Путин Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара инамаданы Ердоган дидышшылеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит президента РФ В. Путина в Казахстан
Визит президента РФ В. Путина в Казахстан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Анапаҵаҩра
Амҽыша шьыбжьон аҩны ԥжәеит Сҭампыл агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан фҩык ауаа ҭахеит, 53-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа.
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара инамаданы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган дидышшылеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.
В центре Стамбула прогремел взрыв - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Ҭырқәтәыла ААР: Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп
"Ҳаҭыр зқәу Ҭырқәтәыла ахада гәалсра дула сшәыдышшылоит Сҭампыл иҟалаз атеррористтә акт ахлымӡаах азы. Иҭахаз рҭаацәара срыдышшылоит, ахәра зауз зегьы иаарласны ргәабзиара шьақәгылааит. Атерроризм аҿагыларазы аусеицура сшазыхиоу даҽазныкгьы ишьақәсырӷәӷәоит", - азгәаҭоуп адышшылараҿы.

Урыстәылауаа хҩык аахақәа роуит Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара иахҟьаны, рыԥсҭазаара ԥырхага амам, рҳеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Амҽыша шьыбжьон аҩны ԥжәеит Сҭампыл агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан фҩык ауаа ҭахеит, 53-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа. Ахада ихаҭыԥуаҩ Фуат Октаи иҳәеит 81-ы аахақәа шроуз, Сҭампыл иҟалаз аԥжәара терактуп ҳәа. Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу.
Иаанкылоу аԥхәыс илҳәеит аусеицура шрыбжьаз Ҭырқәтәыла террорист еиҿкаараны иԥхьаӡоу Курдисҭан Аусутә партиеи (РПК) жәлар рҽыхьчара акурдтә Отриадқәеи (YPG) лареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0