Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада имҩаԥигаз агәаҭарақәеи Марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵреи

© Sputnik / Леон Адлейба 2023-03-16. Церемония возложения цветов к мемориалу погибшим в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 гг
2023-03-16. Церемония возложения цветов к мемориалу погибшим в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 гг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь еиԥш иазнархиеит хәажәкыра 13-19 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа реиҭаҳәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә хыбрақәа дырҭааны игәеиҭеит, ареспубликаҿ имҩаԥысит Чечентәи Ареспублика акультура амшқәа, аԥсуа спортсмен Баҭал Ҷежьиа Урыстәыла дачемпионхеит, Аԥсны аноминациа "Еиҳа асасдкылара аазырԥшыз астенд" аҿы аиааира агеит (MITT). Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аматериал аҿы.

Ахада дыдирдырит

Аслан Бжьаниа Саид Ҳаразиа Гәылрыԥшь араион ахадас ишьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит хәажәкыра7, 2023 шықәса рзы. Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион актив дыдирдырит араион ахада ҿыц Саид Ҳаразиа.
"Акадрқәа рызҵаарақәа анаҳаӡбо, уи еснагь аус иазеиӷьхароуп, алҵшәа бзиа аанарԥшыроуп. Аҳәынҭқарра ахада иаҳасабала, сара сақәгәыӷуеит Саид Ҳаразиа иџьабаа Гәылрыԥшь араион анхацәа рзы ихәарҭахап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Президент Аслан Бжания представил нового главу Гулрыпшского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион ахада ҿыц дыдирдырит
Саид Ҳаразиа актив раԥхьа дықәгыло, иҳәеит араион аҿы аҭагылазаашьа иаӷьтәразы аидгылара шаҭаху.
"Аԥсуареи аламыси – сара сзықәныҟәо ԥҟарақәоуп. Ҳара зегьы аус ҳуроуп Гәылрыԥшь араион аҿы аԥсҭазаара арманшәалара адагьы, дарбанзаалак пату иқәны, азҿлымҳара игымкәа дынхаларц", - иҳәеит араион ахада ҿыц.

Ахада игәаҭарақәеи аковид иадҳәалан ихыԥхьакреи

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гал араион даҭааит аусутә гәаҭарақәа рымҩаԥгаразы. Аҳәынҭқарра ахада дазыӡырҩит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Арбџьармчқәа рхатә еилазаара амобилизациа азхиазаара арӷәӷәаразы иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазку иажәахә.
Иара убас Аслан Бжьаниа игәеиҭеит аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа инаваршәны идыргылаз анџьныртә хырӷәӷәарҭақәа.
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Аԥсны
Гал араион аҿы амчратә усбарҭақәа рҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит
Аслан Бжьаниеи уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аштаб хада анапхгаҩы Владимир Савченко хәажәкыра 15 рзы ирҭаан ирбеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа.
Адырҩаҽны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа COVID-19 имазар алшоит ҳәа агәаанагарала ихы ԥхьеикит ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 16 рзы. Ас иӡбеит COVID-19 антиген азы иҟаиҵаз аекспресс-тест ҵоуран азы. Анаҩс Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз алаборатортә ПЦР-тест акоронавирустә ҿкы шьақәнымарӷәӷәеит. Аслан Бжьаниа иаиҭаз атест РНК авирус Sars-Cov-2 аанымырԥшӡеит
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа иаиҭаз ПЦР-тест аҭак ҵоурам

Марттәи ажәылара

Иаҳхысыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра инамаданы агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәеи акциеи.
Аԥсны аиҳабыреи, Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи, ауаажәларреи Аԥсны араионқәа рыҟны абаҟақәеи амемориалқәеи рыҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсуа драматә театр аҿы ари арыцхә ахьӡала идырбан аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада", имҩаԥган афотоцәыргақәҵа, Аҳәынҭқарратә хортә капелла ықәгылеит. Иара убасгьы афотоцәыргақәҵа мҩаԥган Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟны.
Март 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аоперациа амҩаԥгараан иҭахеит 222-ҩык, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Переход реки Гумиста - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2023
Аԥсны
"Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәса марттәи ажәылара иазку адокументалтә хроника

