Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы иҭацәу амаҵзурақәа роуразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2022
Анапаҵаҩра
Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Ахада Иусбарҭаҿы иҭацәу амаҵзурақәа: АИХқәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы, апресс-маҵзура ажурналист, аҳәынҭқарратә зиндырратә Усбарҭа ареферент аиҳабы роуразы аиндаҭлара рылаҳәоуп.
Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, апресс-маҵзура атәылауаа ииашоу аинформациа ирлас рызнагараҿы акрызҵазкуа усбарҭоуп.
"Ахада Иусбарҭа аинтерес аанарԥшуеит аҭакԥхықәреи адырреи змоу апрофессионалтә команда аиҿкаара. Ҳара ари аԥышәа ԥхьаҟагьы ҳхы иаҳархәалоит. Иҭацәу амаҵзурақәа рхарҭәаараз адагьы зус здыруа, аԥеиԥш змоу акадртә резерв аиҿкаараз", - иҳәеит Нанба.
Аиндаҭлара ахалархәраз иаҭахуп:
арзаҳал
анысымҩа
ахаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументи иара ахкьыԥхьааи
аџьатә шәҟәи иара ахкьыԥхьааи
азанааҭтәи ҵареи ма аҽа ҵараки рымазаара шьақәзырӷәӷәо адокументқәеи урҭ рыхкьыԥхьаақәеи
аҭаацәара алалареи ахшара рымазаареи рзы аршаҳаҭгақәеи урҭ рыхкьыԥхьаақәеи.
Азеиԥш ҟазаратә ҭахрақәа:
Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра
иреиҳау аҵара
амассатә коммуникациақәа русхк аҟны аусуратә стаж (АИХқәа рымадараз аусбарҭаҿ)
аԥсуа бызшәа адырра.
Ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа арзаҳал анашьҭра ҟалоит: email: apsny_ahada@mail.ru. Аинформациа аиуразы аҭел: +7(840) 229-75-39; +7(940)775-92-09.
Апресс-маҵзура ажурналист иҟазаратә ҭагылазаашьа аҭахрақәа рзы аинформациа – азхьарԥш ахь.
АИХқәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы иҟазаратә ҭагылазаашьа аҭахрақәа рзы аинформациа – азхьарԥш ахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0