Ашәҟәыҩҩы иахь асалам шәҟәқәа: Шьалодиа Аџьынџьал игәалашәаразы

© Foto / из личного архива семьи Шалоди АџьынџьалШьалодиа Аџьынџьал
Шьалодиа Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шьалодиа Аџьынџьал иаԥхьаҩцәеи иареи ирыбжьаз аимадара иазкуп апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа.
Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳаԥхьаҩцәеи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа даара акраанагоит ииашаны аилкааразы дара зҭагылаз аамҭеи, урҭ рырҿиамҭақәа аԥхьаҩцәа рыԥсҭазаара ишаныԥшызи азы. Абраҟа иаразнак иазгәасҭар сҭахуп, Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа, иҭыҵуаз ашәҟәқәа ртиражгьы шырацәаз, дара аԥхьаҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи реиқәшәарақәагьы, реиҿцаарақәагьы акыр ишеиҳаз. Хара ҳазцои, ажурнал "Алашара" мацара атираж атәы ҳҳәозар, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа 17 нызқь цыра атираж ыҟан, есымза знык иҭыҵуан, аредакциа аусзуҩцәа аӡә ҳнапы аламыркьысӡакәа, " Аԥошьҭа" иахьа "Аимадара" ҳәа ззаҳҳәо иааҳаҵган иагон, Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҿы инхоз, иаԥхьоз зегьы рҿы инаргон, урҭ рнапы аҵарымҩыргьы ҟалаӡомызт... Иаагозар, Очамчыра араион, Ҭхьына ақыҭаҿ мацара 500 екземплиар роуан, иахьа зынӡа ажурнал "Алашара" атираж 500 роуп иҟоу!
Уи даҽа зҵаароуп, уажәы ҳаиасып, ашәҟәыҩҩи аԥхьаҩи реимадареи, реигәныҩреи азҵаарахьы. Далаҳхып шәҟәыҩҩык, 40 шықәса раԥхьа, ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа еиҳа ирацәаҩны изыԥхьоз, аӡыргара бзиа змаз, иаагап урҭ рысалам шәҟәқәа рцыԥҵәахақәа. Усеиԥш иҟоу ҳашәҟәыҩҩцәа рҟынтәи ихьӡ ҳҳәар ауеит ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал, ҳарзааҭгылап усҟан аԥхьаҩцәа рацәаҩны измаз ашәҟәыҩҩы ироманқәеи иажәабжьқәеи. Зегь раԥхьагьы, иџьоушьаша, ароман шааҭыҵыз иаразнак аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит, Аԥсны ахы аҵыхәа зегьы аӡбахә рылсхьан, инеимда-ааимдо аԥхьаразы агәаран иқәгылахьан!
В 2012 году Шалодиа Аджинджал был удостоен звания Народный писатель Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2022
Зыжәлар ргәаҵа иҭоу ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал 90 шықәса ихыҵразы
Уажәы ҳрыхәаԥшып уи ашәҟәы ианаԥхьа ашьҭахь, автор, Шьалодиа Аџьынџьал иоуаз асалам шәҟәқәа, урҭ зегьы аагоуп акритик Руслан Қапба ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал "Аԥсҭазаара ашьаҿақәа" захьӡу икритикатә-биографиатә очерк аҟнытә. Иара ҭыҵит Аҟәа, 1981 шықәсазы, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны.
Абар даргьы, раԥхьатәи асалам шәҟәы иҩуеит апоет Кьаршьал Чачхалиа Шәача асанаториаҿы иҽанихәышәтәуаз аамҭазы:
"… Ауаҩы ацәгьа абзиа зегьы дрықәшәоит, аха есқьынагьы дшыҟоу иҽымыԥсахкәа дыҟазароуп. Иахьа сара акы џьара иувызбаны акәым абас зысҳәо, сара исҭахуп уара уажәны укәакәихаанӡа, Маӡара ушиԥоу, ушы -Шьалодиоу уаанхарц аҵыхәтәанынӡа! Сара абаагәареиԥш сақәгәыӷуеит убаҩхатәра, ууаҩра, сыгәгьы иаанагоит аԥсуа литератураҿы ҳарҭ зегьы ҳзеигәырӷьаша махәҭа зҩыдак алаургылап ҳәа. Салам, салам зегьы, Кьыршьал!"