Чечентәыла акультура амшқәа

Чечентәыла акультура амшқәа мҩаԥысуан Аԥсны хәажәкыра 13 инаркны 17 рҟынӡа. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Чечентәыла акультура аминистрра аделегациа идикылеит. Чечентәылатәи Ареспублика акультура амшқәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны рымҩаԥгара ҳара ҳзы акраҵанакуеит Чечентәыла акультуреи аҟазареи рдырразы. Агәра ганы сыҟоуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы еиҳау аҿиара шроуа иҳәеит Гәынба.
Чечентәылатәи Ареспублика акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Марет Баисарова илҳәеит аделегациа Аԥсны аҟазаара Аԥсни Чечнеи реизыҟазаашьақәа еиҳау аҿиара шырнаҭо.
"Чечентәылатәи Ареспублика акультура аминистр Аишат Кадырова ҳнапы ианылҵеит –аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳатрадициақәа шәҳарбарц, ҳԥышәа еимаадарц. Уажәшьҭарнахыс ара иҳамоуп аҩызцәа, ԥхьаҟа аус зцаауша", - лҳәеит лара.
Арҭ амшқәа рзы аԥуса хәаԥшҩцәа алшара рыман Чечентәыла атеатртә ҟазара абара - РУСДРАМ аҟны идырбан Лермонтов ихьӡ зху аҳәынтқарратә драматә театр аспектакль "Бела", Аҳәынҭфилармониаҟны имҩаԥган Аднан Шахбулатов ихьӡ зху Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟазацәа рконцерт.
Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Чечентәыла Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль "Ваинах" имҩаԥнагаз аконцерт ала.
Дни чеченской культуры в Абхазии завершились выступлением Вайнаха - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Ашьхақәа рышьҭыбжь: Чечентәылатәи артистцәа Аԥсны рықәгылара

Азакәан апроектқәа рышьақәырӷәӷәара

Ахаша хәажәкыра 15 рзы еилкаахеит, Аҳәынҭқарратә Дума зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы зго рыуацәа, урҭ рыԥсҭазаара ишалҵыз азы адырра ҟазымҵаз ироуз ашәарақәеи ашәарацҵақәеи аԥснытәи аган иархынҳәразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьараз аиқәшаҳара аԥсахрақәа рзы аԥкаанҵа аратификациа шаднакылаз.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы зго рыуацәа, урҭ рыԥсҭазаара ишалҵыз азы адырра ҟазымҵаз ироуз ашәарақәеи ашәарацҵақәеи аԥснытәи аган иархынҳәрц. Анаҩс арҭ аԥарақәа рылгара алшоит.
2015 шықәса инаркны 2022 шықәсанӡа иацҵаны иргаз атәанчахәы 24,3 млн мааҭ ыҟоуп - 19,6 миллион мааҭ инеиҳаны атәанчахә хаҭақәа, 4,7 миллион мааҭ ашәарацҵа.
Иара убасгьы Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәа рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра аднакылеит. Аамҭак анаҩс адокумент Аҳәынҭмовет ишьақәнарӷәӷәеит, Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын X Петербургтәи афорум аҿы рашәара 29, 2022 шықәсазы. Рнапы аҵарҩит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци иколлега Константин Чуиченкои.
Адокумент ашьақәырӷәӷәара ашьҭахь Урыстәылеи Аԥсни наҟ-ааҟгьы иазхарҵалоит дасу ртәылаҿ ирыдкыло, абизнес амҩаԥгараан атәылауаа ирызцәырҵуа аилибамкаарақәа рзы аӡбрақәа.
Президент РФ В. Путин принял участие в совещании судей судов общей юрисдикции, военных и арбитражных судов - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Аԥсны
Путин инапы аҵаиҩит Урыстәылеи Аԥсни рыӡбамҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан

Аиқәшаҳаҭрақәеи аноминациаҿы аиааиреи

Ацәыргақәҵаан анапы аҵаҩын Аԥсни Ҟрыми ртуризм аминистрцәа Ҭеимураз Хышбеи Вадим Волченкои рыбжьара агәҭакқәа рзы аиқәшаҳаҭра.
Адокумент иалоуп аусбарҭақәа рыбжьара зыҿҳәара дуу аимадарақәа рыбжьаҵара атуризм аусхк аҟны, аӡыргаратә џьармыкьақәеи ацәыргақәҵақәеи реимдара уҳәа рзы аусмҩаԥгатәқәа.
Москва, хәажәкыра 16 - 18 рзы имҩаԥысуаз Атуризми асасдкылара аиндустриеи XXIX жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа– MITT аноминациа "Еиҳа асасцәа здызыԥхьалаз астенд" аҿы Аԥсны аиааит.

Аҟәеи Казани – аиашьара зыбжьоу ақалақьқәа

Иҳаҩсыз амчыбжь алагамҭазы Аҟәа ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟаз аделегациа усутә ныҟәарала Казан иаҭаан.
Уаҟа Аҟәеи Казани рыбжьара аиашьараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.
Казан ақалақь Анагӡаратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ильдар Шакирови Беслан Ешбеи реиԥылараан Аҟәа ахада иҳәеит, аекономика шырҿиалатәу хырхарҭак, иаҳҳәап атуризм мацара уахьыԥшны акәымкәа.

"Ааглыхра арҿиара нап алаҳкыроуп. Абри аганахьала шәԥышәа ҳамажәдуазара адгылара ҳашәҭозар, аусеицура ҳазыхиоуп", - иҳәеит Ешба.

