Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Миллионла аԥхьаҩцәа змаз аԥсуа шәҟәыҩҩы: Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкны

© Foto / Анатоли ЛагулааВечер памяти Ивана Папаскир
Вечер памяти Ивана Папаскир - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 22 рзы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит иара ашәҟәыҩҩы ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Аусмҩаԥгатә иалахәыз апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит апрозаик ду изку анҵамҭа.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр ҳаԥсуа проза иалеигалаз аҩымҭақәа еиҵагыло ҳабиԥарақәа рҿы ахааназ иаанхоит. Иара ҳлитератураҿы "Ҭемыр" ҳәа хыс измоу раԥхьатәи ароман авторс дамоуп. "Аԥсны жәлар" рышәҟәыҩҩы ҳәа раԥхьаӡа акәны зыхьӡ рҳәаз иара иоуп. Иван Папасқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату" Асовет Еидгылаан аурысшәахь ианеиҭарга, зегь раҵкыс аԥхьаҩцәа зауз аԥсыуа ҩымҭахеит. Аҭоурых аҿы иаанхеит автор хә-миллионк рҟынӡа асалам шәҟәқәа изырҩит ҳәа. Урҭ зегьы Урыстәылантәи еиԥш, егьырҭ ареспубликақәа рҟынтәи иалыхәхәа иаауан.
Ари аҩыза ахҭыс бзиа ҳлитература зегь азы даара иус дууп, акырӡа аҵанакуеит. Убри азоуп ԥхынҷкәын 22 рзы ашәҟәыҩҩы 120 шықәса ихыҵра аиубилеи азгәаҭараан урҭ асалам шәҟәқәа рыхәҭак аус рыдулан хаз шәҟәны рҭыжьра азҵаара зықәгылаз...
Иџьоушьаратә иҟоуп, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рҿы иқәиргылоз апроблемақәа иара имилаҭ мацара ишрыпроблемақәамыз, уи егьырҭ амилаҭқәа зегьы ишрыпроблемаз, рыгәқәа ҿырҳәыцааны ишыркуаз, убри азы шакәыз аԥхьаҩцәагьы абас ирацәаҩӡаны изрымаз... Ароман "Аԥҳәыс лыпату" урысшәала Асовет Еидгыла аамҭазы ҳашәҟәҭыжьырҭаҿы акырынтә аиҭаҭыжьра рықәшәахьан, уи иара ашәҟәҭыжьырҭа абиуџьетгьы даара иацхраауан.
Убас, иахьа уажәраанӡагьы ҳлитератураҟынтәи урысшәала еиҭаган акырынтә еиҭаҭрыжьхьоу ашәҟәқәа иреиуоуп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарахи" Миха Лакрба иновеллақәа еидызкыло ашәҟәы "Аламыси".
Ашәҟәыҩҩы ииубилеи аҿы иқәгылаз, иагьаазыртыз Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа инаиркны, ашәҟәыҩҩцәа Вахтанг Аԥҳазоуи, Даур Наҷҟьебиеи, Ҳаири Қәҭарбеи, абарҭ ацәаҳәақәа равтори, аҵарауаа Алықьса Папасқьыри, Леонид Саманбеи Қь. Хә. Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи ашкол аҵаҩцәеи еицҿакны зегьы еицазгәарҭоз акы акәын: ашәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр ирҿиамҭа дуқәа рбызшәа шыцқьоу, дызҭагылаз аамҭа аҿахәы шырҳәаз, ҳмилаҭ дышрышәҟәыҩҩы дуу, еиҵагыло аҿар абиԥарацыԥхьаӡа инеимда-ааимдо ишрыԥхьало...
© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
1/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
2/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
3/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
4/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

