Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам: Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа ргәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукГумиста
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Марина Барцыцԥҳа илгәалалыршәоит Марттәи ажәылараан ҳаибашьцәа злагылаз амцашыра, рҩызцәеи рыԥсадгьыли рыхьчаразы ахамеигӡара иаадырԥшуаз атәы, насгьы аԥсуа ар ари ажәылара зрықәымҿиаз ҳәа мзызқәас илбо.
Егьа аамҭа царгьы, ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам 1993 шықәса хәажәкыра 14-21 раан хҩаха рымҭакәа, Гәымсҭа аӡиас нырцәгьы аарцәгьы ахымца иадыргоз ишьабаны аҟәара иқәԥсуаз ҳҩызцәа...
Ажәылара шхыбгалаз ҳдыруан. Аха ԥхьаҟагьы ҳҩызцәа ҳзаамго, шьҭахьҟагьы рылымкаа аҩныҟа ҳзымхынҳәуа, баша ҳуазыруан. Ҳамчымхара баны, ҳаԥсабарагьы ҳацгәырҩозар акәхарын – иџьабоз, ашәеиқәара зшәыз Аԥсны сы шкәакәала ихнаҩар аҭахызшәа, уаҳа аӡәгьы дшызхнымҳәуа ҳардыруа, март 21 азы иалагеит асы алеира. Иахьа убарҭ аӡнырцә иҟаз, ишьызгьы инхазгьы зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит...
Аԥсуа жәлар 1992-1993 шықәсақәа рзы ҳаибашьра аҭоурых аҿы 15-16 Марттәи ажәылара иара ахатәы ҭыԥ ааннакылоит. Иаҳгәалаҳаршәар сҭахын ҵаҟа иаагоу афотосахьақәа зтәу ҳаибашьцәа-ҳаиқәырхаҩцәа.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Гәымсҭа аҩадатәи ацҳа ааигәа итәаз аибашьцәа рацәаҩын, аха ирылукаашаз, иреиуан, Гәдоуҭа Гәдоу аӡнырцә инхоз "Замостианкаа" ҳәа изышьҭаз аӷәыԥ. Урҭ цон аԥшыхәра аума, ақәылара аума ма ажәыларақәа иҟаз зегьы ирылахәын, иҭахахьан рҩызцәа Едик Ҭраԥшьи Баҭал Ачбеи ажьырныҳәа 5 азтәи ажәылараан. Марттәи ажәылара ианалагашаз хазы еиҿкааз Гәдоуҭатәи ажәыларатә гәыԥ анапхгара идырҵеит алеитенант еиҳабы - Фридон Аҩӡба (иҩызцәа Қамс ҳәа зарҳәоз).
Арҭ уаанӡагьы аибашьра ҟалаанӡагьы рҽеидыркылахьан уҳәар ҟалоит. Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лышәҟәы "Афырхацәа аиааира ҳзаазгаз" аҿы илыҩуеит: "1989 шықәсазы Гәдоу аӡнырцә инхоз арԥарцәа 40-ҩык рҟынӡа Гал аҳәаахьы ишьҭын, еиҳабыс Фридон Аҩӡба дрыцны", - ҳәа. Фридон далан аԥсуа гвардиа, далахәын 1989 шықәсазы Гәдоуҭа имҩаԥысуаз амлакратә акциа.
Бойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2018
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Марттәи ажәылара 1993 шықәсазы
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишиҩуа ала, аамҭак азы дҵаҟаҵаҩыс иҟаз Владимир Начач прокурорс даныҟарҵа, ицымхәра еиҳабхаз Фридон ицхырааҩыс дҟалеит Авто Гарцкьиа, аштаб аиҳабыс - Нанба Закан, комиссарс - Алик Нанба, арота адҵаҟаҵаҩыс дҟалеит Игор Дармаа (аибашьра ицаз Игор дназлаз 4-ҩык аишьцәа рҟынтә деибганы далҵит Аԥсны афырхаҵа Витали Дармаа).
Марттәи ажәылара ҳәа ҳзышьҭоу алагар акәын арыцхә 14 рзы. Хәылбыҽха инаркны Гәымсҭа аӡиас ашҟа анаскьара иалагар акәын ар. Ари ажәыларатә гәыԥгьы ус иагьыҟарҵеит, ауха аӡгьы ирыз ҟалеит,аминақәа ирхаԥжәаны иҭахаз ахәра заузгьы ҟалеит, аха идыргьежьит. Зынӡа иаҟәыху, мамзаргьы ажәылара иахыгоу рыздыруамызт ҳаибашьцәа.
© Foto / Марина Барцыц Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба, Игор Дармаа. 02.1993ш.
Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба,  Игор Дармаа. 02.1993ш. - Sputnik Аҧсны
1/4
Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба, Игор Дармаа. 02.1993ш.
© Foto / Марина Барцыц Гәдоуҭатәи ажәыларатә гәыԥ акомиссар Нанба Алик.
Гәдоуҭатәи ажәыларатә гәыԥ акомиссар Нанба Алик. - Sputnik Аҧсны
2/4
Гәдоуҭатәи ажәыларатә гәыԥ акомиссар Нанба Алик.
© Foto / Марина Барцыц Дармаа Маџьыҭ иԥа Игор. Ешыра 1992ш.
Дармаа Маџьыҭ иԥа Игор. Ешыра 1992ш. - Sputnik Аҧсны
3/4
Дармаа Маџьыҭ иԥа Игор. Ешыра 1992ш.
© Foto / Марина Барцыц

