Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Ашықәс ҿыц, абиуџьет, афымцамч азы ахәԥса ҿыцқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Новогоднее настроение в столице Абхазии
Новогоднее настроение в столице Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынҷкәын 26 - ажьырныҳәа 1 азы иҟалаз ахҭысқәа инарылукааша реизак.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылеит, аԥыза-министр Александр Анқәаб аиубилеи иман, афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ашықәсҿыцазтәи акциа еицеиҿыркааит, Апарламент 2023 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит.
Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи - Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Анаплакцәа рԥылара

Ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада еиҭеиҳәеит аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа аекономика ахырхарҭалеи хра злоу аполитикатә амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәеи.
Иалацәажәеит Аԥсны аекономика адәныҟатәи аинвесторцәа радԥхьалара, апартаментқәа азинмчратә ҭышәнартәалара аҩаӡара ахымԥадатәра, аелектроенергиатә нхамҩа иамоу ауадаҩрақәа ртәы.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2022
Аԥсны
Бжьаниа урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Аԥыза-министр ииубилеи

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ԥхынҷкәын 26 рзы 70 шықәса ихыҵит. Аԥсны ахада иусԥҟала, иара "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьан аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи аизҳареи аҟны илшамҭа дуқәеи ауаажәларра-политикатә усуреи рзы.
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2022
Аԥсны
Аԥсны аинтересқәа рыхьчараҿы: Александр Анқәаб 70 шықәса ихыҵит

Ашықәс ҿыц азы ашана

Ари амчыбжь азы ихыркәшан агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" еицымҩаԥыргаз агәыҳалалратә акциа "Ашанаҵла".
Афондқәа хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ргәазыҳәарақәа ашәҟәқәа ирынҵаны Аҵаа Бабаду изыршьҭит. Аиҿкааҩцәа арҭ ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит. Изҭаху зегьы ирыман алшара ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа нарыгӡарц.
Ԥхынҷкәын 26 рзы акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы афондқәа зхылаԥшуа ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аныҳәа, уа иқәгылеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, арлахҿыхцәа. Ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршеит.
Итоги новогодней акции Ашана-цла благотворительных фондов Ашана, Киараз и культурно-деловой площадки Гума подвели 26 декабря. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Аԥсны
Досу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит

Новые тарифы

Ԥхынҷкәын 27 рзы Аминистрцәа реилазаара "Аенергетика аусхк аҟны ахархәаратә ԥҟарақәа, анормативқәа, асоциалтә нормақәа, ахәԥсақәа реиҿкаареи рхархәареи ишьақәырӷәӷәоу рыԥҟарақәа рзы" ақәҵара аԥсахрақәа аланагалеит.
Уажәшьҭа ахатәхаҿқәа фазактәи аидкыла ахархәарала афымцамч аннырхуа иларҟәу акоеффициент ахархәара арҭоит. Уи 65 копеи кВт•с азы ҳәа ишьақәыргылоуп. Уаанӡа ахатәхаҿқәа ртариф 90 копеи кВт•с азы ҳәа ишьақәыргылан, асоциалтә норма аҳәаақәа ирҭагӡаны - 70 копеи ҳәа.
В Адыгее построена первая в регионе солнечная электростанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара алашара аныхраз асоциалтә нормақәа рхархәара аԥҟара аԥсахит
Х-фазак рыла абзазаратә хархәагақәа зхы иазырхәо ахатәхаҿқәа рзы атариф шьақәыргылоуп 0,85 иҟоу акоеффициент ҳәа, ус анакәха, кВт•с азы мааҭки 30 копеи ршәалароуп.
Убри аан арахь иаҵанакӡом аҭаҩгатә аппаратқәа ззықәгылам атәылауаа.
Ахатәхаҿы 20 кВт•с ихы иаирхәозар, ашәарақәа ртариф акатегориа "Акриптовалиута зырҳауа ахархәаҩцәа" рахь иаҵанакуеит.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Аԥсны
Апарламент "Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аморатори ақәҵараз" азакәан рыдрымкылеит

Абиуџьет рыдыркылеит

Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны Апарламент аилатәараҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аднакылеит.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа -12,512 миллиард мааҭ
Аҳәынҭбиуџьет аныхрақәа - 14,188 миллиард мааҭ ҳәа.
Аҳәынҭбиуџьет адефицит 1,676 миллиард.
Ареспубликатә биуџьет азеиԥш хашәала 9,622 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Уи аҟынтә Урыстәылатәи афинанстә цхыраара:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы – 3,734 миллиард мааҭ,
Аинвестпрограммала ацхыраара - 1,215 миллиард мааҭ,
2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аҳәынҭқарратә цхыраара - 180 миллион мааҭ,
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 11,298 миллиард мааҭ ҳәа иазгәаҭоуп,
Ареспубликатә биуџьет адефицит - 1,676 миллиард мааҭ.
Заседание в парламенте 29-12-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Аԥсны
Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала

Ашықәс ҿыц

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылеит. Ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны аԥсаӡқәа дыргылеит, ирҩычеит, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит.
Ԥхынҷкәын 31 ауха аҵх аҽеиҩшамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ижәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит. Аԥсаӡ хада аҿаԥхьа акәзар, ауааԥсыра шьыжьынӡа инеиааиуан, икәашон, ишәаҳәон.
Новогодняя елка города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Аԥсны
Аԥсны АҶА: ашықәсҿыцазтәи аҵх ҭынчны имҩаԥысит
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи иҟарҵаз адыррала, иааидкыланы Ашықәс хыц ауха ҭынчны имҩаԥысит. Аҳәынҭқавтоинспекциа амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа 124 аадырԥшит. Ԥшьҩык арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы ахьыркыз азы ашьаус иақәыршәан. Урҭ рахьтә хҩык Аҟәа иааныркылеит, аӡәы - Тҟәарчал.
Ашьыжь ажьырныҳәа 1 Аҟәа Турбаза иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит. Автомашьына Toyota Мark X шааиуаз, ԥынгылак ианҟьеит. Амашьына иҭатәаз руаӡәк аахақәа лыманы Ареспубликатә хәшәытәрҭахь днаргеит лыԥсы лхыҵхьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0