1/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

2/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

3/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

4/4

Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә

Абра иааҳгап абриаҟара аҩымҭа дуқәа аԥызҵаз, акыр шықәса зырҿиамҭақәа тираж рацәала иҭыҵуаз, иахьатәи ҳаԥхьаҩцәагьы ҽыцбарахла изԥхьо ирҿиаратә ԥстазаареи инысымҩеи ртәы ааркьаҿны изҳәо, дарбан аԥсыуа интеллигентзаалакгьы иидыруазарц зыхәҭоу ҳашәҟәыҩҩы иавтобиографиа ааркьаҿны:
Аԥсуа шәҟәыҩҩы Папасқьыр Иван Гьаргь-иԥа диит ԥхынҷкәын 12 1902 Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион), иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 13 1980 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.
1967 шықәса рзы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианаршьеит ароман "Ҭемыр" азы. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа ахьӡ ихырҵеит 1977 шықәса рзы . СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.
1915 шықәса рзы Кәтолтәи алагарҭатә школ далгеит. 1925 шықәса рзы акәзар, Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҟны иҵара хиркәшеит. 1928-1929 шш. рзы иҵара иҵон мрагыларатәи абызшәақәа Ленинградтәи ринститут аҟны. Аԥсныҟа даныхынҳә, аусура хациркит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы. 1943-1950 шш. раан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа деиҳабын, анаҩс араҟа редакторс дыҟан.
Раԥхьатәи иочеркқәеи иажәабжьқәеи анылеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь". Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Алитературатә журнал", агазеҭ "Советская Абхазия", аизга "Аԥсуа жәабжьқәа" (Аҟәа, 1980) уҳәа рҟны.
И. Папасқьыр ҳлитератураҿы раԥхьатәи аԥсуа роман "Ҭемыр" авторс дамоуп (Аҟәа, 1937 ш.; еиҭаҭыжьын Аҟәа, 1939 ш., 1955 ш.; урысшәала "К долгой жизни" ахьӡны М., 1948 ш.; Аҟәа, 1954 ш., 1972 ш.; Қарҭ, 1959 ш.). Ароман азкуп ХХ ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭеи рзы аԥсуа қыҭа асоциалисттә еиҭакрақәа. СССР аан Иван Папасқьыр деицырдырит ироман "Аԥҳәыс лыпату" абзоурала, уи ҩажәа шықәса инареиҳаны аҩра даҿын. Аԥхьаӡа ироман иахьӡын "Амҵарсра", абас хыс измаз аҩымҭа раԥхьатәи ахқәа кьыԥхьын 1941 ш. "Алитературатә журнал" (№1, 2, 3) аҟны.
