Зыԥсҭазаара ԥшӡа зыԥсадгьыл иахҭнызҵаз: Саида Делԥҳа лгәалашәаразы

© Foto / предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2022
Анапаҵаҩра
С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны имҩаԥыргеит апоет Саида Делԥҳа лгәалашәаратә хәылԥазы. Апоет-афырԥҳәызба лпоезиа иаҵоу афилософиеи, ҳлитература иазынлыжьыз лҭынхеит ртәы ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.
"Уи иаалыртыз атәылаҿы апоезиеи аҳауеи реилаӡҩа убасҟак иџьбароуп, апоет ишиҳәаз еиԥш, ацәаҳәақәа ашьеиԥш ухәда иҭачны уԥсы ухырхыр алшоит. Ахы акәӡам лара дызгазгьы, убарҭ лцәаҳәақәа роуп, лыфраԥҳәысра ԥсыс иахазгьы дара роуп. Уи илҭынхаз рахь сара зегьы сымбац, лҩызцәа ааигәақәа изларҳәо ала, такә ыҟоуп. Урҭ ҳшашьцылахьоу еиԥш, ажәеинраалақәа ҳәа узрыхьӡҵом, уи иҭаӡом, лаԥшҿабатәи лакәқәоуп, мифқәоуп. Асеиԥш иҟоу апоезиа ацәаҩақәа ртәы унадыххылан иузҳәом, иагьаҭахым. Макьана рҿахәы дара ирҳәалааит. Акызаҵәык, убарҭ рахьтә исҳәарц исҭаху, Саида лпоезиа ҿыханҵазар, асахьаҭыхраҿ апереспектива ҳәа изҿу арбаӡам, аамҭа атәгьы, аҳәаақәагьы аныхуп. Лара лынахыс иҟоу аԥсҭазаара аҵкыс лцәанырратә дунеи иахылҵит. Саида Делԥҳа лпоезиа абас ишыҟаз, данҭаха ашьҭахьынӡа иахьгәаҳамҭацыз иаҳәоит, ҳлитература уи ҿыц иаҵагылаз ишрыхәҭоу ҳашрызҿлымҳам, уи алашара ссир ҳамбаӡакәа иҳавсны ианцақәо шыҟоу…"
Алықьса Гогәуа, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы
Жьҭаара 30 рзы ҩеижәижәаба шықәса ҵит ҳпоет гәлымҵәах Саида Делԥҳа лыԥсадгьыл гәакьа ахааназ иаанлыжьижьҭеи... Аиашаз, даара агәаӷьра цәгьоуп иахьа уажәраанӡагьы Саида дыҟам ҳәа аҳәара. Уи ибзиан дыздыруаз, илзааигәаз, уажәыгь лыччаԥшь хаа ҳгәы ахәшеиԥш иқәуп... Ааигәаӡа апоет Гунда Сақаниаԥха аҭел дысзасит, илҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҿылкаауеит Саида Делԥҳа илызку ахәылԥаз, ҳцароуп ҳәа... Ҳцароуп, сҳәеит саргьы, даҽа ажәак ҳәашьас исымаз... Аҟәантәи гәыԥҩык ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи уи аҽны Гәдоуҭа иахьҳаҳәаз аҭыԥ ԥшьаҿ ҳахьнеиз, Саида дыздыруаз, лҩызцәа, лаԥхьаҩцәа, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа рыла азал акәапеиашәа иҭәын...
Уахьынҩналоз ихҟьаны икыдын Саида лҩызцәеи лареи рфотосахьақәеи, аԥсуа поезиа иазҿлымҳау зегьы ибзианы еицырдыруа абри лфилософиатә жәеинраалеи:
Аибашьра ашьҭахь,
Акгьы зхарамыз амра,
Ахәы инавҵалан аҽаԥсахуан,
Адәы- ишьыз ирыцшьын,
Сара сшьызу сшьымзу сзымдыруа,
Ишьыз срыцын.
Аибашьра ашьҭахь-
Сан илеиԥшыз аӡәы,
Сыхьӡ ҳәаны дҵәуон.
Аибашьра ашьҭахь,
Иагьаншамыз, иагьаныхәламыз,
Акгьы зхарамыз Амра аҽабылуан,
Ашәахәа аӡә дықәын, Амрахь,
Ашәахәа сықәын…
Аибашьра ашьҭахь иззеибашьыз рхашҭны,
Еицын- зеибашьра нҵәаны ихынҳәыз,
Аибашьра инымҵәацыз адәы иқәын,
Уижьҭеи агәхашҭра зауз,
Амра акгьы агәаламшәо аҽабылуан…
Аиԥылара аалыртит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Иахьа ҩеижәижәаба шықәса ҵуеит дҳалагыламижьҭеи Саида Делԥҳа… Аха шәымҭакгьы мцацт уи даҳхашҭны, уи дҳацуп, лажәеинраалақәа ҩызара ҳзыруеит лара лҭыԥан. Иахьа абра еизаз аиҳабыратә абиԥара реиԥш, аҿаргьы рацәаҩӡаны лажәеинраалақәа ҿырҳәала ирдыруеит. Уи иаанаго, апоет хашҭра лықәӡам, уи ашәышықәсақәа дрылсны дцалоит ҳәа ауп".
