Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҳәынҭбиуџьет 2022 шықәсазы арҳамҭақәа рыла 13,7 млрд мааҭ инагӡан

© Sputnik / Акоп КущянДенежные купюры
Денежные купюры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба аԥыза-аминистр адырра ииҭеит 2022 шықәса рзы аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡашьа зеиԥшраз.
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. 2022 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет арҳамҭақәа рыла 110,2% ҳәа инагӡан, абри атәы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Арҳамҭақәа рыла инагӡан 13,7 миллиард мааҭ ҳәа, аныхымҭақәа рыла - 13,3 миллиард мааҭ ҳәа.
2021 шықәса рзы иҟаз аасҭа арҳамҭақәа 2,2 миллиард мааҭ рыла иазҳаит. Ахатә хархәагақәа ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны ирызҳаит 1,5 миллиард мааҭ рыла.
Делба адырра ҟаиҵеит 2022 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла ишынагӡаз 22 усбарҭатә программеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи 1,1 миллиард мааҭ рыхә.
Иара иажәақәа рыла, атәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара иазырхан 223,6 миллион мааҭ, аматериалтә цхыраара, аҽыхәшәтәра, аҵараҵара уҳәа рзы ацхыраара рыҭан 1924-ҩык.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2023
Аԥсны
Аԥсны 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәала аизҳара 116,9% артәеит
Уи адагьы аԥсабаратә рыцҳарақәа иааргаз аԥхасҭа аԥыхра иазоужьын 295,2 миллион мааҭ, аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усура - 128,7 миллион мааҭ, аҭыԥантәи абиуџьетқәа афинанстә цхыраара рыҭара - 1,6 миллиард мааҭ.
Убри аан ареспубликатә биуџьет арҳамҭақәа рыла инагӡан 10,6 миллиард мааҭ ҳәа, уи иазԥхьагәаҭан иҟаз аасҭа 0,9 миллиард мааҭ рыла еиҳауп (109,1%). Ареспубликатә биуџьет аныхымҭақәа идыртәеит 10,4 миллиард мааҭ.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит иҟоу аизҳара аԥхьаҟагьы иацырҵаларц, абиуџьеттә ныхрақәа ирхылаԥшларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0