Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы азакәан аԥсахрақәа аларгалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысуеит жьҭаара 27 азы.
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа "Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ралхразы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит алхра аҽны 25 шықәса зхыҵхьоу, иреиҳау аҵара змоу ахаҿы.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит, иара игәаанагарала Апарламент адепутатрахь акандидат иреиҳау аҵара имазар шакәу.
"Ари акраҵанакуеит. Апарламент азакәанқәа здызкыло усбарҭоуп", - иҳәеит иара.
Азакәан аҩбатәи ахәҭаҷ афбатәи апункт ажәа "аҵарадырра" амхәуп, уи абасеиԥштәи аредакциала ишьақәыргылоуп: "Атәылауаа риратә, рсоциалтә, рыбзазаратә, рхаҵара-рыԥҳәысратә, русуратә ҟазшьа, рмилаҭратә, рбызшәатә ҭагылазаашьа, рдини рполитикатәи егьырҭ рдунеихәаԥшышьеи инарыдҳәаланы алхрақәа рылахәраз рзин аԥкра ҟалом" ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0