Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аделегациа алахәын Урыстәылазегьтәи аепидемиологцәа реилазаара аизара ду

© Foto / Министерство здравоохранения АбхазииДелегация из Абхазии приняла участие в съезде Всероссийского общества эпидемиологов
Делегация из Абхазии приняла участие в съезде Всероссийского общества эпидемиологов - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылазегьтәи епидемиологцәеи, амикробиологцәеи, апаразитологцәеи реилазаареи" агигиенистцәеи, атоксикологцәеи, асанитартә ҳақьымцәеи Урыстәылазегьтәи реизара ду мҩаԥысит Москва, жьҭаара 26-28 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылазегьтәи епидемиологцәеи, амикробиологцәеи, апаразитологцәеи реилазаареи" агигиенистцәеи, атоксикологцәеи, асанитартә ҳақьымцәеи Урыстәылазегьтәи реизара ду иалахәын ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны СЕС аҳақьым хада Алла Белиаева.
Белиаева лажәақәа рыла, ауснагӡатә апрограмма акыр аинтерес аҵан, арккаратә ҵакы аман. Апрограмма иалан аԥсабара-хыҵхырҭатә секциаз, адунеи аҿы абиологиатә шәарҭарақәа рҿагылараз, аҿкчымазарақәа репидемиологиатә хылаԥшраз, арҳәарахтә епидемиологиатә ҿкчымазарақәа рзы алекциақәа. Иара убасгьы ирылацәажәан амикробиологиатә ҭҵаара ҿыцқәа рметодқәа, иӡырган атест-система ҿыцқәа, ахархәагақәа.
Белиаева иазгәалҭеит секциацыԥхьаӡа ажәахәҟаҵаҩцәа акоронавирустә инфекциа аҿагылара аҭоурых ишалацәажәоз.
"Аинтерес ду змаз ажәахә ҟаҵан Киров ихьӡ зху Арра-медицинатә академиаҟынтә. Ажәахә аепидемиа аан аҽыхьчаратә цәамаҭәа иазкын. Иӡырган аекспресс-тестқәа, ахәыҷӡақәа рзгьы налаҵаны. Урҭ рзы иҭрыжьуа иалагеит рҿаҟны агәаҭара алзыршаша атест-системақәа", - лҳәеит лара.
Асанепидеммаҵзура аиҳабы лажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рылахәхара атеориа адагьы апрактикатә дыррақәа урҭоит.
"Иаҳҳәап, арҳәарахтә ҿкчымазарақәа рдиагностиказ ҳлабораториатә усура еиҭаҳкроуп, избанзар ишьақәырӷәӷәахеит 2012 шықәса раахыс уаанӡа ишыҟаз аиԥш абактериатә акәымкәа авирустә еилазаара аԥыжәара шамоу ари ачымазараан. Уи ҳаргьы игәаҳҭахьан, аха ҳара ара аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу амаругақәа ҳамам. Аҭҵааратә институт аҿы ари аҩыза аҭҵаарақәа рымҩаԥгара рҭак шамахамзар шә-процентк инаӡоит. Уа зқьыла анализқәа мҩаԥыргоит. Аҭакԥхықәрагьы ацуп. Ҳара уаанӡа абаклабораториа ҳақәгәыӷуазҭгьы, ушьҭарнахыс ҳусура еиҭаҳкуеит, аԥыжәара аҳҭоит амолекулиартә ҭҵаара", - лҳәеит лара.
Лечение больных Covid-19 в краевой инфекционной больнице Ставрополя - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Аԥсны
Алла Белиаева: COVID-19 иааубартә иԥсыҽхо иалагеит
Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылазегьтәи епидемиологцәеи, амикробиологцәеи, апаразитологцәеи реилазаареи" агигиенистцәеи, атоксикологцәеи, асанитартә ҳақьымцәеи Урыстәылазегьтәи реизара ду иалахәын аҵарауаа Белоруссиа, Ҟазахстан, Виетнам, Китаи, Монголиа, Гвинеиа атәылақәа рҟынтәи, Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара, ЕАР афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара рхаҭарнакцәа.
Аԥснытәи аделегациа хадара азиуан Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, иалахәын: Ареспубликатә санитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа.
Вакцинация от гриппа в Краснодаре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Аԥсны
Асанепидмаҵзура аиҳабы илҳәеит аимҳәа чымазаразы алаҵа зхыҟаҵатәу
Ажәабжьқәа зегьы
0