Еилагоу азакәан ашьҭрақәа сырхыланы…

© SputnikПроект Комитета по делам молодежи "Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала!"
Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәеи аӡыргареи рзы азакәанқәа аус ахьынӡаруеи, аусбарҭақәа рсаитқәа рҟны аԥсуа бызшәа ахархәара ахьынӡамоуи ртәы дазааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Жьҭаара 27 - Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа иамшуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Есышықәсеиԥш сынтәагьы абри амш иазкны сыҩтәы снадтәалоит, издыруада аиӷьхарақәа ҳамазар ҳәа. Аԥсны иҟоуп еиқәҿызҭуа азакәанқәа хԥа-Аҳәынҭқаратә бызшәазы азакәан, уи амчра аиуит 2007 шықәсазы апрезидент Сергеи Багаԥшь ихаан, аҩбатәи, уи раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихаан 2004 шықәсазы ирыдыркылаз "Аинформациатә хархәагақәа рзы азакәан", анаҩс, ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарратә бызшәа ахьчаразы зда ҳхәарҭам 2008 шықәсазы ирыдыркылаз "Аӡыргаразы азакәан". Абарҭ азакәанқәа рыхԥагьы рыхәҭаҷқәа зегьы аусура иалагахьеит, аха аилагарақәа раԥырҟәҟәааразы иҟаҵоу маҷуп.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2017
Ақьаад ианхалаз азакәан
Шьыжьла, Аҟәа агәы салсны аусурахь сцоит, Аиааира апроспект аҿы ахәаахәырҭатә дәқьанқәа урыхәаԥшыр иарбан тәылоу уахьыҟоу аилкаара уадаҩуп. Аԥсшәа усгьы рхы иадырхәомызт, уажәтәи аамҭазы "ахархәара амоуп" ҳәа азакәан аҿы иарбоу аурысшәагьы апозициақәа ацәыӡхьеит.
Аҩырақәа рӷьырак идуны англыз бызшәала икыдуп. Ҳара ҳрыԥхьоит англыз бызшәала ирдуны иҩу адәахьтәи аӡыргара иаҵанакуа аҩырақәа иаҳҳәап : "adl", "SvetaCosmo" "Garage" "Bomond" "SMARTBOX" ... Аиааира апроспект аҿы џьара-џьара иуԥылоит "Гәымсҭа", "Аҭаацәа рзы ашьаҵа", Амцабз" ҳәа ԥсышәала изну адәқьанқәа, аха рӷьырак зегьы англыз бызшәахь ииасхьеит. "Аӡыргаразы азакәан а-5-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи арбага ҳазааҭгылозар абас аҳәоит: "Англыз бызшәахь, аурсшәахь еиҭагоу аҩырақәа аҳәынҭқарратә бызшәала иану аҵкьыс еиҳазар ҟалаӡом" ҳәа. Аиҳара акәым, аԥсышәала зынӡагьы ианым. Ари зегь ахылаԥшра зуалу Аԥсны аиҳабыра роуп, аха азҵаатәы акырынтә ишышьҭаҳххьоугьы ахаҵгылара амоуит иахьанӡа. Иахаҵгылода аҳҭнықалақь асаит урысшәала мацара ицәажәозар, асоциалтә ҳақәа рҿгьы шамаха ԥсышәала иҩу аинформациа уԥыхьамшәозар, ииашоуп ԥсышәала авидео нҵамҭақәа анҳадыргало ыҟоуп рдаҟьаҿы.
Аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2019
Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа
Аҟәа мацара акәым, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо абызшәа азакәани уи иацназгогьы еилагоуп, аха убри аан есышықәса иазгәаҳҭоит аԥсуа бызшәа амш, нас, адырҩаҽны ишыҟаҳҵац еиԥш, еилаҳгаларц азы.