Аҟәа ахада иҳәеит ишазгәаҭоу урыстәылатәи аинвесторцәа рзинқәа зырӷәӷәо аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра.

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ацхыраара рыҭара

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа ашьҭахь Аԥсны ауааԥсыра арҭ атәылақәа руааԥсыра рзы еизыргоз агуманитартә цхыраара хыркәшахеит ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура ахәаша, хәажәкыра 17 рзы.
"Аидара еизакуп. Издызкыло аган ишырҳәаз аиԥш еиҿкаауп. Ирҭәуп 6 транспорттә контеинерк. Урҭ Аҟәатәи абаӷәазахь инаргеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Смотр техники и снаряжения МЧС Абхазии на площади Свободы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит
Зынӡа еизгоуп 20 тонна агуманитартә еидара – лассы иԥхасҭамхо афатә-ажәтә, аӡы, агигиенатә хархәагақәа.
Иара убасгьы Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба иԥылараан иҳәеит Шьамтәыла адгьылҵысра ааха знаҭаз рзы ишаахәахо 35 ҩнеидкыла.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рныԥшуан атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу.
Ҭырқәтәыла жәабранмзазы иҟаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.

Азакәанеиҿкаара ахылаԥшра

Аҟәа ААР амилициа актәи аҟәшаҿы иаадыртит азакәанеиҿкаара ахылаԥшраз ацентр. Иара даҭааит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Иара иҳәеит ацентр ахьыҟоу аҭыԥ аҵакы шамоу анапхгаратә усқәа рыдкыларазы, араион аҟны оперативла азинеилагарақәа рхаҵгыларазы.
Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, аҷаԥшьаратә хәҭа мониторла еиқәдыршәеит. Урҭ раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵеит ахәаахәҭратә ҩны "Рубин", аинтернет-проваидер "Система авеб-камеқәа русура еиҿнакааит.

Анаркотикқәеи аӷьычреи

Аҟәа инхо Дима Ҷанба закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала анаркотикқәа раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи, рыҵәахреи рзы даанкылоуп. 42 шықәса зхыҵуа Ҷанба даанкылан Аҟәа, Адлеиба имҩаҟны. Игәаҭараан идбалан аметадон згәылаз аилаҳәарақәа.
Аԥсны атәылауаҩ даанкылан аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аоперативтә информациа амҩаԥгараан. Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа гагратәи амилициа аусзуҩцәа рыцырхырааны ахаҵа дааныркылеит уи итәылауаҩшәҟәы ангәарҭоз. Иара идырбалеит ибзианы иҿаҳәаз аметадон згәылаз аилаҳәарақәа ԥшьба. Изқәиҭым амаҭәашьар азеиԥш капан 4,5 грамм иҟан.
Цандрыԥшь инхо Акоп Матосиан Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалараз дааныркылеит. Иара игәаҭараан идбалан анаркотикатә маҭәашьар метадон хыԥхьаӡара рацәала.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аҟәа дааныркылеит Узбекисҭан атәылауаҩ, анаркотикқәа закәаншьаҭада раахәара, рымазаара, рыҭира инапы алакын ҳәа иԥхьаӡаны.
22 шықәса зхыҵуа Даниил Локтев идбалан аметадон згәылаҳәаз 12 еилаҳәара. Иара убасгьы идбалан аелектронтә капангеи аизолентеи. Иаанкылоу далархәны аҵәахырҭа ҭыԥқәа аарԥшын Аҟәатәи ашьха, Папасқьыр имҩаҿы.
Аԥсны атәылауаа ҩыџьа Тҟәарчалтәи Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа иҩналан иӷьычит ҳәа иаанкылоуп.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, 36 шықәса зхыҵуа Реваз Твартваиеи 28 шықәса зхыҵуа Дмитри Тҳаиҵыҟәи Тҟәарчалтәи Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит. Дара акассир лкабинеҭ аҟынтәи аԥареи анхамҩа аиҳабы имаҭәеи рӷьычит.

Ачемпион ихьӡ азы ақәгылара

Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит ашәахьа хәажәкыра 13 рзы, Мурад Далхаев техникатә нокаутла дииааины.
Аицлабра аҵанакуан аҩбатәи абжьаратә капан змоу рыбжьара. Аиндаҭлара зегьы иалагӡаны аԥснытәи аспортсмен дызҿагылаз диеиӷьны ихы ааирԥшуан, изныкымкәа икылкааны дисуан.
Батал Чежия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Баҭал Чежьиа Урыстәыла ачемпион ититул азы: ақәгылара сазыҟаҵан
Аԥшьбатәи араунд аан Ҷежьиа Далахаев анокдаун ахь дишьҭит, уи ашьҭахь аӡбаҩ аиндаҭлара ааникылеит, избанзар икаҳаз уаҳа аисра илшомызт. Убас ала, Баҭал Ҷежьиа техникатә нокаутла аиааира игеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0