1949 ш. аҩымҭа хаз шәҟәны иҭыжьын "Хьмур лымҩа" ахьӡны, анаҩс – икьыԥхьын "Аԥҳәыс лыпату" ахьӡны. Х-шәҟәыкны ароман раԥхьаӡа иҭыҵит 1962-1963 шш. рзы, аха уинахысгьы ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа аус адиулон. Аҵыхәтәан ашәҟәқәа рыхԥагьы ргәылалеит хә-томкны ишьақәыргылаз "Иҩымҭақәа реизга" (Аҟәа, 1964-1970 шш.). Р. Хә. Қапба излаиԥхьаӡо ала, ахԥатәи-ахәбатәи атомқәа ирнылеит ашәҟәқәа рыхԥагьы аҵыхәтәантәи рвариантқәа. (Қапба Р. Хә. Иван Папасқьыр. Иԥсҭазаареи ирҿиареи. 2-тәи ашәҟәы. Аҟәа, 1996. Ад.91). Ашәҟәқәа рыхԥагьы аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьын Аҟәа, 1967 ш. (аиҭаҭыжьра – Аҟәа, 1970, 1984, 1985, 1987, М., 1975). (Уаанӡа, 1958-1959 шш. раан аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵхьан актәи аҩбатәи ашәҟәқәа рымацара).
Ароман еиҭаган СССР ажәларқәа егьырҭ рбызшәақәа жәпакы рахьгьы.
Ароман "Аԥҳәыс лыпату" иалхны аспектакль ықәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны (аинсценировка – Н. Р. Ешба, Шә. А. Ԥачалиа, арежиссиор Н. Р. Ешба).
И. Папасқьыр авторс дамоуп иара убас ароман "Ерцахә амҵан" (Аҟәа, 1953 ш., ацәаҿы иануп 1954 ш. ҳәа; аҩбатәи аҭыжьра – 1974 ш.), ажәабжьқәа реизгақәа жәпакы ("Гәдоутәи аиҩхааҿы", "Аԥҳәыс лҵәыуабжь", "Иҩым ашәҟәы ацыԥҵәаха", "Ихәыцым аҭоурых", аҭоурыхтә повест "Ауаҩи аԥсадгьыли" (1979 ш.).
Во дворе Национальной библиотеки Абхазии открыли аллею первой плеяды абхазских писателей  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Аԥсны
Аԥсуа литература аклассикцәа р-Аллеиа аадыртит
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ҭемыр. Аповест. Аҟәа, 1937; Ҭемыр. Аповест. Аҟәа, 1939; Хьмур лымҩа. Ароман. Аҟәа, 1949; Ерцахә амҵан. Ароман. Аҟәа, 1953; Ҭемыр. Ароман. Аҟәа, 1956; Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1956; Аԥҳәыс лыпату. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 1962; Ерцахә амҵан. Ароман. Аҩбатәи аҭыжьра; Иҩымҭақәа реизга: хә-томкны. Аҟәа, 1964-1970; Санду лажәабжьқәеи егьырҭи. Аҟәа, 1977; Ауаҩи аԥсадгьыли. Аповест. Аҟәа, 1979; Ауаҩи аиашеи. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Акаруал шәақь. Ажәабжь. Аҟәа, 1983; Ацгәы Фантина маанала аҳәынаԥ Ӷәыӷә шакыз (ажәлар рҳәамҭахьтә). Аҟәа, 1990; Иҩымҭақәа реизга. Хә-томкны: 2007-2008; аурысшәахь аиҭагақәа: К долгой жизни. Роман (Л. Пасынков иеиҭагамҭа. М., 1948. (2-е переработанное издание – Сухум, 1954; под названием "Ҭемыр" - Тбилиси, 1959; Сухуми, 1972); Женская честь. Роман: в 2 книгах (перевод А. Дубровского. Сухуми, 1958-1959; Женская честь. Роман: в 3 книгах (Авторизованный перевод П. В. Счетова. Сухуми, 1967 (Переиздания : Сухуми, 1970; М., 1975; Сухуми, 1984, 1985, 1987).
© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр

