https://sputnik-abkhazia.info/20230322/adiaspora-eidyzkylo-asadgyl-akh-akhynrazy-ailak-30-shysa-akhyraz-akonferentsia-magan-1044783868.html
Адиаспора еидызкыло: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аконференциа мҩаԥган
Адиаспора еидызкыло: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аконференциа мҩаԥган
Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 1993 шықәса хәажәкыра 23 азы Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәаразы. 22.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-22T13:45+0300
2023-03-22T13:45+0300
2023-03-22T13:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044781258_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_def8834552392c2637bc25cc51a25101.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хәажәкыра 22 рзы Аҟәа имҩаԥысит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Аилак аиҳабы Вадим Ҳаразиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аиҿкаара аԥҵарала ишиҭахыз адунеи атәылақәа 50 рҟны инхо аԥсуа диаспора реидкылара. Иара иазгәеиҭеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә елакы 30 шықәса ахыҵра азгәаҭараз ареспубликахь ишааз аделегациақәа – Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи. Аконференциаҟны ирылацәажәеит аԥсуа диаспора рҭоурыхтә џьынџь ахь рыхынҳәра, Аԥсни аҳәаанырцә инхо амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәеи реимадара, арҭ атәылақәа рахь аҭҵаарадырратә експедициақәа рымҩаԥгара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аконференциа еиҿыркааит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә институти Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки. Хәажәкыра 23 рзы, аилак анаԥҵаз амш аҽны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иара убас имҩаԥгахоит аныҳәатә хәылԥазы.Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 1993 шықәса хәажәкыра 23 азы Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәаразы.Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи напхгаҩцәас иаман: Нугзар Ашәба, Фениа Аҩӡԥҳа, Гиви Допуа, Аполлон Шьынқәба, Анзор Мықәба, Зураб Адлеиба, Хьрыԥс Џьопуа, Вадим Ҳаразия, Беслан Дбар. Иахьа аилак напхгара аиҭоит Вадим Ҳаразиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230322/ashba-ynuaa-asuara-aiyrkharay-irylshaz-aaradyrralagy-aara-uadaup----1044748470.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044781258_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_703cd73c061110664e9f6eb4644edf3a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Адиаспора еидызкыло: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аконференциа мҩаԥган
13:45 22.03.2023 (ирҿыцуп: 13:50 22.03.2023) Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 1993 шықәса хәажәкыра 23 азы Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәаразы.
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хәажәкыра 22 рзы Аҟәа имҩаԥысит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Аилак аиҳабы Вадим Ҳаразиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аиҿкаара аԥҵарала ишиҭахыз адунеи атәылақәа 50 рҟны инхо аԥсуа диаспора реидкылара.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә елакы 30 шықәса ахыҵра азгәаҭараз ареспубликахь ишааз аделегациақәа – Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи.
"Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан Аԥсны ахақәиҭратә еибашьра анцоз. Еснагь ԥхьаҟа ихәыцуаз Владислав Григори-иԥа Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәаразы 1993 шықәса хәажәкыра 23 рзы аилак аԥҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Ари ашьаҿа иаша ҟаиҵеит аҳәынҭқарра аргылареи аибашьраҟны аиааира анаагалак ашьҭахь уи арҿиареи аус аҟны ицхыраара духоит ҳәа иԥхьаӡаны", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аконференциаҟны ирылацәажәеит аԥсуа диаспора рҭоурыхтә џьынџь ахь рыхынҳәра, Аԥсни аҳәаанырцә инхо амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәеи реимадара, арҭ атәылақәа рахь аҭҵаарадырратә експедициақәа рымҩаԥгара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Аконференциа еиҿыркааит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә институти Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки.
Хәажәкыра 23 рзы, аилак анаԥҵаз амш аҽны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иара убас имҩаԥгахоит аныҳәатә хәылԥазы.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 1993 шықәса хәажәкыра 23 азы Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәаразы.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи напхгаҩцәас иаман: Нугзар Ашәба, Фениа Аҩӡԥҳа, Гиви Допуа, Аполлон Шьынқәба, Анзор Мықәба, Зураб Адлеиба, Хьрыԥс Џьопуа, Вадим Ҳаразия, Беслан Дбар. Иахьа аилак напхгара аиҭоит Вадим Ҳаразиа.