Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәачатәи аспортсменцәа-аԥырҩцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский аэропорт
Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2023
Анапаҵаҩра
Авиациа лас аклуб "Пластунка" аадыртит 2020 шықәса абҵарамзазы. Иара аилазаараҿы иҟоуп жәҩык аԥырҩцәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Авиациа лас аклуб "Пластунка" аҟынтәи шәачатәи аспортсменцәа Аԥсны аҽазыҟаҵараз алшара роуит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин.
Иара иажәақәа рыла, аклуб ахаҭарнакцәа иара иахь аҳәара ҟарҵеит Украина арратә операциа ҷыда цонаҵы, Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа ажәҩан аҿы авиациатә аспорт еицлабрақәа ахьалымшо азы, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараз ацхыраара риҭарц.
Затулин ишиҳәаз ала, шәачатәи аспортсменцәа адгылара рырҭеит Аԥснытәи рҩызцәеи аҳаирбаӷәаза адиректор Виачеслав Ешбеи, аха аԥырҩцәа рмыругақәа аҳәаа рахыгаразы абаџь шәатәуп ҳәа рарҳәеит. Затулин иажәақәа рыла аклуб алахәылацәа уи рылшаӡом.
Адепутат иазгәеиҭеит, азҵаара аӡбараз Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба дышиҳәаз, уи ажьырныҳәа 18 рзы аус ӡбоуп, аспортсменцәа аар рылшоит ҳәа адырра шииҭаз.
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Аԥсны
Шәачатәи авиаторцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҽазыҟаҵара иаҳәеит
"Аԥсны анапхгара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ари даара ицхыраагӡоуп. Аԥсны агәылацәа иахьрыцхраауа адагьы иара ахаҭа аӡыргаразгьы ихәарҭоуп, избанзар, аҳаиреимадара азҵаара иахьазы актуалра аманы иҟоуп. Сара сгәаанагарала Аԥсны ажәҩан Аԥсны ишатәу уа иара иаҭаху ыҟазар мап шацәнамкуа зегьы ирдыруазар ахәҭоуп" - иҳәеит иара.
Аклуб "Пластунка" анапхгаҩы Алексеи Лапушенков иажәақәа рыла, арратә операциа иалагазар аклуб аусура ахәҭакахь ала иаанкылоуп. Апарапланқәа аԥырра рылшозар, еиҳа ихьанҭоу, иаҳҳәап автожирқәа ахьгылац игылоуп. Убри азоуп Аԥсны аҳаирбаӷәазаҿ аҽазыҟаҵараз аҳәара зыҟарҵаз.
Лапушенков иазгәеиҭеит, Аԥсны авиациатә спортхкы азы ишаарту, ареспубликаҿ аус шыруа Урыстәыла иҟоу иреиԥшу авиациатә нормақәа, абаӷәаза аструктура – уи аспортсменцәа рҽазыҟаҵараз иманшәалоуп.
"Аԥырҩы заҟа ирацәаны дԥыруа аҟара ишәарҭадара иазҳауеит. Ус акәымкәа аԥышәа маҷны имазар – иҟазара ианыԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Краснодартәи атәылаҿацә аҵакыра Украина иахьазааигәоу азы арегион зегьы аҿеиԥш Шәачагьы аԥырыгатә техника ахархәара ԥкуп. Уи иахарҟьаны урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа 11– Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьик, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста рҿы аусура аанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0