Иван Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
1/4

Иван Папасқьыр

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр

Иван Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
2/4

Иван Папасқьыр

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр

Иван Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
3/4

Иван Папасқьыр

© Foto / Анатоли Лагулаа

Иван Папасқьыр

Иван Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
4/4

Иван Папасқьыр

1/4

Иван Папасқьыр

2/4

Иван Папасқьыр

3/4

Иван Папасқьыр

4/4

Иван Папасқьыр

Иван Папасқьыр ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реизҳара даара дазҿлымҳан. Уи қәрала акыр днеихьан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ҿыц аҩра иалагаз алитераторцәа ҿарацәа ирызкыз Аԥснызегьтәи асеминар анымҩаԥысуаз. Убри аҳаҭыраз иара иҟаиҵеит "Ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа шәахь ааԥхьара" захьӡыз аҳәамҭа. Уи анын 1976 шықәсазы ажурнал "Алашара" актәи аномер. Уаҟа уи иазгәеиҭоит ашәҟәҩыра даара аџьабаа ду шацугьы, абаҩхатәра змоу аҿар ишырхаҵгылатәу, рҩымҭақәа шкьыԥхьлатәу, рҭыԥ-рҭышә рышьақәгылараҿы ишрывагылатәу, избанзар, уаҵәтәи амш дара иртәуп. Абраҟа иааҳгоит ашәҟәыҩҩы ду аҿар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара аҟынтәи хәҭак:
"АШӘҞӘЫҨҨ ҾА ИЛАБЖЬАРА УАДАҨЗАРГЬЫ...
Ишдыру еиԥш, аԥсҭазаараҿы ауаа зегьы занааҭк-занааҭк рымоуп, уск-уск ирҿуп. Ҳәарас иаҭахузеи, досу идырра, игәеилгара шыҟоу еиԥш ауп инапы злаку дшамароу, иусушьа ахаҭабзиара шааԥшуа. Убарҭқәа зегьы рҿы ауаҩ ҿа илабжьара, имҩақәҵара, акыр ирҵара еиҳа иалшоит ашәҟәыҩҩ ҿа илабжьара, имҩақәҵара, "арецепт" изылҩаара аасҭа. Избанзар, уи баҩхатәроуп, ауаҩы даниуа ициуеит. Иахьа уажәраанӡагьы иҭҵааӡам иара закәыҵәҟьоу – абаҩхатәра. Аԥсҭазаараҿы имаҷҩым абаҩҷыда злоу, аҟазшьа бзиеи аламыси змоу, ҵарадыррала еиқәшәоу, зхәыцшьа ҟаимаҭу ауаа, аха урҭ асахьаркыратә ҩымҭа бзиақәа рзаԥымҵар ҟалоит… Ашәҟәыҩҩ иаша иира – милаҭ гәадуроуп, милаҭ ныҳәоуп ҳәа азуҳәар алшоит. Избанзар, ашәҟәыҩҩцәа иашақәаҵәҟьа аԥсабара лассы-лассы иашаӡом…
Ишыжәдыруа еиԥш, ашәҟәыҩҩраҿы зегь ирыцку абызшәоуп, абызшәа абеиароуп уи бџьар хадас иамоу. Иара убри алоуп зегь раԥхьаӡа иргылангьы ҿыц аҩра иалагаз рҿиаҩык иаҳасабала наҟ-наҟтәи иԥеиԥш злеилкаахогьы. Ацәажәара зегьы ирылшоит, аха асахьаркыратә ажәа зынӡа аҽакуп. Убри ауп абаҩхатәра ҳәа ҳазҿугьы…
Ауаҩы иагьа дҟәыӷазаргьы, иага хшыҩҵак ду игәаҵа иҭаҵәахызаргьы, ибызшәа анӷарха, абызшәа амаӡақәа анизаҵымх, уи баҩхатәраны ицмизар, ииҩуа иаԥхьо еилыркаартә, рцәа ианырыртә, ргәаҵанӡа иархәыцыртә изыҟаҵом, иара иага сышәҟәыҩҩуп ҳәа ихы иԥхьаӡозаргьы…"
Абҳазоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи раллеиа азы: акультуратә ԥсҭазаараҟны даҽа даҟьа ҿыцк - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Арадио
Аԥҳазоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи раллеиа азы: акультуратә ԥсҭазаараҟны даҽа даҟьа ҿыцк
