Путин: Урыстәыла иахықәку аекономика аҩаӡара ҿыцқәа рахь анагароуп

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПослание президента РФ Владимира Путина Федеральному собранию
Послание президента РФ Владимира Путина Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аекономика Мраҭашәара асанкциақәа аналанагалоз агәы ишаанагоз аасҭа иӷәӷәоуп ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла стратегиатә усдҵаны иамоу иҟоу аҭагылазаашьа аҽрынлаарара акәӡам, Урыстәыла иахықәку аекономика аҩаӡара ҿыцқәа рахь анагароуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Путин аҩашаҽны Афедералтә еизарахь анашьҭымҭа ҟаиҵеит.

"Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳусура ҵакыс иамоу аҭагылазаашьа аҽанраалара шакәым, Урыстәыла иахықәку - аекономика аҩаӡара ҿыцқәа рахь анагароуп. Иахьа зегьы рҽырыԥсахуеит. Рҽырыԥсахуеит унаҳәны уаахьаҳәаанӡа. Ари аамҭа алшамҭақәагьы ираамҭаны иҟоуп", - иҳәеит Путин.

Атәыла ахада ишиҳәаз ала, Урыстәыла аекономика ацикл ҿыц иазкылсит, аилазаара иҿыцу ахаҭабзиарахь инеиуеит. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла шакәым адоллар ала ашәарақәа еиҵазтәуа, иара Мраҭашәара ахаҭа шакәу.
Мраҭашәара иагәҭакын урыстәылатәи аекономика аҵанарҽыларц, аинфлиациа шьақәыргылан урыстәылатәи амааҭ леиртә иҟанаҵарц, урыстәылаа гәаҟларц. Иара уаанӡатәи иқәгылараҟны иазгәеиҭахьан 2021 шықәса ԥхынҷкәын аахыс Урыстәыла адәныҟахәаахәҭратә ԥарашәараҿы амааҭ ахәҭа шыҩбахаз.
Послание президента РФ Владимира Путина Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Путин: Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәра ааннакылоит
"Ԥхьаҟагьы ҳпартниорцәеи ҳареи аус адаауылалоит ишьақәтәоу, ишәарҭадоу жәларбжьаратәи ашәаратә система, адоллари егьырҭ мраҭашәаратәи арезервтә валиутақәеи ирхьыԥшымкәа. Урҭ, Мраҭашәара аелита иаҵанакуа рполитика иахҟьаны руниверсал ҟазшьа хымԥада ирцәыӡышт. Аха ари зегьы дара рхала. Рнапқәа рылоуп ишыҟарҵо. Ҳара ҳакәӡам адоллар ма ауниверсал валиутақәа рыла ашәарақәа еиҵазтәуа. Дара рхаҭақәа роуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Иахьазы урыстәылатәи аекономика иахҭысуа хымԥадатәиуп. Амчрақәа ирдыруеит иҟарҵо ҳәа иҳәеит Путин.
"Иахьа ибзианы иаабарҭоуп иҟоу, ибзианы еилаҳкаауеит аструктуратә проблемақәа – алогистика, атехнологиақәа, афинансқәа, акадрқәа рҿы имҩаԥгатәу, иӡбатәу. Ҳара изныкымкәа ҳалацәажәахьан ҳекономика аструктура аԥсахра хымԥада ишаҭаху, аха уажәы уи хымԥадоуп, аҭагылазаашьа зыԥсахуа акоуп. Иаҳҳәар ҳалшоит еиӷьу ахь иианагоит ҳәа.
Урыстәыла аҿиаразы иҟаҵатәу иашаны иаадыруеит иҳәеит Владимир Путин инашьҭымҭаҿы.
Виды Донецка - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Путин: Урыстәыла иалшоз зегь ҟанаҵон Донбасс апроблема ҭынчымҩала аӡбаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0