Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа реизҳара атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Александр Анкваб
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит 2022 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаала иазкны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб далацәажәеит 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа реизҳара атәы.
Иара иҳәеит алагалақәа ишдыртәаз 4,95 миллиард мааҭ, иазгәаҭаз 4,56 миллиард мааҭ аҟынтә.
Ари зыбзоуроу ашәахтәқәҵаратә база арҭбаара, абиуџьет ахь ауалқәа ршәара аиҿкаара, ашәахтәқәа напхгара рыҭара аиӷьтәра, афинанстә леишәа арӷәӷәара ауп. Алагалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ашықәс анҵәамҭаз 13,73 миллиард мааҭ шьақәнартәеит, ари ишьақәыргылаз арбагақәа иреиҳахеит 1,3 миллиард мааҭ рыла ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Алагалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ашықәс анҵәамҭаз 13,73 миллиард мааҭ шьақәнартәеит, ари ишьақәыргылаз арбагақәа иреиҳахеит 1,3 миллиард мааҭ рыла. Аԥыза-министр аныхратә категориақәагьы дрылацәажәеит. Аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" анагӡаразы иазоушьҭын 40 миллион мааҭ. 238,4 миллион мааҭ цхыраагӡак аҳасаб ала 8715-ҩык атәылауаа ирызшәан.
47-ҩык анаплакыҩцәа ирзоужьын 49,9 миллион мааҭ, апрограмма "2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" иазоужьын - 99,75 миллион мааҭ.
Аҵара аминистрра апрограммақәа ҵыԥх ирзоужьын 28,7 миллион мааҭ, акультура аминистрра 52 уснагӡатә ирзоужьын - 13,5 миллион мааҭ, аспорти аҿартә политикеи русхк аҟны 125 уснагӡатә ирзоужьын - 25,9 миллион мааҭ.
Денежные купюры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2023
Аԥсны
Аԥсны аҳәынҭбиуџьет 2022 шықәсазы арҳамҭақәа рыла 13,7 млрд мааҭ инагӡан
Афинансқәа рминистрра абиуџьеттә ҭаҩреи аҳасабырбеи реиӷьтәразы иннахит 20 миллион мааҭ, Агәабзиарахьчара апрограммақәа ирзоужьын 490,8 миллион мааҭ, аенергетика аусхк иазоужьын 566,4 миллион мааҭ.
Аминистрцәа реилазаареи атәыла ахадеи ррезервтә фондқәа рҟынтәи 2022 шықәсазы 223,6 миллион мааҭ материалтә цхыраарак аҳасаб ала 1924-ҩык атәылауаа ирызшәан.
Ахада ифонд аҟынтәи 141,6 миллион мааҭ рзоужьын 47 хыбра рыргылареи рырҽеире рзы. Аиҳабыра рфонд аҟынтәи 34 хыбра ирыхшәаан 67,2 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0