Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион анапхгара Инар Кьетиа Урыстәыла Ахраҿа аҟны ииааира идырныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнар Кетия
Инар Кетия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Анапаҵаҩра
Маиҟәаԥ, ԥхынҷкәын 10-11 рзы имҩаԥысуан Адыга Республика аҳәынҭқарра 100 шықәса ахыҵра иазкыз ахацәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла Ахраҿа акомандатә еицлабра.
ГӘДОУҬА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа аџьшьаратә шәҟәи аԥаратә ҳамҭеи ианеишьеит зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла Ахраҿазы ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахаз ақәԥаҩ Инар Кьетиа.

Боџьгәуа иазгәеиҭеит Кьетиа зых иақәиҭу ақәԥаразы Москва еизго акоманда далахәны х-қәгыларак рҿы х-иааирак ганы аџьаз медал шигаз.

"Иахьа шәҭаацәа, шәгәакьацәа рыдагьы ишәеигәырӷьоит араион ауааԥсыра зегьы. Аҽазныкгьы иаашәырԥшит аиааираз шәгәаҳәара, шәгәамч. Ԥхьаҟагьы ишәзеиӷьасшьоит аиааирақәа, араиони ареспубликеи рҿа ҿырԥшыгас шәырзыҟазааит", - аҳәоит араион ахада ииҭаз аџьшьаратә шәҟәы аҿы.
Инар Кьетиа дидныҳәалеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, иара раԥхьатәи иазыҟаҵаҩ Ӡыкә Бениа. Араионтә еизара ахантәаҩы Валери Малиа иажәақәа рыла, Бениа Аԥсны аспорт аҿиараз илагалақәа дууп, иара инапаҵаҟа ақәҿиарақәа ирыԥсахахьеит Рашь Хәытабеи Денис Царгәыши.
Инар Кьетиа иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа агәахәара шинаҭо, ҭабуп шахиҳәаауа, дрылацәажәеит игәҭакқәа.
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
Аԥсны
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
"Ашықәс ҿыц аҟынӡа сҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыслоит. Нас, Владикавказҟа сцоит. Уа имҩаԥысраны иҟоуп Иван Иаригин игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи атурнир. Аспортсмен ӷәӷәақәа ықәгылоит. Уи атурнир сара салахәхахьеит. Усҟан ахәбатәи аҭыԥ ныскылеит. Уажәы сақәгәыӷуеит ахԥатәи аҭыԥ ма изгап ҳәа". - иҳәеит Кьетиа.
Иара ишиҳәо ала аҽазыҟаҵаразы Аԥсны аҭагылазаашьақәа зегь аԥҵоуп, аха иҟоуп спарринг-партниорцәа рыпроблема. Иара иажәақәа рыла апрофессионалтә спортсменцәа реиҳараҩык ареспублика анҭыҵ иқәгылоит.
Кьетиа агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа иалыршахап ҳәа аҽазыҟаҵарақәа рзы ахатәы клуб.
Инар Кьетиа – ақәыԥшцәа рыбжьара Урыстәылеи, Европеи адунеии рықәгыларақәа рлахәыла, Урыстәыла аиндаҭлара аџьаз медал занашьо, изныкымкәа урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии атурнирқәа рҟны изныкымкәа иаиааихьо.
Ажәабжьқәа зегьы
0