Абарҭ сызлацәажәо аилагарақәа еснагь еиԥш сгәы шԥыржәоз, снеит Жәлар реизара "Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адинхаҵареи, аинформациатә хархәагақәеи" рзы акомитет ахада Инар Саӡба иахь. Имӡакәа ишәасҳәап акомитет ахада ибзиаӡаны аԥсшәа шидыруа, аус алаиуртә аҟынӡа. Саӡба ихаҭа иажәа ахы икит, сызлацәажәоз аӡыргара азакәан аилагаразы. "Ари аилагаразы иазгәаҭоу ахараԥсақәа даара имаҷуп, агәҭакы ҳамоуп атәы здыруа алархәны азҵаатәы шьҭаҳхырц", - иҳәеит адепутат. Усықәшаҳаҭхома аԥсуа ҳәынҭқарраҿы аԥсуа бызшәа азакәан еилагоуп сҳәар, ҳәа исҭаз азҵаатәы "ааи" ҳәа аҭак ҟаиҵеит адепутат. "Апарламент аҿы зегь раԥхьаӡа азакәан аԥҵара аганахь алоуп аус шаҳуа, аха уи адагьы иҳалшоит ахылаԥшра. Еиҳаркгьы аилагарақәа ахьыҟоу аӡыргараҿоуп", - саҭеикит Саӡба.

Аӡыргара азакәан аилагаракәа дырзааҭгыло акомитет ахада: "Амаркетинг иадырҳәалоит ахәаахәҭҩцәа. Англыз бызшәала ианырҵар аахәаҩцәа еиҳа ироуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит", - иҳәеит. Аилагарақәа аныҟоу, Жәлар реизараҿы мҩас ирбо азы Саӡба абас саҭеикит: "Еиҳаракгьы асанкциа ҿыцқәа алагалатәуп. Ашәахтә 20 нызқь ҟауҵаргьы мҩак рыԥшаауеит азакәан авсразы. Даҽакала иаҳҭахуп. Асанкциа уи закәу – знык, ҩынтә, хынтә агәҽанҵара. Уи аӡыргара ықәрымгар, нас асанкциа аиустициа аминистрра аганахьала ахәаахәҭырҭа аусура ааннакылароуп".

Аиустициа аминистрра ҳәа дызҿу аҳәынҭқарратә бызшәала ицәажәо асаитгьы амаӡам. Асоциалтә ҳа феисбук аҿы ирыҩуа зегь урысшәалоуп ишану. Аҳәынҭқарратә бызшәа ҳтәылаҿы аус шауа ҭҵаауа, сырҭааит Аԥсны аиҳабыра рсаитқәа жәпакы. Уаҟа иуԥылоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа. Иаҳҳәап, Аԥсны ахадеи, Адәныҟатәи аусқәеи, акультуреи рминистррақәа иртәу-аԥсшәеи аурсышәеи еивагылоуп. Ииашоуп, аилкаара уадаҩуп аԥхьа иҭыҵыз ажәабжь аурыс версиа акәу, аԥсуа акәу. Избанзар, ажәабжь анҭыжьу аамҭа арбаӡам, арыцхә ауп ҳзыԥхьо. Еиҳаракгьы урҭ асаитқәа рҿы аурысшәахьтә аԥсшәахь еиҭазго ауаа аус руеит.
Апресс- маҵзурақәа русура атәы ҳҳәозар, Инар Саӡба ишсеиҳәаз ала, иаҳҳәап, Жәлар реизараҿы аизара аилатәара аҟынтә ԥсышәала ажәабжь зыҩуа дрымаӡам. Аус руеит аиҭагаҩцәа. Абас иҟоуп шамаха апресс-маҵзурақәа русура, уи ауп ԥсышәала аус зуа ажурналстцәа иаарласны астатиа рҩырц рҭахызар рхала аиҭагара зрықәшәо.