Дбар Вадим хаҵарыла дҭахеит хәажәкыратәи ажәылара аан. Иԥсыбаҩ Гәымсҭа аӡнырцә инхеит. Ианашьоуп Леон иорден. Дыԥшаан 1994ш.азеиԥш нышәынҭраҿ. Изқәаҭыԥ ыҟоуп ақ.Бармышь.

Дбар Вадим хаҵарыла дҭахеит хәажәкыратәи ажәылара аан. Иԥсыбаҩ Гәымсҭа аӡнырцә инхеит. Ианашьоуп Леон иорден. Дыԥшаан 1994ш.азеиԥш нышәынҭраҿ. Изқәаҭыԥ ыҟоуп ақ.Бармышь. - Sputnik Аҧсны
4/4

Дбар Вадим хаҵарыла дҭахеит хәажәкыратәи ажәылара аан. Иԥсыбаҩ Гәымсҭа аӡнырцә инхеит. Ианашьоуп Леон иорден. Дыԥшаан 1994ш.азеиԥш нышәынҭраҿ. Изқәаҭыԥ ыҟоуп ақ.Бармышь.

1/4
Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба, Игор Дармаа. 02.1993ш.
2/4
Гәдоуҭатәи ажәыларатә гәыԥ акомиссар Нанба Алик.
3/4
Дармаа Маџьыҭ иԥа Игор. Ешыра 1992ш.
4/4

Дбар Вадим хаҵарыла дҭахеит хәажәкыратәи ажәылара аан. Иԥсыбаҩ Гәымсҭа аӡнырцә инхеит. Ианашьоуп Леон иорден. Дыԥшаан 1994ш.азеиԥш нышәынҭраҿ. Изқәаҭыԥ ыҟоуп ақ.Бармышь.

