Еилаарцыруа лашарабагала: Аԥсны аԥсаӡ хадақәа шдырхиаз

Анапаҵаҩра
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа аԥсаӡ ада ҟалашьа амам. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп, ԥшшәы рацәала, еилаарцыруа аԥсаӡқәа рхиоуп.
Ҳтәыла ахы-аҵыхәа аԥсаӡқәа ахьгылоу иаҭаауа ауаа рзы еиуеиԥшым атетралтә қәгыларақәа мҩаԥыргоит, аха-мыхаақәа рҭиуеит, ажәакала, хәыҷи-дуи рзы аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵоит.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.  - Sputnik Аҧсны
1/8

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.

© Sputnik

Зеиԥш ыҟам аҳамҭа роуит Тҟәарчалаа, урҭ рыԥсаӡ еиуеиԥшым ахәмаргақәа рыла ишҩычоугьы, абант ҟаԥшь арҭеит.

Зеиԥш ыҟам аҳамҭа роуит Тҟәарчалаа, урҭ рыԥсаӡ  еиуеиԥшым ахәмаргақәа рыла ишҩычоугьы, абант ҟаԥшь арҭеит. - Sputnik Аҧсны
2/8

Зеиԥш ыҟам аҳамҭа роуит Тҟәарчалаа, урҭ рыԥсаӡ еиуеиԥшым ахәмаргақәа рыла ишҩычоугьы, абант ҟаԥшь арҭеит.

© Foto / eesthetiiquee

Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа иргылоуп хәыҷи-дуи ахьадеизало аԥсаӡ.

Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа иргылоуп хәыҷи-дуи ахьадеизало аԥсаӡ. - Sputnik Аҧсны
3/8

Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа иргылоуп хәыҷи-дуи ахьадеизало аԥсаӡ.

© Foto

Галтәи аԥсаӡ ргылоуп акультуратә ҩны аҿаԥхьа,
уи еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит,

Галтәи аԥсаӡ ргылоуп акультуратә ҩны аҿаԥхьа,  уи еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит, - Sputnik Аҧсны
4/8

Галтәи аԥсаӡ ргылоуп акультуратә ҩны аҿаԥхьа,
уи еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит,

© Sputnik / Бадри Есиава

Аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп Афонҿыцгьы. Араҟа убас лашарбагала иҩычоуп, аиашазы алакә аҟны уҟәоушәа унарбоит.

Аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп Афонҿыцгьы. Араҟа убас лашарбагала иҩычоуп, аиашазы алакә аҟны уҟәоушәа унарбоит. - Sputnik Аҧсны
5/8

Аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп Афонҿыцгьы. Араҟа убас лашарбагала иҩычоуп, аиашазы алакә аҟны уҟәоушәа унарбоит.

© Sputnik

Гәдоуҭатәи аԥсаӡ есышықәса еиԥш гьамала еиҿкаауп, "Ҽаанбзиала" ҳәа аԥсышәала аҩырагьы ануп.

Гәдоуҭатәи аԥсаӡ есышықәса еиԥш гьамала еиҿкаауп, "Ҽаанбзиала" ҳәа аԥсышәала аҩырагьы ануп. - Sputnik Аҧсны
6/8

Гәдоуҭатәи аԥсаӡ есышықәса еиԥш гьамала еиҿкаауп, "Ҽаанбзиала" ҳәа аԥсышәала аҩырагьы ануп.

© Foto / abkhazia_pitsunda_gagra

Пицундатәи аԥсаӡ иуаркалеиуа ахәмаргақәа кнарҳаит, ашьапаҿы абнаҽацәқәа ргылоуп.

Пицундатәи аԥсаӡ иуаркалеиуа ахәмаргақәа кнарҳаит, ашьапаҿы абнаҽацәқәа ргылоуп. - Sputnik Аҧсны
7/8

Пицундатәи аԥсаӡ иуаркалеиуа ахәмаргақәа кнарҳаит, ашьапаҿы абнаҽацәқәа ргылоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Гагра игылоу аԥсаӡ уахынла оумакала иԥшӡоуп, уи ауаа рацәаны иадеизалоит,

Гагра игылоу аԥсаӡ уахынла оумакала иԥшӡоуп, уи ауаа рацәаны иадеизалоит,  - Sputnik Аҧсны
8/8

Гагра игылоу аԥсаӡ уахынла оумакала иԥшӡоуп, уи ауаа рацәаны иадеизалоит,

Ажәабжьқәа зегьы
0