Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит қьырсатәи ахымцаанкылара ҵхагәанынӡа ишыҟоу

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт военной техники в зоне спецоперации
Ремонт военной техники в зоне спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2023
Анапаҵаҩра
Аурыс ган аибашьра ацәаҳәа зегь аҟны ахымцаанкылара арежим иақәныҟәоит ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аган ирыланаҳәаз ахымцаанкылара арежим ишақәныҟәац иақәныҟәоит ажьырныҳәа 8 ауха асааҭ 00:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Украина арбжчьармчқәа урыстәылатәи аиланхарҭақәеи аруаа ргыларҭақәеи ирылахысуеит, аха уи иахьмырԥшкәа, ахымцаанкылара арежим ажьырныҳәа 8 асааҭ 24 рҟынӡа амч амазаауеит ишырҳәахьаз еиԥ", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Убас, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ 11-нтә ихысит, Соледартәи, Авдеевтәи, Марьинтәи ахырхарҭақәа рҿы артиллериа 51-нтә иҭдырҟьеит.
Уи адагьы, зкалибр дуу 60 снариад ҭдырҟьеит Донецк ауаа реиланхарҭақәа рахь, Макеевка иалахысит асистема HIMARS ала.
Запорожтәи аобласт аҿы украинатәи архәҭақәа 31-тәи ихысит, Херсонтәии Криворожтәии ахырхарҭақәа 17-нтәи ирылахысит. Урҭ рхысра еиԥырҟьан.
Иара убас адырра ҟарҵеит Купиантәи ахырхарҭаҿы УАМ амеханизациа зызуу абригадақәа 14 ржәылара аԥырҟәҟәаан, иҭархан 20-ҩык украинатәи аруаа, атанк, "Град", автомашьынақәа ҩба.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭала иаԥырҟәҟәаан украинатәи 80-тәии 95-тәии адесанттә-жәыларатә бригада аруаа. Иҭархоуп 30-ҩык украинатәи аруааи, агаубицақәа Д-20 ҩба, кәалӡымашьынаки пикапки.
Донецктәи ахырхарҭаҿы амеханизациа зызуу абригада 110-еи адесант-жәыларатә бригада 79-еи ржәылара аԥырҟәҟәаан. Иҭахеит 50-ҩык аӷа ируаа, танкки автомашьынаки.
Работа артиллерии НМ ДНР на Авдеевском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев Донбасс ишалахысыц иалахысуеит Урыстәыла аамҭала ахымца аанкылара шаланагалазгьы
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы украинатәи 108-тәи абригада ажәылара аԥырҟәҟәаан, иҭархан 20-ҩык украинатәи аруаа, агаубицақәа Д-30 ҩба, кәалӡымашьынаки ҩ-пикапки.
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирпланқәа ԥшьба, иаанкылан зныкҟьара ихысуа асистемақәа "Ураган" аснариадқәа хәба, иара убас арадиолокациаҿагыларатә ракета HARM.
Зынӡа арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп: аҳаирпланқәа 360, авертолиотқәа 199, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 2843, азенит-ракетаттә комплексқәа 400, атанкқәеи егьырҭ акәылӡымашьынақәеи 7441, зныкҟьара ихысуа ареактивтә аибашьыгатә машьынақәа 972, адәынтәи артиллериабџьари аминомиотқәеи 3787, иара убас 7957 ак иҷыдоу арратә автомобилтә техникеи.
Работа подразделений РЭБ на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Белоруссиеи Урыстәылеи злахәу ар еихша аҳәынҭқарра ахьчара иазхиоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0