https://sputnik-abkhazia.info/20221218/abar-iruama-asny-assha-yyr-1043174516.html
Абарҭ ируама Аԥсны аԥсшәа ыӡыр
Абарҭ ируама Аԥсны аԥсшәа ыӡыр
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкны Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны имҩаԥысыз аиԥылара иазкуп апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа. 18.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-18T14:17+0300
2022-12-18T14:17+0300
2022-12-18T14:34+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/12/1043180900_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_80c5843e08313abc1423c3230608d835.jpg
Ҳарҭ шамахамзар ҳапхьаҩцәа, (абжьаратәи аԥхьаҩцәа) зышьцылоу асиужет змоу аҩымҭақәа роуп. Урҭ иргәылганы игоу асиужеттә цәаҳәа акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа аԥхьаҩ дыргәылархалоит, рхаҭқәа ласуп, аԥхьаҩ мыцхәы аџьа идырбаӡом, иаргьы анаҩс иҟаларызеишь ҳәа аҩымҭа афырхацәа дрышьҭаланы дцоит. Гогәуа иҩымҭақәа ракәзар, ԥсихологиала дазнеины, ахҭыс ааирыԥшуеит. Уи ахатәы логикатә сиужет амоуп, аԥхьаҩ даара хшҩзышьҭрала уи алогика дықәныҟәаны дамыԥхьозар, "днымҩахҟьар" аҩымҭа аилкаара ицәыуадаҩхоит, Гогәуа иҩымҭақәа рыԥхьара "зыруадаҩуагьы" убриоуп. Аха знык ашҟәыҩҩы истиль уашьцыланы, урҭ рымаӡа ацаԥха анузыԥшаа, нас уи ауадаҩрагьы уханаршҭуеит. Ус шакәугьы, имариам Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рыԥхьара- араҟа аԥхьаҩцәа урықәшаҳаҭхартә иҟоуп. Изааӡарызеи, аԥхьарагьы атрадициа аҭахуп, уи иамоуп ахатәы культура, ҳара макьана уаанӡа ҳзымнеиӡацт..."Гьаргь ГәыблиаШьоукы-шьоукы аԥхьаҩцәа ирҳәоит ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа аурыс шәҟәыҩҩы дуӡӡа Достоевски иеиԥш дымчуп, иеилкаара уадаҩуп ҳәа... Сара ари агәаанагара есымша саҿагылон, иахьагьы саҿагылоит... Ибзиан исгәалашәоит, убри аҩыза азҵаара ирҭеит иара ҳаиԥыларақәа руак аҿы абас ҩеижәижәабаҟа шықәса раԥхьа, иара даахәмарны аҭак ҟаиҵеит: Сара хәҩык сеилызкаауа аԥхьаҩцәа бзиақәа сымазаргьы исызхоит хәа!..Анцәа иҟынтә, уи ус акәӡам, Алыкьса Гогәуа иахьа зегь реиҳа аԥхьаҩцәа змоу ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа дреиуоуп!.. Уи зеиӷьҭам ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи ибзиаӡан ҳаԥхьаҩцәа ирылаҵәахьеит, ашколтә хрестоматиқәа зегьы ирнуп, ахәыҷқәагьы даара ибзиаӡаны ирыдыркылоит... Уи ус шакәу даҽазныкгьы агәра ҳнаргеит ааигәаӡа Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы иҟаз ашәҟәыҩҩы сынтәа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара. Арахь