Саида Делба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
"Аԥсҭазаара уаҟара схыҵуеит": апоет-аибашьҩы Саида Делԥҳа лгәалашәара иазкны
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы, апоет Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит, Саида ҳлитератураҿы лцәырҵра иаразнак ишеицгәарҭаз, уи лбаҩхатәра ахә шыршьаз, иахьа еиҳагьы аԥхьаҩцәа шлырҳахьоу, лышәҟәқәа ишрышьҭоу, лҭоурых ишазҿлымҳау, дызнысыз лыԥсҭазааратә мҩа шкьаҿызгьы, лфырхаҵараз ахааназ лыжәлар ргәаҿы дшаанхо.
Апоет, Саида Делба лҩыза Гунда Сақаниаԥҳа лықәгылараҿы илҳәеит, шаҟа имаҷӡаны инылҵыз аҟара еиҳаны шәышықәса ирҭысхьаз ииҩран иҟаз лҩит уҳәартә иҟоуп лырҿиара.
"Иџьоушьаша, Иуа Коӷониа иаамышьҭахь аԥсуа поезиаҿы 26 шықәса инарылагӡаны асҟак ҟазҵахьоу дмаҷӡоуп, иахьазы дыҟаӡам уҳәартә иҟоуп. Машәыршәагьы иуԥылаӡом иҭацәу, баша иҩу, иҳәоу цәаҳәак, ак аҵкыс ак еиӷьны", - лҳәеит Сақаниаԥҳа.
Зныҭрысгьы ауаҩы илшаӡом уи аҵанӡа анеира, уи аамҭа ду аҭахуп. Рыцҳарас иҟалаз, абри аҩыза апоезиа иахьанӡа ҳахьалыхәдаз ауп.
"Сара схьаа аҟноуп сынасыԥгьы ахьыҟоу!" Ахьааи анасыԥи иузеидымкыло ҩ-ԥсҭазаарак- ус лыԥсы ҭан. Саида, насыԥ змоу ахьаа лаша лыцын. "Ақәра рацәа анҵара сацәшәоит, иҟоу зегьы ззыхгода. Сшәоит ҳәа акәым, аха сықәра иахьынӡахәҭоу снамӡар ҟалоит. Сара сызусҭада, аӡәгьы, акгьы, аха ус акәзаргьы исылшо ҟасҵар сҭахуп, саргьы суаҩуп", - абас аҳәоит Саида лымшынҵа.
Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2017
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо
Асҟак агәыҵаӷа зызҭаз, убасеиԥш доуҳамчык лыман, ар дырҿагылан драбашьыртә еиԥш. Лгәы ҵаӷан, иԥшқан, иагьыӷәӷәан, иагьыџьбаран. Уи ауп Саида излылымшоз ҿымҭ агәырҩара, ҳаԥсадгьыл ахьчараз ҳаҷкәынцәа дызрывагылаз. Апоет илшаӡом усҟан аҩра, илшо акоуп-ақәԥара! Аԥсра – ахақәиҭраз, избанзар, уи идыруеит иреиҳау ахақәиҭра агьама закәу. Уи ақәԥара дацәшәаӡом, уи ҿыцаартраӡам, ус илшеит Баирон, ус илшеит С. Бардодым, ус илылшеит Саида.
Ишырҳәо еиԥш, апоет дыԥсӡом ихы нықәҵан зегь реиԥш, уи дҭахоит. Насыԥ имоуп апоет уи аҩыза алахьынҵа алызхыз, уаҵәтәи алашараз, уаҵәтәи амш ахақәиҭраз зыԥсы ҭызхыз. Насыԥ лыман Саида, хьаала иҭәыз анасыԥ…
Уи лҩыза гәакьа, Аԥсны еицырдыруа ажурналист, аҵарауаҩ Алина Ачԥҳа акыраамҭа далацәажәон урҭ реиҩызара, Саида лыуаҩышьа, лыпату қәҵашьа, леибашьышьа, лыԥсадгьыл шаҟа лыԥсы аҽҳәараз, лыжәлар шаҟа бзиа илбоз, макьанагьы ишыҟоу ицәыррымгац, ирымкьыԥхьыц уи лажәеинраалақәа аԥсышәалагьы, урысшәалагьы. Ицәажәеит ақыҭа нхаҩцәа, арҵаҩцәа, лҩызцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара аусзуҩцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа ирацәаҩӡаны ҿырҳәала лажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2018
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Саида Делԥҳа лфырԥҳәысра иазкны
Апоет Анатоли Лагәлаа ицәажәараҟны иҳәеит Саида лпоезиа даара ишизааигәоу, гәыла-ԥсыла дшарԥхо, насгьы ллахьынҵа иахьа уажәраанӡагьы игәы ҵыблааны ишамоу.
