Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин иааиуа аныҳәақәа идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Анапаҵаҩра
Ахада идныҳәалараҟны иазгәеиҭеит Аԥсны шазыхио ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин ҳазҭало Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ииасуа ашықәс аҩнуҵҟа Аԥсни Урыстәылеи ишалдыршаз аиҩызареи астратегиатә партниорреи шьаҭаны измаз аизыҟазаашьақәа рырҿиара.
"Аԥсны жәлари анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа адгылара арҭоит ииашоу, жәларбжьаратәи азини асуверинитети ҳаҭыр рықәҵара апринципқәа шьаҭаны измоу адунеиеиҿкаара аҽахьазнашәо. Агәра ганы ҳаҟоуп Шәареи атәыла Аиҳабыреи ирыдыркыло аӡбамҭақәа рыӡбраҿы ақәҿиарақәа шшәоуа", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, аиааирақәа, урыстәылатәи ажәлар – аманшәалареи аизҳазыӷьареи.
Видеообращение президента РФ В. Путина по случаю Дня спасателя - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Аԥсны
Владимир Путин аԥсуа жәлар Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит
Аԥсны ахада иара убасгьы дрыдныҳәалеит: Урыстәыла Аиҳабыра ахантәаҩы Михаил Мишустин – иҳәеит Аԥсны иалшо зегь шыҟанаҵо иамоу ахыдҵақәа рынагӡаразы, Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин – иазгәеиҭеит апарламентбжьаратә еимадарақәа ԥхьаҟа еиҳагьы ишырӷәӷәахо, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров – агәрагара ааирԥшит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз агәреибагареи аҳаҭыреиқәҵареи анаҩсгьы аиҵыҵра шаиуазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0