иааԥхьан Гагра инаркны Галынӡа араионқәа школк-школк рҟынтәи хҩык-хҩык рҵаҩцәа... Урҭ дасу - аӡәы асахьаркыратә ҩымҭа хәҭак исахьаркны даԥхьар акәын, даҽаӡәы - сценак дыхәмаруан, ахԥатәи - ииҭахыз аҩымҭа аҟынтәи сценак асахьа ҭыхны идирбар акәын... Ажәак ала, ахәыҷқәа дыршанхеит Аԥсны аҵара аминистр Габлиа Инал Соломон-иԥа инаиркны уи иалахәыз ихаҭыԥуаҩ Кәарҷелиа Ада Алықьса-иԥҳаи, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоуи, апоетцәеи, аҵарауааи, арҵаҩцәеи, асахьаҭыхҩцәеи, ажәак ала ара зыӡбахә аҳәара сылымшо азал ду ҩнырҭәааны итәаз зегьы...Иџьаушьаша, школцыԥхьаӡа бжьба-ааба минуҭ апрозатә текстқәа ирыԥхьоз, қьаад цыԥҵәахак аӡәы икымызт, зегь ахьхьаҳәа ҿырҳәала иаԥхьон...Сара абасеиԥш, изыԥхьоз рыԥсы ахаҵаны, бзиа ибаны иаԥхьо аиаша шәасҳәап ааигәа исымбацт.Анцәа иҟынтә, уи аҩыза агәаанагара змоу сара сымацара сакәӡам, убра иалатәаз зегьы убас ргәы иаанагон!..Уажәы, абра рыӡбахә ҳҳәап, абриаҟара ҳзыргәырӷьаз ашколхәыҷқәа иарбан школқәоу аҵара ахьырҵо:1-тәи аҭыԥ:2-тәи аҭыԥ:3-тәи аҭыԥ:Алықьса сара даара ирацәаны Аԥсны аҩнуҵҟа алитературатә хәылԥазқәеи ашколқәа рыҟны ашәҟәыҩҩцәа риубильеиқәеи рыҟны сизыӡҩрхьеит, исҳәар ҟалоит, иажәа ҟәазымзар, акырынтәгьы сицқәгылахьеит ҳәа. Ицәгьамкәа издыруеит уи илитературатә гьама, сааҭла сырзыӡҩрхьеит еиуеиԥшым аҩымҭақәеи ашәҟәыҩҩцәеи рзы игәаанагарақәа. Иҟасҵахьеит иареи сареи ирацәаны ҳаиҿцәажәарақәа, ажурналқәеи, агазеҭқәеи, ательехәаԥшрақәеи рҿы… Исгәалашәоит, зны ажурнал "Алашаразы" исҭеит абри аҩыза азҵаара, аҭакгьы абас иҟаиҵеит:- Алықьса Ноча иԥа, ҳаицәажәара инагӡаны аҿахәы азҳәом иахьа имҩаԥысуа ҳаԥсуа литературатә процесс ҳаламцәажәакәа… Насгьы, Шәара уи профессионалтә литераторк иаҳасабала шәалагылеижьҭеи уажәшьҭа хынҩажәа шықәса инареиҳаны иҵуеит! Ибзиаӡан ижәдыруеит иарбан жанру еиҳа иԥсыҽу, иарбан еиҳа аԥыжәара змоу, ҳгәы даара ишаҳнархьуагьы, уи аҩыза аҳәара, ҳлитературатә критика зынӡа ашьапқәа "еиҵыхны итәеит", аӡәык-ҩыџьак шықәсыкахь знык-ҩынтә ак зыҩуа – Руслан Қапбеи, Владимир Агрбеи, Валентин Кәаӷәаниеи, Виачеслав Кәаӷәаниеи алаҳамҵозар… Апроза акәзар, еиҳарак ажәабжьқәа рзы ҳӡышоит!.. Ажурнал номерк еиқәиршәарцаз аредактор ԥшьба-хәба жәабжь анимам, зшьапқәа ҿаҳәаны асцена иқәырҵаз акәашаҩ диҩызоуп!.. Сара сақәшаҳаҭым ааигәатәи ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду аҿы уаанӡатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Анзор Мықәба анкьеиԥш ажурнал "Алашара" шықәсык ахь