Март 15 рзы имыцәацыз, икараханы игьежьыз аибашьцәа, аԥсшьаха рмоуӡакәа адҵа роуит уахынла идәықәларазы. Асааҭ 01:00 азы ацҳа кнаҳа аҵаҟала Гәымсҭа ирит, аӷацәа хаха ишреихсуаз. Гена Чамагәуа иажәақәа рыла, аӡы иӡааҟәрыларгьы акәхеит, арадист Руслан Цәеиба ирациагьы тәеит усҟан, Даур Сарсаниа ахы иқәшәеит…
Исгәалашәоит, усҟан баша ҳшазыԥшыз ҳзықәдыргәыӷыз ацхыраара - аҳауаҟынтәи абомба дуқәа аӷацәа рцәаҳәа иақәрыжьуеит ҳәа, аха ус акгьы ҟамлеит.
Фридон дызхагылаз ажәыларатә баталион хықәкыс ирыдҵан март 16 рзы шьыбжьон ареспубликатә хәышәтәырҭаҟынӡа инеирц.
© Foto / Марина Барцыц Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵара. Фридони аибашьцәеи.
Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵара. Фридони аибашьцәеи. - Sputnik Аҧсны
1/3
Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵара. Фридони аибашьцәеи.
© Foto / Марина БарцыцАҩбатәи ажәыларатә баталион. Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵарақәа
Аҩбатәи ажәыларатә баталион. Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
2/3
Аҩбатәи ажәыларатә баталион. Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵарақәа
© Foto / Марина Барцыц Март 16 1993ш. ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду.
Март 16 1993ш. ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду. - Sputnik Аҧсны
3/3
Март 16 1993ш. ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду.
1/3
Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵара. Фридони аибашьцәеи.
2/3
Аҩбатәи ажәыларатә баталион. Марттәи ажәылара аҿазыҟаҵарақәа
3/3
Март 16 1993ш. ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду.
Агәыԥ абжаҩык акемпинг ааигәара асаркьа ахьыҟаз аиҿахысра иалашәеит. Егьи ахәҭа – Дармаа ирота амҩала идәықәлеит, ԥхьаҟа ақалақь ахь рхы рханы адҵа анагӡаразы, Фридон драԥызан. 20-ҩык анышәынҭрақәа рхахьы иҩеит, нас иахыкәшеит ахәышәтәырҭахь инеиразы. Аха ақырҭқәа ирылашәеит. Аиҿахысра ӷәӷәа иақәшәеит ашьыжь. Ихьаҵтәуп ҳәа адҵала асааҭ 9 рзы Гречка имҩахь иахьлеиз, абџьарымца рыжәырҵеит. Ажәакала, иаарыкәыршан аӷацәа ианрылаха, ацхыраара иақәгәыӷратәгьы рашьҭахьгьы, рганахьгьы ишыҟамыз еилкааны алада амҩахь игьежьуеит.
Ишьын Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба, Алексеи Нанба. Изларҳәо ала, асааҭ 10-нӡа аиҿахысра цон, нас ахысрақәа аанкылан, ацҳаражәҳәарала еиқәшаҳаҭхеит: аԥсуаа ишьызи ихәызи рыманы шьҭахьҟа Гәымсҭа ируа, қырҭқәа рыԥсцәа рырҭо. Иеибашьцәа дрыхӡыӡаауа, шасыс ақырҭқәа ихы риҭеит акомандаҟаҵаҩ Игор Дармаа.
Гәыгәыца Џьыкырба лышәҟәаҿы иаалгоит ажәылара иалахәыз Леон иорден занашьоу Дмитри Аҩӡба игәалашәара:
"...Абраҟа ҳаӷацәа ҳрылашәеит, ҳаибганы цашьагьы ҳамаӡамызт. Игор аиҿҵәажәарақәа акыр мҩаԥигеит. Иахьагьы сыбла ихгылоуп аҿҿаҳәа аԥсышәала ицәажәоз ҳаӷацәа. Зны-зынла ус агәаанагара соуеит, иаԥсыуаан ҳәа. Игор аибашьцәа ҳцынхәрас дшаангыло агәра диргеит. Усҟан ҳаӷацәа ҳпатронқәа иҳамаз зегьы ҳамырхит, ҳавтоматқәа аанҳажьыр акәхеит. Игор ус иасҳәеит: "Зегь иҳахьша еицҳахьааит, џьаргьы ҳцаӡом, ҳаицаанхоит", - ҳәа. Аха иара агәра ҳиргеит ҳцар еиҳа ишеиӷьу, нас ус ациҵеит: "Шәысцәымшәан, сара акы сыӡбеит!". Иахьагьы, еснагьгьы ҳаԥсы еиқәзырхаз Игор иоуп. Ҳара ҳаиқәырхараз иԥсы ақәиҵеит Аԥсны".
Ахәцәа А.Ӡиӡариа, Д.Хонӡиа, З.Анқәаб рҩызцәа аӡаҟны ирыманы ианааи, шьыбжьон дырҩегь аиҿахысра, аибашьра ҭарҵеит. Аибашьҩы Адгәыр Шамба ахәцәа еизызгоз, аӡы рырра ирыцхраауаз, Игор Дармаа аӷацәа рҿы дшынхаз аниаҳа, ахы даҿаланы дырҩегь Гәымсҭа дырны дхынҳәит, акы сызихәозар ҳәа, уи дишьҭалеит Ельмар Агәмаагьы.
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа зыӡбахә сҳәахьоу лышәҟәаҿы иаалгоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа асиақәа рҟынтәи анҵамҭа: "Хәажәкыра 16, асааҭ 13:30 рзы дыхәны дааргеит Гәдоуҭа инхоз Шамба Адгәыр Сулҭан-иԥа, ахәра амоуп инапы".
Хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡаз, Леон иорден данҭахаз ашьҭахь изанашьаз Шамба Адгәыр ҩажәа шықәса рышьҭахь - 2014 шықәсазы ихаҭара шьақәыргыланы ибаҩ анышә иамадан Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы.
© Foto / Марина Барцыц

Март 16 1993 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз, анаҩс Ахьӡ-аԥша апарк аҟны аиашьаратә нышәынҭраҿы зыԥсыбаҩ ԥшааз Ацыхәба Ҭемыр иан.

