Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аконтрабандатә бзазаратә химиа аанкылоуп Аԥсны аҳәааҟны

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни На российско-абхазской границе выявлена партия незадекларированного товара
На российско-абхазской границе выявлена партия незадекларированного товара - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаахәаз атауарқәа Урыстәыла рыҭира гәҭакыс иҟаҵаны аҳәаа иахыргон аҳазатә еиҿкаарада.
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ашәҟәы иҭамгалакәа ииаргоз атауарқәа ааныркылеит ҳәа аҳәоит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Атауар згоз аԥҳәыс аҳәаа дахысуан амашьына Kia Sorento ала. Амашьына аҩнуҵаҟа ирбеит абзазара химиатә тауарқәа – аӡәӡәагатә кондиционер, аӡшьар сапын уҳәа егьырҭгьы.
Зынӡа 159 маҭәар аарԥшын. Дара Урыстәыла рыҭиразы Аԥснынтәи иргон.
Азин еилазгаз аԥҳәыс лганахь ала аҳазалхра иаҵанакуа адекларациааз аус хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0