жәаҩантә иҭыҵуа иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәаз… Зегь раԥхьа иргылан иҳәатәуп, урҭ ахькьыԥхьуа алитературатә журналқәеи агазеҭқәеи рхыԥхьаӡара ишацлаз, ажурнал "Аҟәа", агазеҭқәа: "Аамҭа", "Еҵәаџьаа". Ус анакәха, урҭ ашәҟәыҩҩцәагьы дасу иахьырҭаху рҩымҭақәа ркьыԥхьуеит…– Раԥхьа иргылан иҳәатәуп, ҳлитература ахаҭа, ахцәажәара иазку акьыԥхьразы ҳшымаџьанам. Егьирахь, ҳлитератураҿы имҩаԥысуа апроцессқәа зегьынџьараҵәҟьа урхыҽхәартә иҟамзар ҟалап. Ажанрқәа рыҿиара мацара акәым, зышьақәгылара апроцесс макьана инымҵәац ҳамоуп. Сара сгәаанагарала, ҳара ҳҿы еснагь апоезиа аԥыжәара аман, зны-зынла ахыԥхьаӡара мацарагьы акәымкәа, ахаҭабзиараҿгьы. Иахьа ишыҟоу ахыԥхьаӡараҿы акәу, асахьаркыратә ҩаӡараҿы акәу, ус ирдыруазаргьы, иҭҵааны аӡәгьы уи атәы имҩыц. Ҳакритика еснагь аинформациатә материал еиҳа анапаҿы иааиуан. Иаҳҳәап, иара Р. Қапба уи аҿы илшахьоу, иҟаиҵаз хәы амаӡам. Аха ҩымҭак, еицырдыруа жәеинраалак акәзааит, инеиҿыршәшәаны, инарҵауланы анализ азуны, иахәҭоу алогикеи иара атерминологиагьы агымкәа аус азура аганахьала еиҳа ҟаҵатәуп. Хаҭала аӡәы акритика изуны игәы нмырхакәа ахыкәшара ишаҿу, алитература зегьы иалҵны иҟоу ашәырақәа акыр еиқәыло иаауеит. Адунеи зегьы аҿы, атехнологиа ҿыц, егьырҭ аҿиарақәа, акаҳарақәа, агыларақәа ирыхҟьаны, алитература аҭагылазаашьа даара аҽаԥсахит. Уи ҳара ҳҟынӡагьы иааӡоит. Уажәы ара, урҭ зегьы ртәы ҳазҳәом, аха игәаҳҭалароуп, иҭаҳҵаароуп, аамҭа ҳаҵамхалароуп. Ашәҟәыҩҩцәа дасу иахьырҭаху дкьыԥхьуоу, дзымкьыԥхьуоу, ус ажәаҟынтә иҳәоу сыздырам, аха алитература ахаҭа аизҳашьа шыҟало, иаанашьҭуа "аҽаҩра" шаҟарахо, изеиԥшхо иаӡбоит ажурналқәа есымза иҭыҵлар акәу акәму. Егьирахь, еиҭасҳәоит, ҳара ҳлитература еснагь даара иаҭахуп акритика ацхыраара, уи иҟанаҵароуп жанрк хар амамкәа изҿио, егьи заҵахо уҳәа акыр зҵаара рҭакқәа. Иаҳхамышҭыроуп акритика, аестетика – философиоуп, ашьаҭа аҟынӡа алаԥш иалнадозароуп. Насгьы, алитература аҩнуҵҟа еснагь имҩаԥысуазароуп, асахьаркыратә ҟазаратә ҵара, аилыргарақәа, апрезентациақәа, аԥхьаҩцәеи аҩшәҟәыҩцәеи реиԥыларақәа. Урҭ зегьы даара ихәарҭоуп…"Сахьтәаз, сааҟәымҵӡакәа сзызхәыцуаз акакәын: иахьа абриаҟара еизаз Аԥсны ахы-аҵыхәа аҿар, абас ицқьаны аԥсшәа зҳәо, ҳашәҟәыҩҩы ду иажәа ҵаулақәа абас изнырыз, ҳаи, анаџьалбеит, абарҭ ируама Аԥсны аԥсшәа ыӡыр, абарҭ рабацәа рхы ақәҵан ирыхьчеит рыԥсадгьыл, ус анакәха, даргьы рбызшәа ыӡыр руӡом, урҭ, уи ахаара иаҿыхәеит, агьама ркит, ус анакәха, идырӡӡом, еиқәдырхоит!..
