Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиа Аԥснытәи Аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиа Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа иазкны
Анапаҵаҩра
Очамчыра иҟоу Аԥснытәи Аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа иаԥсҭазаашьои иахьа, уи иамоу алшарақәеи, аус здыруло атәи арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵарауаҩ-абиолог, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.
Аԥснытәи Аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа аҭоурых аҿы иҟоуп аамҭак, аусура даара иманшәалан ианыҟаз, адунеи аҿы иара зегьы иаарылукаартә иҟан иҳәеит Бебиа аиҿцәажәараҿы.
"Иахьа аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Астанциа атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы изызҳауа аҵлақәа уаҩы ихәаша, иааганы абра иԥыршәон, иҭырҵаауан. Аԥсны иахәо ҳәа иаҳа ишьақәыргыланы, анаҩс аҿиарахьы ирырҭон. Убра иҭырҵаахьеит зқьы хкы инаркны аҵла хкқәа. Урҭ рҟынтә 30 рҟынӡа иахьа ишьақәыргылоуп. Инаган еиҭауҳар, абнааӡаразы ибзиахон", - иҳәеит Бебиа.
Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭаз астанциа аспециалистцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу, насгьы инаныгӡо аус атәы. Убри аан иазгәеиҭеит ҳтәылаҿы ахәаҷақәа зыхшьаара иаҿу ашыци ахьеи рзы аусурақәа ишырҿу, ашыц аҵиаақәа реиҭаҳатә шрымоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0