https://sputnik-abkhazia.info/20230319/abaza-tv-idnarbeit-1993-shysa-martti-azhylara-iazku-adokumentalt-khronika--1044728468.html
"Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәса марттәи ажәылара иазку адокументалтә хроника
"Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәса марттәи ажәылара иазку адокументалтә хроника
Sputnik Аҧсны
Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан, Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа... 19.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-19T11:14+0300
2023-03-19T11:14+0300
2023-03-19T11:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
марттәи ажәылара: агәымшәара амшқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102511/31/1025113123_0:38:1280:758_1920x0_80_0_0_5800fbb5d6067b7d64ae39950bcdee91.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. "Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәсазы марттәи ажәылара ашьҭахь иҭахаз аибашьцәа ранацәеи рабацәеи алархәны имҩаԥгаз Аԥсны ауаажәларра реизара аҭоурых иазкны адокументалтә хроника.Акадрқәа ҭыхын 1993 шықәса хәажәкыра 18 - 25 рзы илыҵшәадахаз марттәи ажәылара ашьҭахь. Усҟан иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык. Аԥсуа жәлар рзы, ари зегь раасҭа ишьаарҵәыроу рыцхәны иаанхоит аибашьра аҭоурых аҟны. Ауаажәларра ргәашьамх рыҵнахит.Убысҟан ауп ажурналистцәеи аинтеллигенциа рхаҭарнакцәеи аҭаҩра ианалагаз, ажәлар ргәы шьҭызхуа ажәа аҳәара зылшоз, иҭахаз рҭынхацәеи ажәлар рыҟны ҳаҭыр зқәыу ауааи.Хәажәкыра 20 1993 шықәсазы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсуа ар Иреиҳаӡоу адҵаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба. Хәажәкыра 25 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысит ажәылараан иҭахаз рҭаацәа рԥылара. Уаҟа иқәгылеит Аԥсны анапхгара, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа еибашьцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа. Аиԥылара иалахәыз еицҿакны ирҳәон аибашьра аҵыхәтәанынӡа ишынагӡатәу, аӷа ҳаԥсадгьыл дшықәцатәу. Ҳашыг иазгәеиҭеит, анацәа ишрылшаз рхьаа иаиааины, аԥсуа жәлар аиааирахь иназгоз рымҩа аартра. Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20230315/aana-iakhashran-aaam-martti-azhylaraan-iakhaz-aibashtsa-rgalasharazy-1044638932.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230316/arenia-martti-azhylara-ashakhti-akhysa-rzy-ayshara-aama-azhlar-iaa-eidnakyleit-1044669830.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102511/31/1025113123_110:0:1170:795_1920x0_80_0_0_80ce329a853e04674a03d9d1aaa1ffd8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, марттәи ажәылара: агәымшәара амшқәа
ажәабжьқәа, марттәи ажәылара: агәымшәара амшқәа
"Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәса марттәи ажәылара иазку адокументалтә хроника
Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан, Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. "Абаза ТВ"
иднарбеит 1993 шықәсазы марттәи ажәылара ашьҭахь иҭахаз аибашьцәа ранацәеи рабацәеи алархәны имҩаԥгаз Аԥсны ауаажәларра реизара аҭоурых иазкны адокументалтә хроника.
Акадрқәа ҭыхын 1993 шықәса хәажәкыра 18 - 25 рзы илыҵшәадахаз марттәи ажәылара ашьҭахь. Усҟан иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык.
Аԥсуа жәлар рзы, ари зегь раасҭа ишьаарҵәыроу рыцхәны иаанхоит аибашьра аҭоурых аҟны. Ауаажәларра ргәашьамх рыҵнахит.
"Аибашьра иара ахатәы ԥҟарақәа амоуп, аӷа абарҭқәа зегь еилаганы аԥсцәеи ахәҵәеи ҳаимҭарц далагеит. Аиҿцәажәарақәа цон, ақырҭқәа иаҳа-иаҳа амшқәа ирнахон. Ишдыру еиԥш, аибашьраҿ иҭахаз ҳара ҳҵасқәа ишрықәнагоу еиԥш, афырхаҵа анышә дамадатәуп, аха урҭ ус алшара ҳарымҭеит. Ақырҭуа ган гәҭакыс ишьҭнахит - ажәлари анапхгареи реиҿаргылара. Ари даҽа еибашьран - аԥсихологиатә", - ҳәа иҳәеит "Абаза ТВ" адиректор Руслан Ҳашыг.
Убысҟан ауп ажурналистцәеи аинтеллигенциа рхаҭарнакцәеи аҭаҩра ианалагаз, ажәлар ргәы шьҭызхуа ажәа аҳәара зылшоз, иҭахаз рҭынхацәеи ажәлар рыҟны ҳаҭыр зқәыу ауааи.
Хәажәкыра 20 1993 шықәсазы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсуа ар Иреиҳаӡоу адҵаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба. Хәажәкыра 25 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысит ажәылараан иҭахаз рҭаацәа рԥылара. Уаҟа иқәгылеит Аԥсны анапхгара, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа еибашьцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа. Аиԥылара иалахәыз еицҿакны ирҳәон аибашьра аҵыхәтәанынӡа ишынагӡатәу, аӷа ҳаԥсадгьыл дшықәцатәу. Ҳашыг иазгәеиҭеит, анацәа ишрылшаз рхьаа иаиааины, аԥсуа жәлар аиааирахь иназгоз рымҩа аартра.
Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.