"Саида Делԥҳа аӡеилашыра даҩызан, есымша деибафон, есымша амца дазааигәан дгылазар акәын, уи аԥхарра лыцын, знык илыҿцәажәаз, знык лажәеинраала иазыӡҩрыз, иара ихаҭагьы уи лкәиц ицрасуан, аҭынчра ицәыӡуан, иԥсадгьыл ахьаа иаразнак игәы ҿырҳәыцааны иакуан… Саида лажәеинраалақәа угәы уҽанырҵоит, уԥсадгьыли убызшәеи иреиҳау мал шыҟам есымша улымҳа иҭарҳәоит, ианаҭахха, уԥсадгьыл ахақәҵара шыԥсрам, уи шиааироу агәра удыргоит", - иҳәеит Лагәлаа.
Аԥсуа литератураҿы Саида лажәеинраалақәа лара илмоуз аразҟы бзиа рымоуп ҳәа агәра игоит апоет.
"Акызаҵәык, ҳара иаҳуалу, уаҵәы игылоу аҿар иахьырбаша аҭыԥаҿ инагатәуп, ргәыбылра дырктәуп, ҳарҵагатә хрестоматиақәа ирынҵатәуп, иԥшӡаны, дара ишрыхәҭоу гьама ҳаракыла иҭыжьтәуп. Саида данҭаха ашьҭахь лырҿиара Дырмит ду ипремиа иаԥсахеит, ҳлитература аҭоурыхаҿ ианҭаха ашьҭахь, уи аҩыза ахьӡ иаԥсахахьоу ҳпоет гәлымҵәах Таиф Аџьбеи лареи роуп. Саида лыхьӡ хьыршәыгәха ирывагылеит ҳаклассикцәа дуқәа рыхьӡ", - ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.
Саида Делба лышәҟәы Амацәыс ашьҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2015
Апоетесса Саида Делԥҳа диижьҭеи 50 шықәса ҵит
2009 шықәсазы ҳаамҭазтәи аԥсуа литература аклассик, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи Анатоли Лагәлааи еицеиқәдыршәеит, шәҟәны иҭрыжьит Саида Делԥҳа зынагӡара дахьӡахьаз, иреиӷьӡаз лажәеинраалақәа згәылоу ашәҟәы "Сагеит сара сыдгьыл ахьаа". Уи ашәҟәы аиҭаҭыжьра ахәҭаны иҟоуп ҳәа иҳәеит апоет.

"Апоет-афырԥҳәызба лҩымҭақәеи лыхьӡи ахааназ инхоит, акызаҵәык иҳақу, уи аибашьраҿы иаалырԥшыз лфырхаҵара иахәҭоу ахьӡ- "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа, ҽааны, ҳиааира 30 шықәса анахыҵуа илыхҵатәуп! Уи ҳақуп лхы зқәылҵаз лыԥсадгьыл аҿаԥхьагьы, ҳажәлар рҿаԥхьагьы, уаҵәы игылоу аҿар рҿаԥхьагьы!", - иҳәеит Лагәлаа.

Аиԥылара ахырқәшымҭаз Анатоли Лагәлаа даԥхьеит 2007 шықәсазы иҩыз, апоет-гәлымҵәах Саида Делԥҳа илыхьӡынҩылоу ажәеинраала "Аҿҿаҳәа дбылуан са саҳәшьа…"
Аҿҿаҳәа дбылуан са саҳәшьа,
Ҳаԥсадгьыл ду амца анацраз.
Уи дырны аӡӷьеиԥш ауаа ршьа,
Иԥсы еиқәлырхон ишьабауаз…
Шаҟантә уи ахы дацәцахьааз,
Амцаԥшьгьы далҵхьааз дбылны.
Шаҟантә лашьа иҟны днаӡахьааз,
Дхынҳәуан уи аԥсра дацәганы.
Уи лашәақәа лыцын, дрыхьчон,
Инарышьҭуамызт лааигәа аԥсра. У
и лыжәлар шаиааиуаз лбон,
Лара лакәын иаԥшәымаз ара.
Агәы кыдшәазшәа амрагь лаҟәуан,
Еимаҳауазшәа адгьыл ҵысуан.
Аха Саида дышзахәоз дцауан,
Аха Саида лҳәахьа налыгӡауан.
Илыдымхалт лыжәлар ршьа,
Дхырқәақәо илҳәомызт ауаз…
Аҿҿаҳәа дбылуан са саҳәшьа,
Ҳаԥсадгьыл ду амца анацраз…
Ажәабжьқәа зегьы
0