Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Россотрудничество Ахатәы бызшәа амш азы ашколхәыҷқәа рыбжьара аицлабра еихнашьаалеит

© Foto / РоссотрудничествоИтоги конкурса ко Дню родного языка
Итоги конкурса ко Дню родного языка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2023
Анапаҵаҩра
Ахыҭҳәаазы аицлабра мҩаԥысуан жәабран 21 рзы иазгәарҭо ахатәы бызшәа Амш аҽны, уи хықәкыс иаман акультурақәа рдиалог шьаҭас иамоу ахатәы бызшәа апозициақәа рырӷәӷәаразы.
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахыҭҳәаақәа рзы ареспубликатә еицлабра "Абызшәа ажәлар ргәаҵа иҭаҵәаху, рдоуҳа, рыбзазара ирбызшәоуп" аҟны иалахәыз, аиааира згаз адипломақәа, аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит жәабран 27 рзы "Москва Аҩнаҿы".
Олимпиада для школьников в рамках межвузовской выставки - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Аԥсны
"Мшыбзиа, Урыстәыла!": Аԥснытәи аҿар аҵаратә проект иалахәхоит
Аицлабрахь инашьҭын ахыҭҳәаақәеи аессеқәеи 56. Аексперттә жиури иалахәылан Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аусзуҩцәа, ААУ аурыс бызшәа акафедра адоцент Риҵа Оҭырԥҳа, Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа аметодист Земфира Гәынԥҳа, ажурналист Русудан Барганџьиаԥҳа.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аусзуҩ Наталиа Каиун иазгәалҭеит ажиури рҿаԥхьа ишықәгылаз адҵа уадаҩ – ашколхәыҷқәа русумҭақәа анализ рзуны ахәшьара рыҭара. Зегь раасҭа азхьаԥшра рыҭан ахәыҷқәа рыԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа, рхатә ԥышәа.
"Иазгәаҳҭеит ахәыҷқәа ахәыцра шрылшоз. Ҳәарада, иҟан аинтернет иҭыгазгьы рацәаны, уи аҩымҭа ахаҭабзиара ланарҟәуан", - лҳәеит лара.

Актәи аҩаӡара адиплом ранаршьеит Аҟәатәи ашкол №10 аҵаҩы Сониа Кәыбрааԥҳаи Гагратәи ашкол №4 аҵаҩы Даниил Гориушьенкои; аҩбатәи аҩаӡара адиплом ранашьан Гәдоуҭатәи ашкол №1 аҵаҩы Елизавета Кәыҵниаԥҳаи Тҟәарчалтәи ашкол №4 аҵаҩы Анастасиа Максумовеи; ахԥатәи аҩаӡара адиплом ранаршьеит Гагратәи ашкол №1 аҵаҩы Софиа Ажьиԥҳаи Аҟәатәи ашкол №10 аҵаҩы Салима Џьниаԥҳаи.

Аицлабра алахәыла Сониа Кәыбрааԥҳа лажәақәа рыла, аусумҭа аҩраҿы аиҳабыратә абиԥара рԥышәеи абызшәахьы рыбзиабареи лзыцхыраагӡахеит.
"Схы ԥысшәар сҭаххеит. Ари сара сзы раԥхьатәи еицлаброуп. Алҵшәагьы сеигәырӷьоит", - лҳәеит лара.
Анастасиа Максумова илҳәеит лхыҭҳәаа ҵаҵӷәыс ишалҭаз ареспубликаҿ аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи реизыҟазаашьа. Лара лгәаанагарала, аԥсуа бызшәа аҵакы шдуугьы, аурыс бызшәагьы ахатә ҭыԥ амоуп.
Студенты на лекции - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало рзы Россотрудничество аолимпиадақәа мҩаԥнагоит
"Сырҵаҩы илыбзоураны аурыс бызшәа, алитература бзиа избоит. Арҵаҩы изанааҭ алысхуеит ҳәа сшазымхәыцыцызгьы, ззанааҭ бзиа избоз ауаҩы данызба, уи сгәы азыҳәеит", - лҳәеит лара.
Аицлабраҿы аиааира згаз зегьы акультура-рҵаратә ныҟәара "Мшыбзиа. Урыстәыла" иаладырхәуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0