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Аԥсны
Аԥсуа сатира ашаеҵәа: Кьыршьал Чачхалиа игәалашәаразы
Еицырдыруа аурыс совет шәҟәыҩҩы, асатирик Леонид Ленч азҿлымҳара азиуеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал ирҿиамҭақәа, еиҳарак исатиратә жәабжьқәа.
Ҩ-жәларык ирхаҭарнакцәоу арҭ ашәҟәыҩҩцәа аиҿцаара бзиа рыман, арҿиаратә еимадара рыбжьан. Шьалодиа Аџьынџьал ирҿиаратә усура иазкны акымкәа-ҩбамкәа Леонид Ленч ииҩыз асалам шәҟәқәа агәра ҳдыргоит уи бзиа ибаны, игәы иахәаны ишеиҭеигаз ҟазарыла иаԥҵоу Шьалодиа Аџьынџьал исатиратә жәабжьқәа.
"Акыр иаԥсоу Шьалодиа Михаил-иԥа! Шәаргьы саргьы ҳахшыҩи ҳамчи еилаҵаны шәсатиратә повест ҿыц "Апортфел ҟаԥшь" иалхны асценариа аҩра, уиаҟара иаҳцәыуадаҩымхар ҟалап, насгьы ирласны иҟаҳҵар ҳалшоит, аха зегьы реиҳа иуадаҩу ҳҩыџьагьы ҳаиқәшәаны аус еицаауртә аамҭа алхра ауп. Август мзазгьы ҳзеиқәшәом, сеилахаӡоуп, сентиабр азы Қыртәылаҟа сԥыруеит, убри аамҭазы Аҟәа снеир ҟалап. Усҟан ҳаицәажәап. Москва, Леонид Ленч. 1978ш."
Шьалодиа Аџьынџьал ишәҟәы "Адацқәа" урысшәала ианҭыҵ аԥхьаҩцәеи акритикцәеи ишрыдыркылаз атәгьы зегьыҵәҟьа акәымзаргьы фактқәак ҳарзааҭгылап:
Народный писатель Абхазии Шалодиа Аджинджал в кругу семьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Шьалодиа Аџьынџьал: ашәҟәыҩҩцәеи иҭаацәеи рыгәҭа
"Ҳаҭыр зқәу ашәҟәҭыжьырҭа аредакциа! Сара аҭамзаара шьҭаҵауа, аҳәара ҟасҵоит, иалшозар, абри еиԥш уск аҿы. Сара бзиа ибаны ирацәаны срыԥхьоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа, иаагап, Иван Папасқьыр, Миха Лакрба, Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, уажә ҿыц иҭыҵыз Шьалодиа Аџьынџьал ишәҟәы "Адацқәа". Уи ашәҟәы сара уаҳа наҭахымкәа исгәаԥхеит иалоу афырхацәа рлахьынҵақәа рыла, излеибарку акомпозициа, аԥсҭазаара аиашара, еиҳаракгьы иаарԥшу аԥсуа жәлар ржәытә, рҿатә ԥсҭазаара, рмилаҭтә хаҿсахьа. Сара 15 шықәса сырҭагылоуп, сиит Гәдауҭа ақалақь аҿы. Бзиа избоит сахьииз сахьааӡаз стәыла аҿацә хәыҷы. Ҳаҭырла, Ольга Василиева. Гәдоуҭа ақалақь, Дружба амҩа, аҩны 10".
