Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Белоруссиа иаҭаареи Апарламент аилатәара аихшьаалақәеи

© Foto / МИД Абхазии Делегация суверенной Абхазии во главе с Президентом Республики Асланом Бжания в Минске
Делегация суверенной Абхазии во главе с Президентом Республики Асланом Бжания в Минске - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран аҵыхәтәантәи амчыбжь хҭысла ибеиан, аиҳаракгьы аполитикатә ҟазшьа змоу рыла.
Sputnik еиднакылеит жәабран 20-26 рыҩнуҵҟа еиҳа иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik.

Белоруссиа аҭаара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәабран 20 рзы Белоруссиа даҭааит, уаҟа Александр Лукашенко диԥылеит. Аҩтәылак рхадацәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаара.
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иҳәеит Минск еснагь Аԥсны аус ацура еснагь аинтерес шамаз, ишизеилымкаауа Аԥсны анапхгареи иареи реиԥылара Қырҭтәыла агәынамӡара зазцәырнаго.
Аслан Бжьаниа Александр Лукашенкои иареи реиԥылара аихшьаала ҟаҵо Аԥсны жәлар белоруссиаа гәакьацәақәак реиԥш ирзыҟоуп иҳәеит.
"Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рсанкциақәа ирыхҟьаны акраамҭа ҳҭахкаан. Урыстәыла ацхыраарала уажә уи ҳахысуеит. Абри аганахьала Белоруссиеи ҳареи ҳаинырра акраҵанакуеит. Иаҳҭахуп гәылеимабзиарала ҳаизыҟазаашьақәа шьақәгыларц, аиҳаракгьы аекономикатә еинырраҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәабран 21 рзы иҟаиҵаз аусԥҟала Белоруссиа атәылауаа Аԥсны визада рыҟазаара аҿҳәара 30 мшы рҟынӡа иацҵоуп.
Адокумент аҿы иара убас ишьақәырӷәӷәоуп аԥсшьаразы ма аусуразы Ҟазахсҭан атәылауаа Аԥсны визада 14 мшы рыҟазаара аҿҳәара.
Абхазская виза. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Аԥсны
Белоруссиа атәылауаа Аԥсны визада рыҟазаара аҿҳәара иацҵоуп

Бжьаниеи Новаки реиԥылара

Жәабран 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови, аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки дырԥылеит.
Аиԥылараҟны атәыла фымцамчла аиқәыршәара арманшәалареи, аинвестициақәа радыԥхьалареи, газла аиқәыршәара асхема хадеи ирылацәажәеит.
Аиԥылара ашьҭахь иалкаан ишьақәыргылан, аԥсуа ган ахы ишднаҵот ауааԥсыра рԥаршәара ҳасаб азуны аенергетика аусхк аҟны азакәан ҿыц рыдкылара, аинвестициақәа рзы азакәан адкылара арццакра, иара убас урыстәылатәи аинвестициақәа рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара. Афымца ахархәаразы аԥхьаӡагақәа раахәареи рықәыргылареи рзы акредит аҭара аҿҳәарақәа ашьақәырӷәӷәара
Иара убасгьы иалацәажәеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуа афымца хәажәкырамза нҵәаанӡа амч аизырҳара аларшара.

Аишьаршәаларатә зҵаарақәа

Жәабран 22 рзы Аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аиҳабыратә комиссиа идикылеит.
Аганқәа аекономикатә усеицуреи, азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
В кабмине прошло совещание с представителями минэкономразвития РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Аԥсны
Александр Анқәаб Урыстәыла аиҳабыра рделегациа идикылеит
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, 2025 шықәсанӡа иазгәаҭоу 45 уснагӡатә рҟынтәи инагӡоуп 16 уснагӡатә. Апроектқәа быжьба разырхиара аҩаӡара ҳаракуп, иҟоуп Апарламент ахь ахәаԥшразы инашьҭу азакәанқәа рыпроектқәа. Арахь иаҵанакуеит Аҳазалхратә закәанеидкылагьы.
Дмитри Вольвач инаҵшьны иазгәеиҭеит, русеицура иахықәкы хаданы ишыҟоу Аԥсны ахатә хашәалақәа ҩынтә реизырҳара, атәылаҿ иааидкыланы аулафахәы ашьҭыхра.
Уи адагьы, аганқәа ирылацәажәеит аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭарқәа рынагӡара азҵаарақәа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара ашьақәыргылара.
Аихшьаалақәа инарықәыршәаны иазырхиан иззеиқәшаҳаҭу ажәалагалақәа – асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбрақәа шьаҭаны ирзыҟаларазы.

Иаԥшәымадахаз Апалата

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ахылаԥшратә палата ахантәаҩ ҿыц далрымхит.

Маӡалатәи абжьыҭараан Баҭал Аиба 17-ҩык адепутатцәа рыбжьы ирҭеит, иҿагылеит – 14-ҩык адепутатцәа.

