Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуризм аминистрра: 2022-тәи аԥхынтәи асезон иҿиашьа атуризм ахырхарҭа ҿыцқәа аанырԥшит

© SputnikГлэмпинг в селе Дзыгута
Глэмпинг в селе Дзыгута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аминистрра адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 20-нӡа миллионҩык инреиҳаны атуристцәа Аԥсны иаҭааит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. 2022-тәи аԥхынтәи асезон иҭышәынтәалоу арбагақәа аанырԥшит, иара убас иҿиашьа атуризм ахырхарҭа ҿыцқәа-аекологиатә, ақыҭанхамҩатә, аҽыхәшәтәра-зҩыдаратә, аҭыԥԥшьаныҟәаратә, абри атәы лҳәеит атуризм азы аминистрра иатәу акурорттә-туристтә хырхарҭа аҿиареи, аԥсшьараамҭа зеиԥшрахо анализи рыҟәша аиҳабы Инара Бениа.
"Аԥсны атуристтә хырхарҭа иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ибзианы иҿеит, акризистә аамҭақәа рзы иҭышәынтәалоу арбагақәа аанырԥшит", - лҳәеит Бениа.
Бениа лажәақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рҿаҵарақәа ҳаракын.
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Аԥсны
Миллионҩык инреиҳаны атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2022 шықәсазы
2021 шықәсазтәи асезон иаҿырԥшны аотельқәа зегьы аԥхынтәи аамҭазы 20-40% рҟынӡа рыхәқәа шьҭырхит.
Атуризм азы аминистрра адыррақәа рыла, 2021 шықәса иаҿырԥшны лаҵарамзазтәи аԥсшьарамқәа рзы Аԥсны аԥсшьара зҭахыз рхыԥхьаӡара 5-7% рыла еиҵахеит.
Бениа лажәақәа рыла, еиҳа изызхьаԥшуаз аҭахрақәа иреиуоуп ашықәс зегьы аус зуаз, зегьы рыла еиқәшәоу аԥсшьарҭатә ҩнқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0