"Апрозаик Шьалодиа Аџьынџьал аҵыхәтәантәи иҩымҭа "Ашәахсҭа" иара изгьы, аԥхьаҩцәа рзгьы, ҳаԥсуа литературазгьы итема ҿыцуп. Ҳгәы иаанагоит автор шьахәла иқәҿиеит ҳәа ароман актәи ашәҟәы. Ашәҟәы абаҩхатәра зныԥшуа, бызшәа бзиала иҩу, иаразнак аԥхьаҩцәа ирылаҵәаз, рыбжьы зықәдыргаз шәҟәуп. Шәара шәаԥхьаҩцәа: М. Аџьба, Р. Аџьба, Б. Сабуаԥҳа убас ирацәаҩны".
1965 шықәса апрель 6 рзы Шьалодиа Аџьынџьал иоуит инеиҵыху ашәҟәы. Уи авторс дамоуп Сергеи Ҷараиа, инарҭбаан дахцәажәоит Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Ашәахсҭа".
В 2012 году Шалодиа Аджинджал был удостоен звания Народный писатель Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Зсатира цҳафыр ахҿа иаҩызаз ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал игәалашәара иазкны
"Шамахамзар, аԥсыуа шәҟәык сызмыԥхьац ыҟоуп ҳәа сыҟам, зегьы срыԥхьахьеит, амилаҭ литература бзиа ибаны иамыԥхьо ауаҩы, сара сгәанала, дрыцҳау џьысшьоит. Аиаша уасҳәап, Шьалодиа, ааскьа "Ашәахсҭеиԥш" аԥсуа шәҟәык сгәаԥханы самыԥхьац."
"Акыр иаԥсоу аредакциа аусзуҩцәа, аҳәара шәаҳҭоит иаҳзеилышәкаарц абри еиԥш иҟоу азҵаара. Ишаадыруа еиԥш, 1964 шықәсазы иҭыҵит аԥсуа шәҟәыҩҩы Шь. М. Аџьынџьал ироман "Ашәахсҭа" ҳәа хыс измоу ашәҟәы. Ари ашәҟәы аиашазы зегьы гәахәарыла ҳаԥхьеит, иҳадаҳкылеит. Иахьагьы уаҵәгьы ҳазыԥшуп иацу. Саҭамыз, аха еилыскаарц сҭахуп ароман аҩбатәи ашәҟәы анҭыҵуа, мамзар зынӡа иҭымҵуоу? Лассы-лассы абиблиотека аҿы аԥхьаҩцәа азҵаара сырҭоит, исыздыруам ирасҳәо"- абас агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь ашәҟәы лҩуеит Гәдоуҭа араион Аацытәи абиблиотека аиҳабы А. Базԥҳа. 1965 шықәса декабр 15 рзы.
Абар автор Гәдоуҭантәи урҭ ашықәсқәа раан изаауаз ашәҟәқәа:
"Аҩыза Шьалодиа Аџьынџьал! Шәҩымҭа ҟаимаҭқәа рыла аԥсуа литература арбеиара шәаҿуп! Акы еиԥшымкәа гәахәарыла иҳадаҳкылеит, бзиа ибаны ҳаԥхьеит шәроман "Ашәахсҭа". Уаҟа излаабо ала макьана Алхас Абжарба иԥсҭазаара нагӡаны иҟам. Иҟоу актәи ашәҟәы аҟны дазаамрыԥшыц, уи дахькылсуа, дҽеихоу дҽеимхо ахьаҳбарҭахо аҩбатәи ашәҟәы аҟны ауп. Убри аҟнытә ҳара ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп, бзиа иаабаз, заамурала аԥсҭазаара иаша амҩа иқәҟьаз Алхас илахьынҵа дахькылнаго. Иаҳҭахуп убри ауаҩ дыԥхасҭамхарц, аԥсҭазаара бзиахь дкылсырц. Арҿиараҿы абзиарақәа шәзеиџьазшьо гәыԥҩык аҿар". Абас ҳаԥхьоит акыҭа Хәаԥынтәи 1965, сентиабр 9 рзы ашәҟәыҩҩы иоуз асалам шәҟәы.

