Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Мшыбзиа, Урыстәыла!": Аԥснытәи аҿар аҵаратә проект иалахәхоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Олимпиада для школьников в рамках межвузовской выставки
Олимпиада для школьников в рамках межвузовской выставки - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Акультура-ҵаратә проект "Мшыбзиа, Урыстәыла!" апрограмма рызкуп - аурыс бызшәеи, акультуреи, аҭоурыхи рзы аолимпиадақәеи авикторинақәеи рҟны аиааира згақәаз 14 - 19 шықәса зхыҵуа аҿар.
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ареспублика аҿар алнакаауеит Акультура-ҵаратә проект "Мшыбзиа, Урыстәыла!" алахәхаразы. Абри атәы аанацҳауеит Россотрудничество апресс-маҵзура.

"Есышықәса Аԥснынтәи ари апроект рхы аладырхәуеит 18-ҩык ҳџьынџьуаа. Убас, Аԥснытәи аҿар рҭаахьеит Урыстәыла ақалақьқәа: Санкт-Петербург, Москва, Псков, Казан, Ахьтәы мацәаз иаҵанакуа ақалақьқәа. Аныҟәарақәа раан алахәылацәа мҩаԥыргоит арҵаҩцәа ҩыџьа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашықәс аҩнуҵҟа иазԥхьагәаҭоуп Аԥснытәи аҿар рныҟәарақәа. Актәи агәыԥ макьаназ еиҿкаам, ианалаго хазы адырра ҟаҵахоит.
"Ашықәс аҩнуҵҟа ахаҭарнакра аицлабрақәа мҩаԥнагоит, иаиааиуа шьақәырӷәӷәахоит. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҟәара заа алаҳәара шцәырҵлак, иаиааиз рреитинг ҳахәаԥшуеит, акандидатцәагьы алаҳкаауеит. Уи адагьы ааԥын инаркны аҩызцәа аицлабрақәа заанаҵы рыӡбахә рҳәоит, уа иаиааиуагьы аныҟәарақәа ирылахәхоит", - рҳәеит ахаҭарнакраҿы.
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2023
Аԥсны
Аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" Урыстәыла аҵараиурҭақәа рахь арзаҳалқәа рыдкылара хнаркәшеит
Акультура-ҵаратә проект "Мшыбзиа, Урыстәыла!" апрограмма алахәра ҟалоит знык. Аныҟәарақәа хәыда-ԥсадоуп, Россотрудничествеи апартниортә еиҿкаарақәеи ирхарџьуп.
Аныҟәарақәа рпрограмма традициа ҳасабла иалоуп апаркқәа, амузеи-ҳәырԥсаррақәа рҭаара, еицырдыруа акультуреи аспорти русзуҩцәа рԥылара, алекциа-еимакеиҿак, аҟазара-классқәа. Асеиԥш аҿар рныҟәарақәа ииашаҵәҟьоу Урыстәыла деилнаркаауеит.
Акультура-ҵаратә проект "Мшыбзиа, Урыстәыла!" 2014 шықәса раахыс аус ауеит, иалахәхахьеит 700-ҩык ахәыҷқәа .
2023 шықәсазы ҳџьынџьуаа аҭаараны иҟоуп ахәыҷтәы центр "Артек", арт-кластер "Таврида", Алтаи, Даӷьесҭан, Самаратәи аобласт, Санкт-Петербург, Свердловсктәи аобласт, Нхыҵ Уаԥстәыла, Ханты-Манстәи, Чукоттәи, Иамало-Ненецктәи автономтә округқәа.
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Аԥсны
Россотрудничество аԥснытәи абитуриентцәа рҟны еиҳа иалырхуа азанааҭқәа ртәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0