Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәынба: Аԥсни Урыстәылеи русеицура дырҭбаауеит, идырҿиоит

© Foto / Официальный сайт Президента Республики Абхазия Бадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Sputnik аинтервиу анеиҭоз Аԥсни Урыстәылеи русеицура астратегиатә ҟазшьа далацәажәеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи русеицура -ҳтәыла иарбанызаалак анапхгареи ажәлари рзы аԥыжәара амоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Гәынба иазгәеиҭеит ареспублика ауааԥсыра ишырныруа "Урыстәыла ажәлари анапхгареи рыдгылара".
"Ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара аҳаҭыреиқәҵареи, аимабзиареи рышьаҭала мацара аҿиара рыҭалатәуп. Аԥсны еснагь иазыхиоуп иалшо ала адгылара, ацхраара. Ҳара ҳзы ари аиҩызара ԥыжәаратә ҟазшьоуп иамоу, аҽа хырхарҭак ахь ахьаԥшрагьы ҳагәҭакым", - иҳәеит иара.
Ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәыла ишацхраауа иҷыдоу арратә операциаҟны –Донецки Лугански жәлар Рреспубликақәа азханаҵеит.
"Аԥсны жәлар ирдыруеит рхақәиҭра, рбызшәа рзы ақәԥара аҵакы. Ирбоит Урыстәыла иахьа Аԥсны аҵакыраҿы ашәарҭадара шеиҿнакаауа, аекономикатә ҭагылазаашьақәа шеиӷьнатәуа", - иҳәеит иара.
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2022
Аԥсны
Анқәаб: Қарҭ аганахь ала Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп
Гәынба иҳәеит агеополитикатә мшхәаԥштәы шазырхо Урыстәыла арԥсыҽра. Асеиԥш ихәыцуа атәылақәа Аԥсны иаӷацәоуп ҳәа иҳәеит иара.
"Ибзианы иаадыруеит Урыстәыла аладатәи акалҭ аҿы аҭынчра аиҵаҟьаразы ақырҭуа мчрақәа ишрықәыӷәӷәо. Ҳаргьы аиҿагыларатә цәаҳәа аханыҵәҟьа ҳгылоуп", - азгәеиҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ.
Иара иҳәеит 2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы шрыҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0