Асҭамыр Аргәын абыжьқәа 14 иоуит, иҿагылеи – 17-ҩык адепутатцәа.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны Апалата ахантәаҩа дарҭоит, ма дамырхуеит Апарламент адепутатцәа. Иара изинмчра аҿҳәара хәышықәса ҳәа ишьақәыргылоуп. Иалырхуа ҩ-ҿҳәарак инареиҳаны ари аҭыԥ аанкылара азин имам.

"Ақыҭанхамҩаз азакәан"

Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Ақыҭанхамҩа азы" азакәан аднакылеит жәабран 23 рзы. Уи инақәыршәаны ари аусхк аҿиара есышықәса иазоужьхалароуп 5% ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Азакәан иахықәкуп ақыҭанхамҩа арҿиара, ақыҭанхамҩатә политика аҳәаақәҵара, атәылауаа рзы ари аусхк аҟны ихымԥадоу азинтә шьаҭақәа реиҿкаара.

Ахараԥсақәа рыцҵара

Адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Амҩатә ныҟәарақәа рҿы административтә зинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҿы Аԥсны азакәанԥҵарақәак аԥсахрақәа рылагалараз" азакәан апроект.
Арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы, азакәанапроект инақәыршәаны ԥшьынтә еизҳауеит –200 ААЕА (МРОТ) аҟынтә 800 рҟынӡа (12 нызқь аҟынтә 48 нызқь мааҭ ахь), иара убасгьы шықәсыбжак аныҟәараз азин амхра, аумҭа аиҭамҩаԥгараан - шықәсык аҟынӡа азин амхреи 15 уахи-ҽни аҭакреи.
Аԥыламҩа аныларазы ахараԥса – 80 ААЕА (МРОТ) (4800 мааҭ), хымз инаркны фымзынӡа аныҟәара азин амхра; аԥынгыла ахыкәшараан – 20 ААЕА (МРОТ) аҟынтә 30 аҟынӡа ( 1200 мааҭ аҟынтә 1800 аҟынӡа).
Ашықәс аҩнуҵҟа аиҭаумҭаз – 140 ААЕА (8 400 мааҭ), шықәсык аныҟәараз азин амхра.

Азинмчцҵақәа

Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдрымкылеит "Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә усбарҭақәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагалараз" ақәҵара.
Апарламент аҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак Анри Барцыц иҳәеит адокумент шазырхоу ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаара, ишазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа.
Апроект адкылара16-ҩык адепутатцәа "аҿагылеит", ҩыџьа "адгылеит", хәҩык адепутатцәа рҽааныркылеит. Абас ала адепутатцәа "Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагалараз" ақәҵара рыдрымкылеит.

Ауаажәларратә палата ҿыц

Жәабран 20 рзы Аԥсны ауаажәларратә палата V ааԥхьара алахәылацәа рзинмчрақәа нҵәеит.
Аслан Бжьаниа "Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы" аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Ауаажәларратә палата иалахәылацәахеит: Асҭамыр Адлеиба, Роберт Ашба, Роман Гьериа, Сократ Џьынџьал, Гули Кьычԥҳа, Лиудмила Лолуаԥҳа, Оҭар Ломиа, Вараздат Миносиан, Леонид Осиа, Давид Ԥлиа, Ҭемыр Ԥиԥиа, Александр Страничкин, Низам Хапат.

Атуристтә статистика

Атуризм аминистрра адыррақәа рыла, 27 нызқьҩык инареиҳаны 2023 шықәса ажьырныҳәа акы аахыс Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит.
Ажьырныҳәа 1 инаркны жәабран 20 рҟынӡа Риҵа аҭыԥԥшӡарақәа ирҭааит 16 224-ҩык, ахашәала 10,7 миллион мааҭ. Ииасыз ашықәс азы – 20 802-ҩык, ахашәала 6,9 миллион мааҭ; Афон ҿыцтәи аҳаԥы 11 711-ҩык аҭааит, ахашәала – 8,2 миллионмааҭ. Ииасыз ашықәс азы аҳаԥы 14 675-ҩык шаҭаазгьы, ахашәала 7,3 миллион ракәын иҟаз.
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Аԥсны
Атуризм аминистрра ашықәс иалагазар Риҵеи Афонтәи аҳаԥи заҟаҩ рҭааз ахәшьара анаҭеит

ААУ аҿы алхрақәа

Жәабран 22 рзы Алеко Гәарамиа аҽа хәышықәса Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректорс деиҭалырхит.
ААУ Аҵаратә хеилак инеиҵыху алахәылацәа 55-ҩык рахьынтәи 54-ҩык маӡалатәи абжьыҭара иалахәын. Дара зегьы еицҿакны рыбжьи ирҭеит.
Алеко Гәарамиа - апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи жәларбжьаратәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Москватәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә института (МПГИ) аушьҭымҭа.

