Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идырныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны ахада Ашықәс ҿыц идиныҳәалахьан Владимир Путин.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельскии Аслан Бжьаниа иааиуа аныҳәақәа идырныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Красносельски адныҳәалараҟны агәыӷра ааирԥшит ҽаангьы Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара еицыфеидоу аизыҟазаашьақәа ҿиалап ҳәа.
"Адраматә ҟазшьа змоу жәларбжьаратәи апроцессқәа аҽазныкгьы иаадырԥшит ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи, ахыхьчареи рахь зымҩа ылызхыз, аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи дареи рыстратегиатә еизыҟазаашьақәа аҵакы шрымоу еилызкааз ҳажәларқәа рҟәыӷара", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Алан Гаглоев адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иазгәеиҭеит ииасыз ашықәс азы ареспублика еиҳагьы ишӷьеиҩхаз.
"Ҳажәларқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа еиҳа еиҳа рыҽдырҭбаауеит, ибеиахоит усла, лагамҭала. Агәра згоит иааиуа 2023 шықәса ҳтәылақәа рышәҭыкакаҷреи реизҳазыӷьареи ираамҭаны иҟалап ҳәа", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Аԥсны ахада аҳәаанырцәтәи аполитикцәа жәпаҩык идырныҳәалеит. Урыстәыла Аиҳабыра рхада Михаил Мишустин Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара, дырзааҭгылеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адинамикатә еизыҟазаашьатә ҿиарақәа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путин иааиуа аныҳәақәа идиныҳәалеит
ЛЖәР ахада и.н. Леонид Пасечник Аслан Бжьаниа дидныҳәало агәыӷрақәа ааирԥшит иааиуа ашықәс азы агәҭакқәа зегьы наӡахап ҳәа.
Аҳәынҭдума адепутат Ахмед Дагоеви Адыгеиа уаанӡатәи ахада Хазрет Совмени рҟынтәгьы Аԥсныҟа адныҳәаларатә шәҟәқәа аашьҭын.
Ажәабжьқәа зегьы
0