https://sputnik-abkhazia.info/20221128/sputnik-amchybzh-urystylanti-afymtsa-aiura-ainvestitsiat-saaa-akultura-ay-atsy-1042837319.html
Sputnik амчыбжь: Урыстәылантәи афымца аиура, аинвестициатә сааҭқәа, акультура аҿы ацәыӡ
Sputnik амчыбжь: Урыстәылантәи афымца аиура, аинвестициатә сааҭқәа, акультура аҿы ацәыӡ
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит абҵара 21-27 рзы амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа. 28.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-28T09:00+0300
2022-11-28T09:00+0300
2022-11-28T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны аенергетика апроблемақәа
аекономика
аполитика
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/1a/1031702224_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_a04e9f415991601709e9ba31bdd2f16b.jpg
Аусутә еилатәарақәаИҳаҩсыз амчыбжь азы аԥсуа чынуаа ҳтәылеи уи анҭыҵи рҟны аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥыргеит.Абҵара 23 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа аҽеизакратә еиҿкаара иахьынӡазыхиоу аилкааразы Атәыла ахада Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.Ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, аиԥылара иалахәыз атәыла ахада изеиҭарҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҟны ирыдыркылаз аӡбамҭақәа шынагӡо атәы.Аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсны даҭааит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә транспорт агәаҭаҩ хада Виктор Басаргин. Уи дидикылеит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи атранспорттә усхк аҟны русеицура иалацәажәеит.Анқәаб иажәақәа рыла, Басаргин лҵшәа бзиалатәи иусура иабзоураны Аԥсны асоциалтә хыбрақәа акырӡа еиҭашьақәыргылан, иара убас ақыҭанхамҩа аусхк аҟны еиуеиԥшым апроектқәа нагӡан.Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА амцарцәаратә маҵзура Академиа анапхгара дырԥылеит ашәахьа абҵара 21 азы.Аусбарҭа апресс-маҵзура ишазгәанаҭо ала, аиԥылараҿы ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа, аԥснытәи аиқәырхаратә усбарҭа азы акадрқәа разыҟаҵара азҵаара.Ахаша абҵара 23 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалбеи еиԥылеит. Аганқәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит, урҭ реиҳарак аамҭа кьаҿ иалагӡаны инагӡахоит.Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара иалацәажәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчараз азыҳәа нашьҭын ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ лахь.АенергетикаАбҵара 9 инаркны Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәон. Аԥкрақәа алагалан "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәеи, иара убас Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи ирыхҟьаны.Абҵара 22 рзы Аслан Бжьаниа атәыла аҩнуҵҟа афымцамчи аинвестициатә усеицуреи рзы хра злоу азҵаарақәа ирызкны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа Урыстәылантәи афымцалашара аиуразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра алыршоуп ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган."Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба иажәақәа рыла, Аԥсны афымцамч иахәҭоу аасҭа миллион киловатт-сааҭ еиҳаны ахы ианархәоит.Аиқәшаҳаҭрақәеи атуризмиАҩаша абҵара 22 рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны 2022-2025 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиаразы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.Иара убас иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Аԥсны Жәлар адепутат Адгәыр Ҳаразиеи Аҳәынҭдума ахаҭарнакцәеи алацәажәеит атуризм ахырхарҭала Аԥсни Урыстәылеи русеицура. Аиԥылараҿы иалацәажәеит атуризм аусхк аҿиара, аинвестициақәа радԥхьалара, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра арманшәалара уҳәа.Ихадоу азҵаараАԥсны аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган Аслан Бжьаниа изеиҭалҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвестори лареи реиҿцәажәара атәы. Озган лажәақәа рыла, Аҟәатәи ҳаирбаӷәаза хәҭа-хәҭалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи аргыларақәа рхатәреи азҵаарақәа рҿы, аԥсуа гани аинвестори рыбжьара аҳәоуеиқәымшәарақәа цәырҵит ҳәа.Урыстәылатәи аинвестор далахәны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап адыркит 2018 шықәсазы.Европарламент иаларгалаз аԥкрақәаЕвропарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.ААР аҟны Аԥсны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ЕП мап рыцәкразы еичырчароуп рҳәеит."Евроеидгыла Аԥсны адунеи аҟәыҭхаразы Қарҭ имҩаԥнаго аполитика иадгылоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.Жәларбжьаратәи азинқәа ирҿагыло аӡбамҭақәа рыдкыларазы аԥсуа дипломатцәа агәҭынчымра аадырԥшит.Аконституциа амшАбҵара 26 Аԥсны иазгәарҭеит Аконституциа амш. Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит Аконституциа - ари аҳәынҭқарратә шьақәгылара анормақәа шьаҿа-шьаҿала аҿиареи, аиҭакра ҿыцқәеи алзыршо, Аԥсны жәлар рԥеиԥш агәрагара рызҭо ак акәны ишыҟоу. Азакәан хадеи уа иарбоу анормақәеи апринципқәеи рықәныҟәарала иахьа жәларбжьаратәи азин иаҵанакуа субиектны иҟоу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ҳшаҿу.Иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аконституциа амш рыдиныҳәалеит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи.Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, Атәыла азакәан хада аԥҵан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы. Иналукааша аполитикцәеи, аҵарауааи, азиндырҩцәеи ирыбзоураны атәыла иаиуит аԥхьаҟа аҳәынҭқарратә ргылара, атәылуаҩратә уаажәларра адемократиатә институтқәа рыҿиара уасхырс ироуз акрызҵазкуа амаруга.Аконституциа амш Аԥсны жәлар ирыдырныҳәалеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аомбусмен Асида Шьаҟрыл, Приднестровиа ахада Вадим Красносельски.Амедицинаҿы иҟоу аихьӡарақәаАультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика аппарат ықәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.Атәылахьчара аминистрра агоспиталь ахирургиатә ҟәшеи аԥҟарҭеи шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп.Арҿеиратә усурақәа мҩаԥгоуп ахатәымчқәеи аспонсорцәеи рымчала иҳәеит Џьынџьал.Агәабзиарахьчара аминистрра амедусбарҭа ианаҭеит аԥҟаратә хархәагақәа, акоагулиаторқәа, аԥҟаратә лампақәа, аԥҟарҭатә стол, арентген аппарат, автоклав.Пикассо иҭынха Дырмит Гәлиа ихьӡ зхуа алитературатә-мемориалтә музеи иатәу Пабло Пикассо исаан ыӡит, абри атәы ателеканал "Абаза-ТВ" иазеиҭарҳәеит амузеи аусзуҩцәа.Анҵамҭа аҟны иазгәаҭоуп, Пикассо исаани франциатәи аскульптор Фернан Леже иусумҭақәа ҩбеи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ҳамҭас иеиҭеит асоветтә шәҟәыҩҩы Константин Симонов.Антиквариат ҵәахын Аԥсны абанк аҟны, аха жәабран 25 2021 шықәсазы амузеитә ҭынха аҵәахырҭантәи идәылигеит уаанӡатәи акультура министрс иҟаз Гудиса Агрба. Мшаԥымза 20 рзы Агрба даанкылан имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аҳәынҭқарратә мазара мҽхакы ҭбаала еимҵәаны ихатәитәит ҳәа. Иҟаиҵаз аԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ артәеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵраАԥны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазку аконференциа аатит Аҟәа. Аҭҵаарадырратә конференциа еиҿыркааит Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети.Лаҵара 28, 1930 шықәсазы Аԥсны Арккаразы жәлар ркомиссариат академиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа аиҭакразы ақәҵара аднакылеит. 1931 шықәса нанҳәа 5 рзы еидҵан Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаареи аԥсуа бызшәеи алитературеи Рыҭҵаарадырратә институти. Ацентр ҿыц Аԥснытәи атәылаҿацә аҭҵаарадырратә институт ҳәа хьӡыс иаҭан.
https://sputnik-abkhazia.info/20221123/aslan-bzhania-asny-asharadarat-kheilak-ailatara-maigeit-1042774910.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221124/atransportt-uskhk-any-ruseitsura-ialatsazheit-aleksandr-anabi-viktor-basargini-1042776065.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221121/lev-kynia-urystyla-aa-amtsartsarat-mazura-akademia-anapkhgara-dyryleit-1042736703.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221121/khra-zlou-akhysa-blabba-ayn-asny-fymtsala-aiyrshara-iazkny-1042735295.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221126/ayndumay-aturizm-akhyrkharala-asni-urystylei-ruseitsura-ialatsazheit----1042815412.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221127/gytsba-eieieit-asny-atylauaa-avizaa-ryakhom-a-ee-iadnakylaz-abama-shanyshua-1042829911.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221126/asny-azakan-khada-rydyrkyleizhei-28-shysa-it--1042817806.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221125/gagrei-pitsundei-rraiont-khshtyraa-ry-amaruga-ytsa-yyrgyloup-1042790884.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221122/aa-iaatit-asny-aaaradyrrat-eilazaara-100-shysa-akhyra-iazku-akonferentsia--1042750735.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/1a/1031702224_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_eda0e0915f88684cff84e288061793f7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны аенергетика апроблемақәа, аекономика, аполитика, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны аенергетика апроблемақәа, аекономика, аполитика, акультура
Sputnik амчыбжь: Урыстәылантәи афымца аиура, аинвестициатә сааҭқәа, акультура аҿы ацәыӡ
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит абҵара 21-27 рзы амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы аԥсуа чынуаа ҳтәылеи уи анҭыҵи рҟны аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥыргеит.
