Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апианинорҳәаҩ Дмитри Маслеев иконцерт ҟалоит Аԥсны

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗакрытие XIV Зимнего международного фестиваля искусств Ю. Башмета
Закрытие XIV Зимнего международного фестиваля искусств Ю. Башмета - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысраны иҟоу амузыкатә хәылԥазы еиҿкаауп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуратә хҭысқәа реимдара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Апианинорҳәаҩ, урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аицлабрақәа рлауреат Чаиковски ихьӡ зху XV Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны 2015 шықәса рзы иааиз Дмитри Маслеев иконцерт ҟалоит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.
Амузыкатә хәылԥазы мҩаԥысуеит абҵара 18 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Аконцерт апрограмма иалоуп еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аклассикатә аԥҵамҭақәа - Бетховен, Чаиковски, Рахманинов ирҩыз.
Уи адагьы, абҵара 17 рзы амузыкант Аԥсуа драматә театр аҿы амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудентцәеи аҟазаратә класс рзымҩаԥигоит.
Маслеев Аԥсныҟа иаара алыршахеит апрограмма "Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә усмҩаԥгатәқәа реимдарақәа" ала. Иара убас абри апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны абҵара 19 рзы аҳҭнықалақь аҿы иқәгылоит аџьазтә оркестр "Георги Гараниан и-Биг бенд" – амузыкантцәа инарыгӡоит аџьазтә композициақәеи, еицырдыруа ашәақәеи, асовет аамҭазтәи ахитқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0