Иазгәаҭатәуп иара убасгьы ашәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр лаԥшы хаала ишихәаԥшуаз акритикцәагьы. Уи изкны ражәа рҳәахьан - Шьалуа Инал-иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Шоҭа Салаҟаиа, Сергеи Зыхәба, Владимир Аҵнариа, Руслан Қапба, Владимир Агрба уҳәа убас ирацәаҩны. Лымкаала иазгәаҭатәуп акритик Руслан Қапба ҩ-шәҟәыкны уи изикыз " Иван Папасқьыр" захьӡу амонографиа ду. Актәи ашәҟәы ҭыҵит аибашьра иалагаанӡа 1991 шықәсазы, аҩбатәи - 1996 шықәсазы. Уи шыҟалаз аҭоурых бзианы иҩуеит акритик Иван Папасқьыр изку аҩбатәи ишәҟәы аԥхьажәаҿы. Абраҟа иаазгоит уи ахәҭак аҭоурых иашаҵәҟьа аилкааразы:
"Иван Папасқьыр изкыз актәи сышәҟәы анҭыҵ ашьҭахь аҩбатәи ашәҟәы аҭыжьра иазыхианы ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредакциаҿы ишьҭан. Аха ақырҭуа фашистцәа 1992 шықәсазы иаҳзааргаз аибашьра хлымӡаах амца қьоуқьад иаларыблит. Аҩбатәи ашәҟәҟәаҿы еизгаз аԥсуа литератураҿы ахархәара змауцыз, зԥыхьашәара уадаҩыз афактқәеи аматериалқәеи, еиуеиԥшым адокуменқәеи рацәаӡаны иаагоуп.
Ҳәарас иаҭахузеи, авторк иаҳасабала, фышықәса зықәсырӡыз сгәы азыбылуан.
Сыԥшәма Марои сареи Аҟәа ҳалахан ҳаныҟаз, ҳаԥсҭазаара ахәыц-па ианакыз аамҭазы, сусумҭа аҩбатәи ашәҟәы анапҩыра аҩбатәи ахкьыԥхь издыруада џьара исзеиқәырхозар ҳәа исзааигәаз сҭынхак ҵәахтәыс исҭеит. Уи ауаҩ еиликаагәышьон сара сзыргәаҟуаз, снапҩыра хьаас ишсымаз. Ажәагь сиҭеит ишеиқәирхоз ала.
Аҵыхәтәан иааит зегьы ҳала ҭырхаха ҳаззыԥшыз аиааира амшгьы. Аҟәа ақырҭуа фашистцәа аналырца, ҳбираҟ шәыршәыруа ианахагыла, зегьы ҳаҩныҟақәа рахь ҳаихеит.
Ашьҭахь, акыр аамҭа анҵы, машәыршақә, ани снапылаҩырақәа зысҭаз сҭахы игаражаҿ шьоукы ирбеит имбаарц азы пластмасс лыхк иҭаҵаны, анышә ижны ишамаз. Абри сара сзы гәырӷьара дуун. Анцәа диныҳәартә, убри ауаҩ ибзоураны, ибжамҽамымхеит, ҳашәҟәыҩҩы ду Иван Папасқьыр иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи ирызку, сааԥсара ду зду сышәҟәы.
Ҵабыргуп, актәии аҩбатәии ашәҟәқәа аамҭа рацәаны ирыбжьалагәышьеит, аха уи уеизгьы-уеизгьы иԥынгыла духом, ахаҭабзиара азыларҟәуам иара ашәҟәы акыр иаԥсаны исзыҟаҵазар…"
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы Лашәриа Иван Папасқьыр ирҿиаратә мҩа иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы Лашәриа Иван Папасқьыр ирҿиамҭақәа ирызкны
Ашәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр иҩызцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ибаҩхатәра дуи иуаҩреи рзы даара пату иқәырҵон. Иахьатәи уи изку сажәа кьаҿ хсыркәшар сҭахуп Апоет Алықьса Џьонуа Иван Папасқьыр ихьӡниҩлаз иажәеинраала ала:
***
Сара схырхәауеит уԥсадгьыл гәакьаҿ,
Кәтолаа рашҭаҿ, сгәы аартны,
Убаҟа ахьгылоу ушьап дгьыл ԥагьаҿ
Уара уԥсы-цқьа ахаҵаны.
Унапҩымҭа хьтәы рҿиамҭоуп,
Узмилаҭу рразҟазы.
Уара инужьыз доуҳатә ҳамҭоуп,
Жәлар ирхамшҭӡо рҿахәазы.
Узабиԥароу ргәы уҭынҵәашам,
Ԥхьаҟа ирзууеит баҟара,
Уҟазшьа ҷыда дырхәанчашам
Зегь ирыцку ауаҩра.
Уара, Нарҭаа ссирқәа ирҵеироу
Иаҵеи дуӡӡоу Аԥсынра.
Згәеисра-ҿымцәа мца-кәеицеироу,
Имузеиу ухәышҭаара!..
Ажәабжьқәа зегьы
0