Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина итҟәаны ирымаз урыстәылатәи аруаа ргәабзиара шьақәдыргылоит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозвращение российских военнопленных с территории Украины
Возвращение российских военнопленных с территории Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2022
Анапаҵаҩра
Абҵара 26 рзы Украина итҟәаны ирымаз Урыстәыла аруаа жәҩык рхы иақәиҭуп.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Украина итҟәаны ирымаз Урыстәыла аруаа жәҩык рыхынҳәра зныԥшуа авидеонҵамҭа акьыԥхьит, аруаа ргәабзиара шьақәыргылатәуп ҳәа иҳәеит дара гәазҭаз аҳақьым.
"Иааидкыланы ргәабзиара ашәарҭара иҭагылам, аха аҽыхәшәтра иахысроуп. Рыԥсы ҭоуп, ахәшәтәырҭақәа рҟны ишьақәгылоит", - иҳәеит аҳақьым.
Урыстәылаҟа ихынҳәыз атҟәаҩы иажәақәа рыла, инапы ԥҵәан, аха ииашамкәа абҩа ахьеиҿартәаз иахҟьаны инапы ихәаӡом. Егьырҭ ихынҳәыз аруаа рыбжьара ахы злоу, абҩаԥҵәа змоу, ирԥҟоз ыҟоуп.
Москвеи Киеви реиҿцәажәарақәа ирлыҵшәаны имҩаԥысуеит аҩганк рыбжьара аҭҟәацәа реиҭныԥсахлара. Убыс, абҵара 24 рзы Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык урыстәылатәи аруаа рхы иақәиҭын, уи аԥхьаҟа 30-ҩык.
Иара убас, абҵарамза алагамҭаз мҽхакы ҭбаала атҟәацәа еимдан. Усҟан Урыстәылаҟа ихынҳәит 107-ҩык асолдаҭцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0