https://sputnik-abkhazia.info/20200315/aliksa-gogua-sisnishou-amyei-sishaanu-aamtei-daara-imariamist-1020609631.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220512/lou-anao-bagrat-aaueit-1039015586.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220831/zyzhlar-rgaa-iou-ashyy-shalodia-aynal-90-shysa-ikhyrazy-1040657819.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/12/1043180900_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_1daad2f493b444354c1e4ac5ae9410f1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ҳарҭ шамахамзар ҳапхьаҩцәа, (абжьаратәи аԥхьаҩцәа) зышьцылоу асиужет змоу аҩымҭақәа роуп. Урҭ иргәылганы игоу асиужеттә цәаҳәа акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа аԥхьаҩ дыргәылархалоит, рхаҭқәа ласуп, аԥхьаҩ мыцхәы аџьа идырбаӡом, иаргьы анаҩс иҟаларызеишь ҳәа аҩымҭа афырхацәа дрышьҭаланы дцоит. Гогәуа иҩымҭақәа ракәзар, ԥсихологиала дазнеины, ахҭыс ааирыԥшуеит. Уи ахатәы логикатә сиужет амоуп, аԥхьаҩ даара хшҩзышьҭрала уи алогика дықәныҟәаны дамыԥхьозар, "днымҩахҟьар" аҩымҭа аилкаара ицәыуадаҩхоит, Гогәуа иҩымҭақәа рыԥхьара "зыруадаҩуагьы" убриоуп. Аха знык ашҟәыҩҩы истиль уашьцыланы, урҭ рымаӡа ацаԥха анузыԥшаа, нас уи ауадаҩрагьы уханаршҭуеит. Ус шакәугьы, имариам Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рыԥхьара- араҟа аԥхьаҩцәа урықәшаҳаҭхартә иҟоуп. Изааӡарызеи, аԥхьарагьы атрадициа аҭахуп, уи иамоуп ахатәы культура, ҳара макьана уаанӡа ҳзымнеиӡацт..."
Шьоукы-шьоукы аԥхьаҩцәа ирҳәоит ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа аурыс шәҟәыҩҩы дуӡӡа Достоевски иеиԥш дымчуп, иеилкаара уадаҩуп ҳәа... Сара ари агәаанагара есымша саҿагылон, иахьагьы саҿагылоит... Ибзиан исгәалашәоит, убри аҩыза азҵаара ирҭеит иара ҳаиԥыларақәа руак аҿы абас ҩеижәижәабаҟа шықәса раԥхьа, иара даахәмарны аҭак ҟаиҵеит: Сара хәҩык сеилызкаауа аԥхьаҩцәа бзиақәа сымазаргьы исызхоит хәа!..
Анцәа иҟынтә, уи ус акәӡам, Алыкьса Гогәуа иахьа зегь реиҳа аԥхьаҩцәа змоу ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа дреиуоуп!.. Уи зеиӷьҭам ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи ибзиаӡан ҳаԥхьаҩцәа ирылаҵәахьеит, ашколтә хрестоматиқәа зегьы ирнуп, ахәыҷқәагьы даара ибзиаӡаны ирыдыркылоит... Уи ус шакәу даҽазныкгьы агәра ҳнаргеит ааигәаӡа Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы иҟаз ашәҟәыҩҩы сынтәа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара.
Арахь иааԥхьан Гагра инаркны Галынӡа араионқәа школк-школк рҟынтәи хҩык-хҩык рҵаҩцәа... Урҭ дасу - аӡәы асахьаркыратә ҩымҭа хәҭак исахьаркны даԥхьар акәын, даҽаӡәы - сценак дыхәмаруан, ахԥатәи - ииҭахыз аҩымҭа аҟынтәи сценак асахьа ҭыхны идирбар акәын... Ажәак ала, ахәыҷқәа дыршанхеит Аԥсны аҵара аминистр Габлиа Инал Соломон-иԥа инаиркны уи иалахәыз ихаҭыԥуаҩ Кәарҷелиа Ада Алықьса-иԥҳаи, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоуи, апоетцәеи, аҵарауааи, арҵаҩцәеи, асахьаҭыхҩцәеи, ажәак ала ара зыӡбахә аҳәара сылымшо азал ду ҩнырҭәааны итәаз зегьы...
