Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҳазалхырҭа аҳәааҟны аидарамҩангага машьынақәа рҽеизакра амзыз атәы рҳәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Абхазии и России с воздуха
Граница Абхазии и России с воздуха - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза инаркны Урыстәылаҟа хыԥхьаӡара рацәала ашәыр ииаргоит. Иахьатәи аамҭазы ареспублика аҟынтә ииаргахьеит 25 000 тонна ацитрусқәа, 800 тонна афеихоа, 90 тонна ахәырма.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа-аурыс ҳәааҟны хыԥхьаӡара рацәала ашәыри ауыҭраҭыхи раалыҵ мҩанызго аидарамҩангага машьынақәа реилагылара мзызс иамоу аныҳәақәа рыламҭалаз атранспорт ахыԥхьаӡара абжьааԥаны аасҭа акыр иахьеиҳахаз ауп ҳәа рҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь аҿтәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҟны.
"Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҳазалхратә ҭыԥ алшарақәа раасҭа акыр еиҳахеит иадгалоу аҭахрақәа раасҭа. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аҳәаа 600 машьына ахысуазар, аҵыхәтәантәи аамҭазы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 1,5 000 тонна амандарина аалыҵ азы ашәҟәқәа харҭәаан. Аушьҭырҭатә ҭыԥ уахи-ҽни еиԥшьны аус ауеит, оперативла, аԥыжәаратә ҟазшьақәа азгәаҭаны", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Уи адагьы ирҳәеит аусура арццакразы арахь ишааԥхьоу атәылаҿацә егьырҭ аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа русзуҩцәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҭыжәбеи Џьопуеи амандарин аҭиразы ауадаҩрақәеи урҭ раԥыхреи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ҭыжәбеи Џьопуеи амандарина аҭиразы ауадаҩрақәеи урҭ раԥыхреи ирызкны
"Аԥснынтә аиҳарак Урыстәылаҟа хыԥхьаӡара рацәала ашәыр ииаргоит жьҭаарамза инаркны. Иахьатәиала ареспублика аҟынтә ииаргахьеит 25 000 тонна ацитрусқәа, 800 тонна афеихоа, 90 тонна ахәырма. Уажәы апаҭыркал 100 тоннак рҟынӡа аҳәаа иахыргахьеит, алимон - 400 тонна", - аҳәоит адырраҭараҿ.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит аидара зегьы амашьынақәа ишрықәрымхуа.
"Амонитор аҟны адокумент аҿы иарбоу аалыҵ ада аҽак ааԥшызар ма атауар агәызҩара цәырнагазар – еиҳа инарҭбааны иҭҵаахоит. Убас ҵыԥх амандарина мҩанызгоз афурақәа рҿы иаарԥшын арыжәтә зҭаз аиашьыкқәа, аҭыҭын аалыҵ уҳәа азакәаншьаҭа змамыз атауар", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿ.
Атранспорт хархәагақәа аамҭа мгакәа роушьҭразы аус ауеит МИДК (амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс).
Жьҭаарамзаахыс аҳәаа иахыргахьеит 27 000 тонна ашәыри ауыҭраҭыхи раалыҵ.
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа жәанызқь тонна инареиҳаны амандарина ииаргахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0