Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуризм аминистрра ашықәс иалагазар Риҵеи Афонтәи аҳаԥи заҟаҩ рҭааз ахәшьара анаҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Осень в Реликтовом Национальном парке
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы Риҵатәи апарк аҭаараз ахәԥса 350 мааҭ аҟынтәи 700 мааҭ ахь ихалеит, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 500 мааҭ аҟынтәи 700 мааҭ рахь.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра Sputnik аинформациа анаҭеит сынтәа Риҵеи Афонтәи аҳаԥи заҟаҩ рҭааз азы.

Ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 10 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 619 297-ҩык, арҭ арбагақәа еиҵоуп ииасыз ашықәстәи раасҭа, ари аамҭазы 2021 шықәсазы Риҵа иаҭааит - 701 718-ҩык.

Арҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭааразы ахәқәа ахьышьҭыхыз азы 2022 шықәсазы афеида иартәеит 396,1 миллион мааҭ, ҵыԥх - 236,2 миллион мааҭ.
Ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 10 рҟынӡа 2022 шықәсазы Афонтәи аҳаԥы иаҭааит 386 788-ҩык, 2021 шықәсазы - 422 232-ҩык.
2022 шықәсазы аҳаԥы ахашәала 264,04 миллион рыла еиҳахеит, 2021 шықәсазы - 210,8 миллион мааҭ.
Аӡиа Риҵа: изеиԥшроузеи аԥсабаратә нашана ҭагалантәи асахьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2022
Аӡиа Риҵа: изеиԥшроузеи аԥсабаратә нашана ҭагалантәи асахьа
Ажәабжьқәа зегьы
0