Абри ақыҭантәи хазы абар Б. А. Сабуаԥҳа илҩуа: "Сара шәроман саԥхьеит, сеиҭаԥхьеит, макьанагьы сыстол иқәуп, иқәсымхыц, сара изҩызшәаҵәҟьа иареи сареи ҳзеипырҵуам, бзиа ҳаибабеит. Абас ашәҟәы бзиа иубо аҟаҵара зылшаз абаҩхатәра азы иҭабуп сҳәоит сшәызгәыдууа, ҳмилаҭ литература сазхәыцуа. Амала ԥхьаҩык иаҳасабала сшәыҳәоит, исыздыруам уи дахькылыжәго, аха Алхас дрыцҳауп, дычмазаҩы ӷәӷәоуп, деиқәшәырхарц. Абзиарақәа шәзеиӷьазшьо шәара шәаԥхьаҩ Б. А. Сабуа-ԥҳа. Ақыҭа Хәаԥ, 29. 02. 1965".

Абар Москва арратә маҵзура зхызгоз асолдаҭ В. Ҭарба ииҩуа: "Ҳаҭыр зқәу Шьалодиа Маӡара-иԥа Аџьынџьал! Ицаҳәцаҳәо иҟоу аԥсадгьыл асолдаҭ исалам шәыдышәкыл Москвантә! Азин сышәҭ сазҵаарц шәгәабзиара, ишәзеиӷьасшьарц агәахәтәхьӡарақәа. Сара даараӡа саргәырӷьоит шәара шәбаҩхатәра, уи ишәнаҭо ақәҿиарақәа. Сышәхамышҭыцзар, ҳарҭ ҳаибадыруеит, ҳаибабалон Тҟәарчал. Бзиа ибаны саԥхьеит шәышәҟәы "Агәахәтәы", агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи" ажурнал "Алашареи" ирнылахьоу шәҩымҭақәа. Москва иҟоу аԥсуа ҷкәынцәа ҳҩызцәа иаҳзаарҭит шәроман "Ашәахсҭа". Ихашәҵа, иаҳнаҭаз агәырӷьара амч иамаз амҵәыжәҩақәа ҳнаҭеит. "Ашәахсҭа" ҳауит маи 24 азы, уаха 26 руха саԥхьан, ашәҟәы шәзызҩуеит, ишәыдысныҳәаларц сгәырӷьаҵәа. Сара слитераторм, аха сымҩашьо агәра згоит шәроман "Ашәахсҭа" ҳлитературазы ишҳамҭа бзиоу. Аԥсны анҭыҵ еиҳагьы сгәаҿы инеины срыԥхьоит, еилыхха исаҳауеит схатәы бызшәала иаԥҵоу аҩымҭақәа. Сара сҩызцәа, зегьы шәшырзымдыруагьы, гәыкала ишәырҭоит асалам, ишәзеиӷьаршьоит арҿиараҿы агәазҳарақәа. Абзиаразы, сазыԥшуп аҭак. ( Аамҭа шәоуазар иаҳзыжәыҩ.)
Сгәы иаанагоит, ашәҟәыҩҩи аԥхьаҩи реигәныҩра, реимадара аԥсуа литератураҿы иамаз атрадициақәа иахьа иацәмаҷхеит ҳәа, аха уи хымԥада ирҿыцтәуп, иахьа даҽа техналогиак ыҟоуп, хымԥада убригь аус арутәуп, избанзар аинтернет иҭоуп аҵыхәтәантәи жәохә-ҩеижәа шықәса рыла иҭыҵхьоу ҳлитература зегьы. Ҳаԥхьаҩцәагьы уа иҭоу рацәаҩуп, ус анакәха, хымԥада иреиӷьу мҩак азыԥшааны иҳабжьаҳҵароуп ацҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0