Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада ареспублика игәазырԥхаз еиҭеиҳәеит

© SputnikРоссотрудничество
Россотрудничество - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа иҟоу Россотрудничество жәаха шықәса ҵуеит агуманитартә хырхарҭала аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа аус рыднаулоижьҭеи.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. "Аԥсны"- "Аԥсынтәыла" арҭ ажәақәа ииашаҵәҟьаны ареспублика зеиԥшроу рныԥшуеит, абри атәы иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов.

"Иџьашьахәу тәылоуп. Раԥхьа инаргыланы аԥсабара аԥшӡареи абеиареи. Ауааԥсыра ракәзар, ацхыраареи авагылареи иазыхиоуп. Зегь реиҳа исгәаԥхо иреиуоуп аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа ҳаҭыр ду ахьақәырҵо", - иҳәеит Федотов.

Федотов иажәақәа рыла, Аԥсны изықәныҟәо аҵасқәа рҟынтәи иџьаишьаз иреиуоуп аҭаца лабхәеи аиҳабацәеи рҟны дахьымцәажәо, уи азы азин лымамзар.
"Ауацәеи аҭынхацәеи еибагар ахьыҟамло уамашәа избоит. Егьырахь, Аԥсны тәыла ԥшӡоуп, ауаа ргәы аартуп", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада.
Россотрудничество ахаҭарнакра Аԥсны аус ауеит 2009 шықәса ԥхынҷкәын 18 раахыс. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада ҿыц Дмитри Федотов инапынҵақәа рынагӡара далагеит рашәара 6 2022 шықәса инаркны.
Вступительные экзамены в агу - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
Россотрудничество аиҳабы аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа ирыцҵахоит иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0