Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гагра араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / МВД Абхазии Вальтер Бутба
Вальтер Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ас еиԥш аилацәажәарақәа мҩаԥган Тҟәарчал, Гал, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рыҟны.
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гагра араион аҟны анҭыҵтәи аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Акурорт аамҭазы Гагра араион ахьанҭара иамоу инамаданы ашьаусԥшааразы аус рацәа аҭахуп", - ҳәа иҳәеит Быҭәба аилацәажәараҿы.
Араионтә милициа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Денис Аиба иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы араион аҟны ашәҟәы иҭаргалеит 145 цәгьоура. Урҭ рахьынтәи 125 аарԥшын, уи алагьы аарԥшрақәа 86,2 % артәеит.
Ацәгьоурақәа 27 ихьанҭоу рахь иаҵанакуеит, урҭ рахьынтәи 15 цәгьоура аарԥшын. 69 цәгьоура Гагра имҩаԥган, урҭ рахьынтәи 54 аарԥшуп.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Аԥсны
Гәдоуҭа амашьына ԥижәеит ҳәа гәҩарас ирымаз даанкылоуп
Аиба иазгәеиҭеит, ииасыз ашықәс азы 149 цәгьоурақәа рҟынтәи 120 шаарԥшыз.
Иара убасгьы иҳәеит аусӡбареи аусҭҵаареи рҟынтәи 42-ҩы рыҽшыԥхьаркуа, хҩык шаанкылаз, 16-ҩык хабарда ишбжьаӡыз.
2022 шықәсазы араион аҟны амҩан иҟалаз амашәырқәа раан иҭахеит 19-ҩык. Аилацәажәараҟны иазгәарҭеит амашәырқәа зыхҟьо акәны ишыҟоу амҩаду аҟны алашара аҟымзаареи, Ԥсоунӡа амҩа аиашра иахҟьаны амашьына аццакра иахьацырҵои. Иазгәаҭан ААИ аусура шырӷәӷәатәу.
ААР аиҳабы иазгәеиҭеит, акурорт аамҭазы русура арӷәӷәаразы уажәнатә аҽазыҟаҵара ишалагатәу. Иҳәеит еиҳарак иӷьычц шраку иӷьычуа, убри аҟнытә аусҭҵааҩцәа урҭ еснагь рылаԥш рхызарц.
Иазгәаҭан, амашьынақәа рсаркьақәа аԥшшәахәыркра аԥҟарақәа ирықәымшәо амхреи аграждантә бџьарашәҟәы аҭагалараз ауааԥсыра рыцхыраареи аус дырӷәӷәарц.
Расширенное совещании по вопросам готовности к курортному сезону  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Аԥсны
Вальтер Быҭәба Гәдоуҭа араион аҿы аилацәажәара мҩаԥигеит
Ажәабжьқәа зегьы
0