Саида Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Арадио
Ҳаџьымԥҳа абызшәа азакәан азы: иагу - анагӡароуп
Аԥсны аминистрцәа реилазаара асаит акәзар зынӡа иҟаӡам аԥсуа версиа. Аиустициа аминистрра асаит амоуп, аха ԥсышәала ажәабжьқәа анӡам. Аекономика аминистрра асаит амоуп, аха хышықәса раахыс ԥсышәала ицәажәо аинформациа ықәгылаӡам. Асаит аԥсуа хәҭа аауртыр уаԥхьоит 15. 02. 2019 шықәсазы иҭыжьу ажәытә жәабжь "Шәача ақ. аҟны Аҧсни Урыстәылеи рбаҕәазақәа рыбжьара акруизтә еимадара иазку аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп… Жәабранмза 14, 15 рзы Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Урыстәылатәи аинвестициатә форум аусура далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа дацны".
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра асаит зынӡагьы иадсымбалеит. Асоциалтә ҳа феисбук аҿы аминистрра лассы-лассы ажәабжьқәа ҳаднагалоит ҩ-бызшәак рыла.
Инар Саӡба абарҭ имариам азҵаатәқәа рыӡбаразы: "Аамҭа аҽаԥсахуеит азакәанқәагьы алагала рҭахуп. Иахьа аинформациа Аԥсны аинтернет аҟынтәоуп ауаа иахьрылаҵәо, убри азы – аԥсахрақәа аҭахуп", - иҳәоит. Изуалда аԥсахра ҳәа азҵаара аниоу аполитик қәыԥш абас аҭак ҟаиҵеит: "Абарҭ зегь шыӡбатәу ҳдыруеит, аха апарламент аҿы еиҳарак асоциалтә зҵаарақәа, иаҳҳәап абылтәы еиԥш иҟоу шьҭаҳхуеит уажәазы".
апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2018
Лили Ҳагԥҳа: абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, – мамзар иаангылоит
Абызшәа ахаҭа иазыҷҳар, ҳаԥшгәышьап шысгәахәуаз Апарламент ахыбра аансыжьит. Адепутат сақәиргәыӷит дук хара имгакәа хыхь ҳазлацәажәоз рӷьырак акомитет аилатәараҿы ишахәаԥшуа...
Уахьынаԥшааԥшуа иахьа иазгәаҳҭо Аԥсуа бызшәа амш иадҳәало азакәанқәа зехьынџьара еилагоуп, ихьыԥшым, ахатәы информациатә хархәагақәа ртәы ҳҳәозар, аҳәынҭқарра есымза ацхыраара шырнаҭогьы, аԥсышәала аус руӡом, азакәан иавсуеит. Иавсуеит избанзар, лахь рызҭо дыҟаӡам. Ирызҭаша рхаҭа еиларгоит азы…
Аоппозициатә мчрақәа иртәу асоциалтә даҟьақәеи ателеграмм-каналқәеи ртәы сҳәозар, урысшәалоуп аус шыруа, рхы дырааԥсом ҳәынҭқарратә бызшәала аҳәамҭақәа рыҟаҵаразы. "Аԥсны жәлар ракзаара афорум", "Аруаа", "Аидгылара" рдаҟьақәа зегь хҟьоуп иҳәынҭқарратәым абызшәала. Убасҵәҟьа иҟоуп амчра иадгыло аполитикатә партиа "Амцахара" аусушьа, рҳәамҭақәа зегь урсышәала ирыҩуеит.
Аҵыхәтәантәи сазгәаҭақәа ртәы сҳәозар, асоциалтә ҳа феисбук аҿы ицәырҵит агазеҭ "Аԥсны" адаҟьа. Уи амилаҭтә газеҭ ажәабжьқәа ауаа рылараҵәаразы имҩа бзианы избоит, иҵегь оперативла аус азур. Ԥсышәалеи урысшәалеи аус руеит Аԥсуа телехәаԥшреи, Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны, иара убас, еиуеиԥшым агазеҭқәа, ажурналқәа ҭыҵуеит ҳтәылаҿы, аха ари азхом зпозициақәа каԥсо иааиуа Аԥсны ахәынҭқарра - ҳәынҭқарратә бызшәас иамоу – аԥсшәа….
Абас иҟоуп еилагоу азакәан ашьҭрақәа сырхыланы сахьнеиуаз сыла иабаз. Абас иҟан ииасыз амчра аамҭазгьы…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0