© Foto / Анатоли ЛагәлааАҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
© Foto / Анатоли ЛагәлааАҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
© Foto / Анатоли ЛагәлааАҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
© Foto / Анатоли ЛагәлааАҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Аҟәа ажәабатәи аԥсуа школ аҿы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиԥылара
Иџьаушьаша, школцыԥхьаӡа бжьба-ааба минуҭ апрозатә текстқәа ирыԥхьоз, қьаад цыԥҵәахак аӡәы икымызт, зегь ахьхьаҳәа ҿырҳәала иаԥхьон...
Сара абасеиԥш, изыԥхьоз рыԥсы ахаҵаны, бзиа ибаны иаԥхьо аиаша шәасҳәап ааигәа исымбацт.
Анцәа иҟынтә, уи аҩыза агәаанагара змоу сара сымацара сакәӡам, убра иалатәаз зегьы убас ргәы иаанагон!..
Уажәы, абра рыӡбахә ҳҳәап, абриаҟара ҳзыргәырӷьаз ашколхәыҷқәа иарбан школқәоу аҵара ахьырҵо:
Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәа
Калдахәаратәи ашкол-интернат
Алықьса сара даара ирацәаны Аԥсны аҩнуҵҟа алитературатә хәылԥазқәеи ашколқәа рыҟны ашәҟәыҩҩцәа риубильеиқәеи рыҟны сизыӡҩрхьеит, исҳәар ҟалоит, иажәа ҟәазымзар, акырынтәгьы сицқәгылахьеит ҳәа. Ицәгьамкәа издыруеит уи илитературатә гьама, сааҭла сырзыӡҩрхьеит еиуеиԥшым аҩымҭақәеи ашәҟәыҩҩцәеи рзы игәаанагарақәа. Иҟасҵахьеит иареи сареи ирацәаны ҳаиҿцәажәарақәа, ажурналқәеи, агазеҭқәеи, ательехәаԥшрақәеи рҿы… Исгәалашәоит, зны ажурнал "Алашаразы" исҭеит абри аҩыза азҵаара, аҭакгьы абас иҟаиҵеит:
- Алықьса Ноча иԥа, ҳаицәажәара инагӡаны аҿахәы азҳәом иахьа имҩаԥысуа ҳаԥсуа литературатә процесс ҳаламцәажәакәа… Насгьы, Шәара уи профессионалтә литераторк иаҳасабала шәалагылеижьҭеи уажәшьҭа хынҩажәа шықәса инареиҳаны иҵуеит! Ибзиаӡан ижәдыруеит иарбан жанру еиҳа иԥсыҽу, иарбан еиҳа аԥыжәара змоу, ҳгәы даара ишаҳнархьуагьы, уи аҩыза аҳәара, ҳлитературатә критика зынӡа ашьапқәа "еиҵыхны итәеит", аӡәык-ҩыџьак шықәсыкахь знык-ҩынтә ак зыҩуа – Руслан Қапбеи, Владимир Агрбеи, Валентин Кәаӷәаниеи, Виачеслав Кәаӷәаниеи алаҳамҵозар… Апроза акәзар, еиҳарак ажәабжьқәа рзы ҳӡышоит!.. Ажурнал номерк еиқәиршәарцаз аредактор ԥшьба-хәба жәабжь анимам, зшьапқәа ҿаҳәаны асцена иқәырҵаз акәашаҩ диҩызоуп!.. Сара сақәшаҳаҭым ааигәатәи ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду аҿы уаанӡатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Анзор Мықәба анкьеиԥш ажурнал "Алашара" шықәсык ахь жәаҩантә иҭыҵуа иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәаз… Зегь раԥхьа иргылан иҳәатәуп, урҭ ахькьыԥхьуа алитературатә журналқәеи агазеҭқәеи рхыԥхьаӡара ишацлаз, ажурнал "Аҟәа", агазеҭқәа: "Аамҭа", "Еҵәаџьаа". Ус анакәха, урҭ ашәҟәыҩҩцәагьы дасу иахьырҭаху рҩымҭақәа ркьыԥхьуеит…
– Раԥхьа иргылан иҳәатәуп, ҳлитература ахаҭа, ахцәажәара иазку акьыԥхьразы ҳшымаџьанам. Егьирахь, ҳлитератураҿы имҩаԥысуа апроцессқәа зегьынџьараҵәҟьа урхыҽхәартә иҟамзар ҟалап. Ажанрқәа рыҿиара мацара акәым, зышьақәгылара апроцесс макьана инымҵәац ҳамоуп. Сара сгәаанагарала, ҳара ҳҿы еснагь апоезиа аԥыжәара аман, зны-зынла ахыԥхьаӡара мацарагьы акәымкәа, ахаҭабзиараҿгьы. Иахьа ишыҟоу ахыԥхьаӡараҿы акәу, асахьаркыратә ҩаӡараҿы акәу, ус ирдыруазаргьы, иҭҵааны аӡәгьы уи атәы имҩыц.
