"Аоперациа "Едельвеис" далахәын": Мураҭ Қәҭарба игәалашәара иазкны

© Sputnik / Акоп КущянБзыбьское ущелье
Бзыбьское ущелье - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2023
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду раԥхьатәи ашықәсқәа рзы, Гитлер, Кавказ импыҵаихаларцаз далагеит аоперациа "Едельвеис", аха Асовет ар анемец фашист игәахәтәы дахьырымгӡеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аӷацәа ԥыхха иганы, ҩаԥхьа Кавказ рхылаԥшрахь иааргеит. Иахьа иӡбахә шәзеиҭасҳәоит ари аоперациа иалахәыз Бзыԥаа рҵеи Мураҭ Мачагәа-иԥа Қәҭарба. Аибашьра аветеран дигәалаиршәеит амаҭа Ҭеимыр Қәҭарба.
Иҟамзар ҟалап Аԥсны ԥсыуа ҩнаҭак, аҭоурыхтә хҭысқәа анырра ахьыҟарымҵаз, агәырҩа ахьнарамгаз. Убарҭ иреиуоуп аамҭала Бзыԥҭа аҳаблан анцәа ишиҳәара ԥшьҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи зааӡоз Мачагәа Қәҭарба иҭаацәагьы. Аԥхьанатә ари агәараҭа арыцҳара ҭалеит Сталини Бериеи рхаантәи аполитикатә репрессиақәа ирхырҟьаны. Харада ахара рыдҵаны аҩны идәылганы иган Мачагәа иԥацәа Османи Михеи.
© Foto / из семейного архива37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Миха Қәҭарба
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Миха Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
1/2
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Миха Қәҭарба
© Foto / из семейного архива37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Осман Қәҭарба
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Осман Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
2/2
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Осман Қәҭарба
1/2
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Миха Қәҭарба
2/2
37-тәи ашықәсқәа раан ирӡыз Осман Қәҭарба
Аишьцәа Гагра, Абааҭатәи абахҭа ишҭакыз ада аҭаацәа уаҳа ак рзымдыруа ибжьадырӡит. Ахԥатәи аиашьа Алықьса дықәрахьымӡаны ачымазара иахҟьаны идунеи иԥсахит. Агәырҩа ду иаҵгәоз Қәҭараа рҭаацәа ахгара рцәыцәгьахеит 1942 шықәсазы, Кавказ инапахьы иааигарц иалагаз анемец фашист иҿагылараз, аишьцәа рахьтә зыԥсы ҭаны инхаз Мураҭ уахь данца.
"Сабду уи аамҭазы иԥшәмаԥҳәыс Марица Кәакәасқьырԥҳаи иареи хҩык ахшара рааӡон, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Аиҳабы 12-ҟа ракәын илхыҵуаз. Аха Мураҭ аԥсадгьыл аҿаԥхьа идыз аҭакԥхықәра дацәхьамҵкәа, иҩызцәа аибашьцәа дрыцны Кавказ иақәлаз агәыԥ "Едельвеис" аҿагылара рызҭоз дыруаӡәкын", - еиҭеиҳәоит амаҭа Ҭеимыр.
Мураҭ Қәҭарба аибашьрахь данца нахыс еилгаанӡа дыхнымҳәӡеит. Аиааира Прага ауп дахьаԥылаз.
© Foto / из семейного архиваМураҭ Қәҭарба
Мураҭ Қәҭарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Мураҭ Қәҭарба
Марица Кәакәасқьырԥҳа лысабицәа рааӡараҿы ацхыраара ду лырҭеит иара уа, Бзыԥҭа инхоз лабраа. Егьараан аԥшәмаԥҳәыс лхаҵа дыҟамкәа асасцәа дуқәа рныҟәгарагьы лықәшәахьан. Аиҳабыратәи абиԥара рыԥсы анҭаз, Марица лмаҭацәа изныкымкәа ирарҳәахьан "шәанду лчеиџьыка ауп ҳзааӡаз" ҳәа. Аҭынчԥсҭазаара анышьақәгыла, Мураҭ ихбыџхахьаз ихәыҷқәа ршьапы рықәыргыларазы тәамҩахә имамкәа аус иуан. Аиҳарак ақыҭанхамҩа инапы алакын. Махәҿыла акрауны изхара изымбацыз ихшара ак рыгирхомызт.
"Сабду Бзыԥаа ҳаҭырла изыҟан. Иара даара иҭынчыз уаҩын, мыцхәы дцәажәомызт, аха иуаажәлар ныҳәаҩыс далхны дрыман. Ацуныҳәа аума, ус ажәлар имҩаԥыргоз ахныҳәарақәа раан аума сабду иакәын агәи агәаҵәеи аанкыланы аҵәца шьҭыхны ҳазшаз иашьаԥкуаз", - иҳәоит Ҭеимыр.
Мураҭ аибашьраан дызлаԥшыз ахлымӡаах алацәажәара иҭахӡамызт. Дара рҭаацәа имаҷымкәа агәаҟрақәа рхыргахьан аҟнытә, ҩаԥхьа ахьаа зцу агәалашәарақәа рахь ихьаирԥшомызт. Иԥсы ҭанаҵы знызаҵәыкгьы аибашьраани уи ашьҭахьи иаҭәаршьахьаз амедалқәеи аорденқәеи игәакьацәа ицәырганы идимырбацызт. Идунеи аниԥсах ашьҭахь ауп, иԥшәмаԥҳәыс Мураҭ ичемодан хыртны, "далашәгәалашәап, ишәҭаху жәга" ҳәа лмаҭацәа ианрыдылгала иеибашьратә мҩа атәы зҳәоз ашәҟәқәеи, иҟәырҷаханы инхаз амаҭәарқәеи.
Ҭабақь Быџба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Аԥсны
"Ишьыцны ддырӡит": абиԥазаҵә Ҭабақь Быџба иҭоурых
"Ачемодан санҭаԥшы, сгәы иаанагеит амедалқәеи аорденқәеи ҭоуп ҳәа, аха излеилкаахаз ала, урҭ аамҭала аӡәы инапаҟны ишыҟаз, ус иаанхеит, амала ирыцыз аршаҳаҭгақәа ҩба сылаԥш рықәшәан изгеит. Убас снапаҟны иааит ираӡны маҟа. Уи иахьагьы иҵәахны исымоуп", - ҳәа азгәеиҭеит амаҭа.
Аибашьра амцашыра иалагылаз аветеранцәа ианакузаалак шаҳаҭра ззыруа ахҭысқәа рхадыршҭырц рҭахуп.
Убас дыҟан Мураҭ Мачагәа-иԥагьы. Мыцхәы ажәа зҽадзымцалоз абырг, иеибашьратә мҩа иадҳәалоу ахҭысқәа имаҭацәа аҭоурых иазынрыжьыр рҭахызаргьы, рабду уи аҩыза алшара риимҭеит. Ргәы рзырхьуа ажәабжьқәа ирцәихьчон.
Гыд Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Аԥсны
"Аҭоурыхтә хҭысқәа ирылаӡыз": Гыд Бениа ихылҵшьҭра рлахьынҵа
Ажәабжьқәа зегьы
0