Еиҭарҿыцу аҳҭнықалақь

2022 шықәсазы Аҟәа 200 хыбра инареиҳаны ирҽеиуп, абри атәы иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҟны адепутатцәа рҿаԥхьа аҳасабырба ҟазҵаз АУН "Горстройпроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.
Иааидкыланы аусурақәа ирықәхарџьуп 169,8 миллион мааҭ.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла, 93 миллион мааҭ рыхҭынҵан амуниципалтә хатәра аобиектқәа 150. Уи адагьы еиҭашьақәыргылан ахәыҷтәы хәмарырҭақәа, анхарҭаҩнқәа рхыбқәа, аџьармыкьеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи русхкқәа ирыҵаркуа ахыбрақәа.
"Горстройпроект" адиректор иара убасгьы иҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира амш аламҭалаз арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Ишазгәаҭоу ашьапыламҩасырҭақәа рҿы ахаҳәҟьаԥс ақәҵара, Аҟәатәи ашьхеи Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу Ӡыба ихьӡ зху апарки реиҿкаараз аусурақәа.

Станислав Лакәаба ииубилеи

Аҭоурыхҭҵааҩ, апофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, аҳәынҭқарратәи-ауаажәларратәи аусзуҩ, Станислав Лакәаба жәабран 23 рзы ииубилеи азгәеиҭеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Станислав Лакәаба идиныҳәалеит.
"Аҵарадырреи, аҟазареи, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии уси рҟны шәхы аарԥшуа, аԥсуаа рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥараҟны хәызмаӡам шәышьҭамҭа ааншәыжьит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа Станислав Лакәаба изеиӷьеишьеит ақәранҵыра ду, агәабзиара, арҿиараҿы аихьӡара дуқәа.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз амедалқәа ранашьоуп

Жәабран 24 рзы Донбасс ацхрааразы Аԥсны еиҿкаау Иаку ауаажәларратә штаб алахәылацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит хатәгәаԥхарала еибашьуаны иҭахаз ргәалашәараз.
Агәалашәаратә митинг иалагеит 2014 шықәса аахыс Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаны иҭахаз Аԥсны атәылауаа ргәаларшәарала. Анаҩс аҳамҭақәа рыҭан аибашьцәа рҭаацәарақәа.
Донбасс ауааԥсыра рзинқәа рыхьчаразы агәымшәареи афырхаҵареи раарԥшразы ианҭаха ашьҭахь Агәымшәаразы аорденқәа ранашьан: Иракли Адлеиба, Олег Андрусенко, Евгени Гадлиа, Валери Лысенко, Азамаҭ Тәанба.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аныҳәази Аиааиреи ахьыԥшымреи 30-шықәса рхыҵрази Гьаргь иџьар ранашьан Аԥсны адоуҳатә усзуҩцәа, Апарламент уаанӡатәи адепутат Алхас Џьынџьал, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов.
Уи адагьы "аҭынчраз аинтернационалтә уалԥшьа анагӡараз" Аԥсны Атәылахьчара ирананашьеит амедалқәа: "Аԥсны аҭынчра адгылараз", "Аԥсны Атәылахьчара аминистрра 20 шықәса ахыҵит", "Аԥсны Атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵит", "Аԥсны Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵит", иазнархиеит аҳаҭыртә шәҟәқәа Донецки Лугански руааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭаразы.

Ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц далхуп

Шабаҭ Логәуа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахадас далырхит изаамҭанытәимыз ААФ аҳасабырба-алхратә конференциаҿы.
Хәажәкыра 2021 шықәса раахыс Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахадас дыҟан Ҭарашь Ҳагба, уи ажьырныҳәамзазы аҿари аспорт русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дҟарҵеит.
Аиԥылара аартуа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба иҳәеит, ари аҭыԥ ааныжьра игәы ишҭоу аҿари аспорт русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иус аамҭеи азхьаԥшра ӷәӷәеи ахьаҭаху аҟынтә.
Афедерациа ахадас зкандидатура ықәгылазт Шабаҭ Логәуа зегьы еицҿакны рыбжьы ирҭеит. Ҭарашь Ҳагба иҳәеит Логәуа ари аҭыԥ аҿы алҵшәа аарԥшра илшоит ҳәа ишиԥхьаӡо.
Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩс далхуп Анри Ҳагба.
Шабат Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Аԥсны
Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц далхуп

Риҵатәи "аҳамҭа"

Жәабран 20 рзы Риҵатәи амилаҭ парк аҿы ҩыџьара асыԥсақәа леит. Асыԥсақәа руак Аӡиа иаҵәа ааигәара илеины аӡышьҭра акит, егьи - Риҵаҟа уназго амҩа 26-тәи акилометр аҿы, уи Бзыԥ аӡышьҭра ашәаҳаит.
Уи аҽныцәҟьа аӡы ахыҵра иахьымӡакәан, иарахала Бзыԥ аӡышьҭра шьақәгылеит.
Риҵатәи амилаҭ парк аҭааҩцәа рзын иаартуп жәабран 26 инаркны. Аԥкрақәа макьана иалагалоуп - амилаҭ парк ахь аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа харыжьлаӡом.
Ажәабжьқәа зегьы
0