Март 16 1993 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз, анаҩс Ахьӡ-аԥша апарк аҟны аиашьаратә нышәынҭраҿы зыԥсыбаҩ ԥшааз Ацыхәба Ҭемыр иан. - Sputnik Аҧсны
1/2

Март 16 1993 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз, анаҩс Ахьӡ-аԥша апарк аҟны аиашьаратә нышәынҭраҿы зыԥсыбаҩ ԥшааз Ацыхәба Ҭемыр иан.

© Foto / Марина Барцыц

24.06.2014 ш. Аҟәа. Ахьӡ-Аԥша апарк. Адгәыр Шамба иԥсыбаҩ еиҭаганы анышә аҭара.

24.06.2014 ш. Аҟәа. Ахьӡ-Аԥша апарк. Адгәыр Шамба иԥсыбаҩ еиҭаганы анышә аҭара. - Sputnik Аҧсны
2/2

24.06.2014 ш. Аҟәа. Ахьӡ-Аԥша апарк. Адгәыр Шамба иԥсыбаҩ еиҭаганы анышә аҭара.

1/2

Март 16 1993 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз, анаҩс Ахьӡ-аԥша апарк аҟны аиашьаратә нышәынҭраҿы зыԥсыбаҩ ԥшааз Ацыхәба Ҭемыр иан.

2/2

24.06.2014 ш. Аҟәа. Ахьӡ-Аԥша апарк. Адгәыр Шамба иԥсыбаҩ еиҭаганы анышә аҭара.

Ельмар Агәмаа иахьагьы хабарда ибжьаӡыз рсиаҿ дыҟоуп. Аԥсны Афырхаҵа Игор Дармаа аиашьаратә нышәынҭраҿы, аибашьра ашьҭахь абҵарамзазы иԥсыбаҩ ԥшаан. Герман Ақаҩба иԥсыбаҩ рԥшааит Ачадара анышә дахьамадаз 1996 шықәсазы. Жәҩыуаак уи агәыԥ аҟынтәи иахьанӡагьы хабарда ибжьаӡуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2017
Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны: ақалақь ҳалаԥшуа ҳгылан
Гена Чамагәуа усҟан март 17 рзы даныхынҳә еиҭеиҳәон:
"Ус ҳаибашьуа амҩаҟынӡа ҳнеит. Ачадаратәи амҩала ҳдәықәлеит. Дара ҳрылашәеит, Дармаа Игор ибзоуралоуп ҳаибганы ҳашрылҵыз. Уа ишьны ишьҭоуп Алик Нанба, Фридон Аҩӡба, Герман Ақаҩба… Еиҳаракгьы атанкқәеи аБМП-қәеи роуп ҳара ҳақәызхыз. Ҳара атехника ҳамаӡам. Апехота атехника ҳаҿагылан иҳалшози, мчыс иҳамази?! Ар усгьы ҳааигәа иааҳашьҭӡомызт! Абарҭ аҷкәынцәагьы ишьыз ҳазгомызт, иҳалымшеит, иааҳакәыршан, иааҟәымҵӡакәа пулемиотла ҳаихсра иаҿын. Ихәыз дҳаманы ҳдәықәлеит, дынҳажьыр, зегь акоуп дыргәаҟны дыршьуан. "Ҳҭахаргьы ҳҭахааит!", ҳҳәан, дҳаманы ҳдәықәлеит. Аӡы ҳаныр, 4 сааҭк аҟәара ҳақәжьын, ҳхы ҳзымҩахо, ҳаихсра иаҿын, аҳаирплан абомба ҳақәнажьуан, аминомиотла иааҟәымҵӡакәа ихысуан".
© Foto / Марина Барцыц 17 марта 1993 2Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа.
17 марта 1993 2Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа. - Sputnik Аҧсны
1/6
17 марта 1993 2Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа.
© Foto / Марина Барцыц17.03.1993 ш. Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа. Мартовское наступление
17.03.1993 ш. Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа. Мартовское наступление - Sputnik Аҧсны
2/6
17.03.1993 ш. Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа. Мартовское наступление
© Foto / Марина Барцыц

Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа. Мартовское наступление

Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа. Мартовское наступление - Sputnik Аҧсны
3/6

Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа. Мартовское наступление

© Foto / Марина Барцыц

Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра.

Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра. - Sputnik Аҧсны
4/6

Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра.

© Foto / Марина БарцыцАжәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост - Sputnik Аҧсны
5/6
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
© Foto / Марина БарцыцАжәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост - Sputnik Аҧсны
6/6
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
1/6
17 марта 1993 2Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа.
2/6
17.03.1993 ш. Аҩада Ешыра. Ихынҳәыз Гена Чамагәуа. Мартовское наступление
3/6

Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа. Мартовское наступление

4/6

Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра.

5/6
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
6/6
Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост
Ихәны иааргоз Ӡиӡариа Авто уа дрыцәԥсит, аҟәараҿы ихәыз, ишьыз ҟалеит иҵегьы.
Иааидкылан иуҳәозар изхараз ҳаԥсыҽрақәа:
абжеиҳан ишҳахьлоз еиԥш, ажәылара аплан аӷа изы имаӡаӡамызт, иҽырхианы дҳазԥшын;
ар рыԥсы мшьаӡакәа ҩынтәны ацара ахьрықәшәаз рымч-рылшара иагнархеит;
шьоукы зынӡа ирыцәхҟьеит рырхәҭақәа;
аџьаԥҳаны азымхара (иҟан бџьардагьы аӡы ирыз, уаанӡагьы ишыҟарҵалоз еиԥш, уа аибашьра адәаҿы аӷа имырхырц);
убасгьы ишҳахьлоз еиԥш, аԥхьагылацәа ирышьҭанеиран иҟаз архәҭақәа уи ахьрылымшаз ианаамҭаз;
архәҭақәа реимадара аԥсыҽра;
ҳаштаби ари реимадара апроблема, арациақәа аӡаҟны иԥхасҭахахьазгьы ыҟан);
иааидкылан ҳԥышәа амаҷра.
Ари, Гена Чамагәуа ишиҳәаз еиԥш, аибашьыгатә техника злахәымыз жәыларан, аӷацәа ртехника излеихсуаз рымамызт, ирызхомызт.
Ҳаибашьра аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа 2010 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәы "1992-1993 шш. рызтәи Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра" аҿы иааигоит 20 иреиҵамкәа агхақәа Марттәи ажәылара ахыбгалара зыхҟьаз.
Марттәи атрагедиа даҽа трагедиак ацнаҵеит - ақырҭуа еиҳабыра Жәларбжьаратәи Женеватәи Аконвенциа аибашьратә зинқәа еилаганы ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ҳаҭара мап ахьацәыркыз, уимоу зыԥсы ҭаны, ма ихәны ирымԥыхьашәаз нас иргәаҟны иршьыз маҷӡамызт. Аԥсуаа ркультураҿы акырӡа аҵанакуеит аԥсы ишиқәнагоу анышә иамадара, уи иԥсыбаҩ амырӡра, анарцә имырӡра, иқә-иҵас анагӡара.
Рыхшара рыԥсыбаҩқәа анырмоу, Гәдоуҭа уи иазкыз еицырдыруа аизараҿ, аӷа дышгәыӷуаз акәымкәа, аӡәырҩы абацәеи анацәеи ирылшеит абарҭ ажәақәа рҳәара: "Ҳаҷкәынцәа рыбаҩқәа рыԥсадгьыл Аԥсны ишьҭоуп! Иахьа иаҳуалу - аибашьра, ршьаура, аиааира агара ауп!"
Аԥсны ахада, ар рԥыза Владислав иажәақәа рыла, Марттәи ажәылара "ари ҳар ираҵахараӡамызт. Ари еиқәымшәаз жәыларан".
Анаҩсан иҟалашт иҵегьы ажәыларақәа, афырхаҵарақәа, аԥсыҭбарақәа, аха уи зегьы аиааира амҩа акәын...
Гәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0