Ҳакритика еснагь аинформациатә материал еиҳа анапаҿы иааиуан. Иаҳҳәап, иара Р. Қапба уи аҿы илшахьоу, иҟаиҵаз хәы амаӡам. Аха ҩымҭак, еицырдыруа жәеинраалак акәзааит, инеиҿыршәшәаны, инарҵауланы анализ азуны, иахәҭоу алогикеи иара атерминологиагьы агымкәа аус азура аганахьала еиҳа ҟаҵатәуп. Хаҭала аӡәы акритика изуны игәы нмырхакәа ахыкәшара ишаҿу, алитература зегьы иалҵны иҟоу ашәырақәа акыр еиқәыло иаауеит. Адунеи зегьы аҿы, атехнологиа ҿыц, егьырҭ аҿиарақәа, акаҳарақәа, агыларақәа ирыхҟьаны, алитература аҭагылазаашьа даара аҽаԥсахит. Уи ҳара ҳҟынӡагьы иааӡоит. Уажәы ара, урҭ зегьы ртәы ҳазҳәом, аха игәаҳҭалароуп, иҭаҳҵаароуп, аамҭа ҳаҵамхалароуп.
Ашәҟәыҩҩцәа дасу иахьырҭаху дкьыԥхьуоу, дзымкьыԥхьуоу, ус ажәаҟынтә иҳәоу сыздырам, аха алитература ахаҭа аизҳашьа шыҟало, иаанашьҭуа "аҽаҩра" шаҟарахо, изеиԥшхо иаӡбоит ажурналқәа есымза иҭыҵлар акәу акәму. Егьирахь, еиҭасҳәоит, ҳара ҳлитература еснагь даара иаҭахуп акритика ацхыраара, уи иҟанаҵароуп жанрк хар амамкәа изҿио, егьи заҵахо уҳәа акыр зҵаара рҭакқәа. Иаҳхамышҭыроуп акритика, аестетика – философиоуп, ашьаҭа аҟынӡа алаԥш иалнадозароуп. Насгьы, алитература аҩнуҵҟа еснагь имҩаԥысуазароуп, асахьаркыратә ҟазаратә ҵара, аилыргарақәа, апрезентациақәа, аԥхьаҩцәеи аҩшәҟәыҩцәеи реиԥыларақәа. Урҭ зегьы даара ихәарҭоуп…"
Сахьтәаз, сааҟәымҵӡакәа сзызхәыцуаз акакәын: иахьа абриаҟара еизаз Аԥсны ахы-аҵыхәа аҿар, абас ицқьаны аԥсшәа зҳәо, ҳашәҟәыҩҩы ду иажәа ҵаулақәа абас изнырыз, ҳаи, анаџьалбеит, абарҭ ируама Аԥсны аԥсшәа ыӡыр, абарҭ рабацәа рхы ақәҵан ирыхьчеит рыԥсадгьыл, ус анакәха, даргьы рбызшәа ыӡыр руӡом, урҭ, уи ахаара иаҿыхәеит, агьама ркит, ус анакәха, идырӡӡом, еиқәдырхоит!..