Абҵара 23 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа аҽеизакратә еиҿкаара иахьынӡазыхиоу аилкааразы Атәыла ахада Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, аиԥылара иалахәыз атәыла ахада изеиҭарҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҟны ирыдыркылаз аӡбамҭақәа шынагӡо атәы.
Аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсны даҭааит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә транспорт агәаҭаҩ хада Виктор Басаргин. Уи дидикылеит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи атранспорттә усхк аҟны русеицура иалацәажәеит.
Анқәаб иажәақәа рыла, Басаргин лҵшәа бзиалатәи иусура иабзоураны Аԥсны асоциалтә хыбрақәа акырӡа еиҭашьақәыргылан, иара убас ақыҭанхамҩа аусхк аҟны еиуеиԥшым апроектқәа нагӡан.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА амцарцәаратә маҵзура Академиа анапхгара дырԥылеит ашәахьа абҵара 21 азы.
Аусбарҭа апресс-маҵзура ишазгәанаҭо ала, аиԥылараҿы ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа, аԥснытәи аиқәырхаратә усбарҭа азы акадрқәа разыҟаҵара азҵаара.
Ахаша абҵара 23 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалбеи еиԥылеит.
Аганқәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит, урҭ реиҳарак аамҭа кьаҿ иалагӡаны инагӡахоит.
Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара иалацәажәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчараз азыҳәа нашьҭын ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ лахь.
Аганқәа иазгәарҭеит арҭ атәылауаа ркатегориа иаҵанакуа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы иԥшаатәу амҩақәа.
Абҵара 9 инаркны Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәон. Аԥкрақәа алагалан "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәеи, иара убас Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи ирыхҟьаны.
Абҵара 22 рзы Аслан Бжьаниа атәыла аҩнуҵҟа афымцамчи аинвестициатә усеицуреи рзы хра злоу азҵаарақәа ирызкны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа Урыстәылантәи афымцалашара аиуразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра алыршоуп ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Уи аҽны ахәылбыҽха "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагеит ҳәа адырра ҟанаҵеит.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба иажәақәа рыла, Аԥсны афымцамч иахәҭоу аасҭа миллион киловатт-сааҭ еиҳаны ахы ианархәоит.
Аҩаша абҵара 22 рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны 2022-2025 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиаразы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аиларкаагатә шәҟәы аҿы иазгәаҭоуп аиқәшаҳаҭра шазырхоу ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылараҿ ацхыраара аҭара, ауааԥсыра рыбзазара аиӷьтәра. Иазгәаҭоуп аиқәшаҳаҭра адгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раԥхьа иргыланы аекономика аусхкқәа, акредитҭара асистема, ашәахтә напхгараҭаратә система иара убасгьы, асоциалтә ныхрақәа рԥаразоужьра ишацхраауа.
Иара убас иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Аԥсны Жәлар адепутат Адгәыр Ҳаразиеи Аҳәынҭдума ахаҭарнакцәеи алацәажәеит атуризм ахырхарҭала Аԥсни Урыстәылеи русеицура.
Аиԥылараҿы иалацәажәеит атуризм аусхк аҿиара, аинвестициақәа радԥхьалара, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра арманшәалара уҳәа.
Аԥсны аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган Аслан Бжьаниа изеиҭалҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвестори лареи реиҿцәажәара атәы. Озган лажәақәа рыла, Аҟәатәи ҳаирбаӷәаза хәҭа-хәҭалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи аргыларақәа рхатәреи азҵаарақәа рҿы, аԥсуа гани аинвестори рыбжьара аҳәоуеиқәымшәарақәа цәырҵит ҳәа.
Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашьҭԥраара-артәаратә цәаҳәеи аҳаирбаӷәазатә инфраструктуреи хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарра ишатәу. Аԥсуа ган ахатәра ишақәиҭу азҵаараҟны хьаҳәа-ԥаҳәрада агәаанагара шамоу.
Урыстәылатәи аинвестор далахәны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап адыркит 2018 шықәсазы.
Европарламент иаларгалаз аԥкрақәа
Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.
ААР аҟны Аԥсны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ЕП мап рыцәкразы еичырчароуп рҳәеит.
"Евроеидгыла Аԥсны адунеи аҟәыҭхаразы Қарҭ имҩаԥнаго аполитика иадгылоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Жәларбжьаратәи азинқәа ирҿагыло аӡбамҭақәа рыдкыларазы аԥсуа дипломатцәа агәҭынчымра аадырԥшит.
Абҵара 26 Аԥсны иазгәарҭеит Аконституциа амш. Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит Аконституциа - ари аҳәынҭқарратә шьақәгылара анормақәа шьаҿа-шьаҿала аҿиареи, аиҭакра ҿыцқәеи алзыршо, Аԥсны жәлар рԥеиԥш агәрагара рызҭо ак акәны ишыҟоу. Азакәан хадеи уа иарбоу анормақәеи апринципқәеи рықәныҟәарала иахьа жәларбжьаратәи азин иаҵанакуа субиектны иҟоу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ҳшаҿу.
Иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аконституциа амш рыдиныҳәалеит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, Атәыла азакәан хада аԥҵан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы. Иналукааша аполитикцәеи, аҵарауааи, азиндырҩцәеи ирыбзоураны атәыла иаиуит аԥхьаҟа аҳәынҭқарратә ргылара, атәылуаҩратә уаажәларра адемократиатә институтқәа рыҿиара уасхырс ироуз акрызҵазкуа амаруга.
Аконституциа амш Аԥсны жәлар ирыдырныҳәалеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аомбусмен Асида Шьаҟрыл, Приднестровиа ахада Вадим Красносельски.
Амедицинаҿы иҟоу аихьӡарақәа
Аультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика аппарат ықәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"2,6 миллион мааҭ зыхәԥса наӡо аультрабжьытә аппарат Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа ҳамҭас иеиҭеит Саид Лолуа. Иара аусура иаладыргахьеит, ареспублика атәылауааи асасцәеи рымаҵ ауеит. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр Едуард Быҭәба.
Атәылахьчара аминистрра агоспиталь ахирургиатә ҟәшеи аԥҟарҭеи шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп.
Арҿеиратә усурақәа мҩаԥгоуп ахатәымчқәеи аспонсорцәеи рымчала иҳәеит Џьынџьал.
Агәабзиарахьчара аминистрра амедусбарҭа ианаҭеит аԥҟаратә хархәагақәа, акоагулиаторқәа, аԥҟаратә лампақәа, аԥҟарҭатә стол, арентген аппарат, автоклав.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зхуа алитературатә-мемориалтә музеи иатәу Пабло Пикассо исаан ыӡит, абри атәы ателеканал "Абаза-ТВ" иазеиҭарҳәеит амузеи аусзуҩцәа.
Анҵамҭа аҟны иазгәаҭоуп, Пикассо исаани франциатәи аскульптор Фернан Леже иусумҭақәа ҩбеи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ҳамҭас иеиҭеит асоветтә шәҟәыҩҩы Константин Симонов.
Антиквариат ҵәахын Аԥсны абанк аҟны, аха жәабран 25 2021 шықәсазы амузеитә ҭынха аҵәахырҭантәи идәылигеит уаанӡатәи акультура министрс иҟаз Гудиса Агрба. Мшаԥымза 20 рзы Агрба даанкылан имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аҳәынҭқарратә мазара мҽхакы ҭбаала еимҵәаны ихатәитәит ҳәа. Иҟаиҵаз аԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ артәеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.
Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра
Аԥны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазку аконференциа аатит Аҟәа. Аҭҵаарадырратә конференциа еиҿыркааит Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети.
Лаҵара 28, 1930 шықәсазы Аԥсны Арккаразы жәлар ркомиссариат академиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа аиҭакразы ақәҵара аднакылеит. 1931 шықәса нанҳәа 5 рзы еидҵан Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаареи аԥсуа бызшәеи алитературеи Рыҭҵаарадырратә институти. Ацентр ҿыц Аԥснытәи атәылаҿацә аҭҵаарадырратә институт ҳәа хьӡыс иаҭан.