Лавров Евроеидгылеи НАТОи Украинатәи аимак гибрид-лахәылацәоуп ҳәа азгәеиҭеит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика, ганкахьала Украина ацхыраара аҭара аҽаганкахьала аимак ҭынчымҩала аҭышәныртәалара, Лавров "аполитикатә хаҭаратә ҽеиҟәшароуп" ҳәа ахиҳәааит.
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Евроеидгылеи НАТОи Украинатәи аимак гибрид-лахәылацәоуп ҳәа рхиҳәааит. Асеиԥш аҳәамҭа ҟаҵоуп асаммит G20 аихшьаалақәа ирызку апресс-конференциаҿ.
"Евроеидгылеи НАТОи Украинатәи аимак гибрид-лахәылацәоуп. Арахь иаҵанакуеит Украина бџьарла аиқәыршәара, аруаа разыҟаҵара", - иҳәеит иара.
Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит Мраҭашәара Украинаҟа қьырала аибашьцәа шынанашьҭуа, Киев аԥшыхәратә дыррақәа шанаҭо.
Убри аан Лавров иҳәеит Киев мраҭашәаратәи апартниорцәа рацәак ишырзымӡырыуа аиҿцәажәарақәа рганахь ала, уи азы аханатә уздымгылаша, иудумкылаша адҵақәа шыҟанаҵо.
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Лавров: Урыстәыла аекономика аҿиара аӡәгьы изынкылом
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит асаммит аҿы Германиа аканцлер Олаф Шольци Франциа ахада Еммануель Макрони дшырԥылаз. Урҭ аимак ҭынчрыла аҭышәныртәалара иадгылаҩцәоуп иҳәеит. Лавров урҭ идеилиркааит Украина ари апроцесс ишаԥгыло, Зеленски хаҭала Урыстәыла аҿцәажәара дшақәшаҳаҭым.
"Аҩажәа ду" асаммит индонезиатәи адгьылбжьаха Бали имҩаԥысуеит абҵара 15-16 рзы. Урыстәыла ахьӡала иара далахәуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Ажәабжьқәа зегьы
0