Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ аиуразы дықәгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Чежия во время боя за звание чемпиона СНГ в Сухуме
Батал Чежия во время боя за звание чемпиона СНГ в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Анапаҵаҩра
Баҭал Ҷежьиа диндаҭлоит Урыстәыла аспорт азҟаза, Аҩада Кавказтәи Афедералтә округ аҿы апрофессионалтә бокс азҟаза Мурад Далхаев.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ аиуразы дықәгылоит хәажәкыра 13 асааҭ 20:00 рзы Москва. Баҭал Чежьиа диндаҭлоит Урыстәыла аспорт азҟаза, Аҩада Кавказтәи Афедералтә округ аҿы апрофессионалтә бокс азҟаза Мурад Далхаев.

"Аҽазыҟаҵарақәа шьахәны имҩаԥысуеит, еиԥҟьарак ыҟамкәа. Азыҟаҵаҩцәа ҩыџьа аус рыцызуеит. Аиааира сақәгәыӷуеит. 2021 шықәса лаҵарамзазтәи сықәгылараан саҵахеит. Уажәы акыр еиӷьуп сазыҟаҵара", - иҳәеит Баҭал Ҷежьиа, Sputnik аинтервиу аҭо.

Баҭал индаҭло дбоксиор ӷәӷәоуп ҳәа дшьоуп.
"Урыстәыла аспорт дазҟазоуп. Уигьы акраанагоит. 2018 шықәсазы аӡбаҩцәа рыӡбарала сииааихьеит. Усҟан иара уи дақәшаҳаҭмызт. Уажәы ҳаиҭеиԥылоит. Еиҳа сшыӷәӷәоу шьақәсырӷәӷәар сылшоит. Уи адагьы, Урыстәыла ачемпион ихьӡ азы исылшо ҟасҵоит", - иҳәеит аспортсмен.
Аиндаҭлара мҩаԥысуеит Москва, Ауниверсалтә спорттә комплекс "Крылья советов" аҿы. Идырбахоит аканалқәа "Матч боец", "Матч ТВ" рыла.
Баҭал Ҷежьиа – ИАРи аславиан тәылақәеи рчемпион ититул имоуп ажурнал "Про Бокс" аверсиала.
Апрофессионалтә ринг аҿы 16 еиԥылара мҩаԥигахьеит. Урҭ рҟынтәи 11-нтә даиааит, ҩынтә еиҭахарак имоуп, хынтә даҵахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0