәра ҳәа ҷыдала иарбаны иҟамызт. Доусы данахьӡоз дҭалон. Убри аҟнытә аиҳабыратәи аклассқәа рахь инеиаанӡа арра маҵурахьы ианрыԥхьоз ыҟан. Сара сабхәагьы ашкол дышҭаз арра қәра данаҵанак иуалԥшьақәа рынагӡарахь дыргоит", - еиҭалҳәоит аҭаца.
© Foto / предоставила Саида Жиба Аслан Ҳагба
Аслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2022
Аслан Ҳагба
Хатәгәаԥхарала арра маҵурахьы ишцо азы арзаҳал анырыҩуаз, Аслан убас еиҿкааны гхада иҩит, арратә комиссариат аиҳабыра рылаԥш иҵашәаратә иҟалеит. Ашәҟәқәа анеидыркыла еилкаахеит егьырҭ иҩызцәа рзгьы иара шиакәыз изҩыз. Усҟан аиҳабыра аниҿцәажәа, арԥыс идыррақәеи, ихәыцшьеи, иааӡашьеи анырба ирыӡбоит Белорусиа, Гомель ақалақь Иреиҳау арратә ҵараиурҭахь ишьҭра. Аҷандаратәи аҷкәын қәҿиарала иҵара анхиркәша изыԥшын арратә кариера дуӡӡа, аха иалагоит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Аслан Ҳагба Брестҟа дрышьҭуеит, ахыԥсаҟьагатә рота акомандаҟаҵаҩс.
"1941 шықәса, жьҭаарамзазы, сабхәа бааԥсыла дырхәоит. Ахқәа иарӷьа жәҩа рҟәаҟәоит. Усҟан ахәрақәа зауз иҩызцәеи иареи аешелонла агоспиталь ахь идәықәырҵоит, аха амҩан анемец фашистцәа абомбақәа ақәрыжьуа иалагоит. Ирацәаҩхеит ихәқәаз рахьтә иҭахаз, зшьамхы ихгылартә иҟаз иҳәазо мацара бнала Асовет ар ахьтәаз инаӡеит. Асолдатцәа ирымаз ахәшәқәа рыла зыԥсы зманы инеиз рҩызцәа рхәышәтәуан, аха аҳақьым иҟынӡа мызкы ашьҭахь ауп иргартә еиԥш ианыҟа. Уи аамҭазы сабхәа инапы баауа иалагахьан, иҩыҵакны ихырымҵәар ада ԥсыхәа ҟамлеит", - лажәа иацылҵоит Маиа Чыкәбарԥҳа.
Мсас Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
"Илшаз рацәоуп": Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Мсас Чыкәбар иеибашьратә мҩа
Мызкы аҩнуҵҟа Аслан ашьа рацәаны ицәцеит. Агоспиталь данышьҭарҵа, аԥҟараан лшьа илҭеит украинатәи медеиҳәшьак. Аслан иԥсы ахьынӡаҭаз "лара лшьа ала сеиқәлырхеит" иҳәон. Аибашьра ашьҭахьгьы акыр шықәса лыԥшааразы аҽазышәарақәа мҩаԥигахьан, аха иамуит.
Аслан Ҳагба агоспиталь данҭыц, иарӷьа напыда илшарақәа ԥкын аҟнытә аҩныҟа даарышьҭуеит. Арахь данаа иаҳәшьцәа ачара изыруоит.
"Сабхәа аибашьрантәи иԥсы еиқәханы данаа, ачара ду руит иаҳәшьцәа. Усҟан агәырӷьаратә хҭыс ахь ааԥхьара змаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан санхәагьы Земфира Цәышԥҳа. Лара усҟан дхәыҷын. Сабхәеи лареи 17 шықәса рыбжьан. Ажәакала, лыхцәқәа ԥаны, наҟ-ааҟ абандақәа аркны сабхәа даниба, "дышԥаԥшӡои ари ахәыҷы" ҳәа илаԥш лыдхалазаап. Санхәагьы лара лтәала "дышԥаԥшӡоу" ҳәа дылгәаԥхазаап. Ус аамҭақәа цо данԥҳәызбаха, абзиабара рыбжьалеит. Лҭаацәа ирамҳәаӡакәа маӡалагьы диццеит", - ажәабжь иацылҵоит аҭаца.
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа
Аслани Земфиреи анеибага, лҭаацәа "анапхҵәа" диццеит ҳәа хышықәса дырбаӡомызт. Аха дара ҳәоуеиқәшәала еицынхон. Знызаҵәыкгьы ажәа еимаркны рыуа-рҭынха иргәалашәом. Аслани Земфиреи ԥшьҩык аԥацәа рааӡеит.
"Зны-зынла, мама, 17 шықәса шәаасҭа еиҳабыз дызлашәгәаԥхеи ҳәа слафны санҵаалоз, "аибашьрантә данаа дыббандаз шаҟа дыԥшӡаз, насгьы закәытә жәеинраалақәаз исзиҩоз ҳаибаҽырбо ҳаналага" ҳәа салҳәон. Аиашазы дара рҭаацәа акалашәа ҳаҭыр еиқәырҵон", - лҳәоит лара.
Аслан Есыф-иԥа Ҳагба дыбжоуп ҳәа изуҳәартә дыҟамызт. Даара дласын. Изнапык ала акраиуан. Аҭаҭын ҿыхраан ицназгоз дыҟамызт. Акыр шықәса аус иухьан ашкол аҿгьы. Изнапык шимамызгьы алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара амаҭәар мҩаԥигон.
Аслан Ҳагба дыҟан амца ахьакуаз аҭыԥқәа рҟны. Аибашьра аветеран илшамҭақәа рзы ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи.
Аҿарпынарҳәаҩы Џьота Хьециа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2020
Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0