00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы аиубилеи азгәарҭеит

© Sputnik Томас Тхайцук Юбилей Госкомитета по репатриации отметили в Абхазском драмтеатре
Юбилей Госкомитета по репатриации отметили в Абхазском драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы хәажәкыра 23 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥган аԥсуа драматә театр аҟны.
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқомитет аусзуҩцәа рахь иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Атәыла ахады иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба.
"Ҳара иаҳҭахуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳашьцәа ирдырузарац, Аԥсны - даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аҩны шаку, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра еснагь ҳшазԥшу. Ҳамчқәа еилаҵаны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, ҳарҭ иҳалшоит иӷәӷәоу, еизҳа-зыӷьо аҳәынҭқарра аргылара", - ҳәа аҳәоит атәыла ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҟны.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи иааз асасцәеи иҟарҵаз адныҳәаларақәа рышьҭахь, Аҳәынҭқарратә ахортә копелла инанагӡеит амҳаџьыраа рашәа "Шьышь-нани". Анаҩс ахәылԥаз иацырҵеит Аԥсны аестрада ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аиубилеи ҩымш имҩаԥысуан. Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уаҟа ирзааҭгылеит аԥсуа диаспора рҭоурыхтә џьынџь ахь рыхынҳәра, Аԥсни аҳәаанырцә инхо амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәеи реимадара арӷәӷәара, арҭ атәылақәа рахь аҭҵаарадырратә експедициақәа рымҩаԥгара.
Научно-практическая конференция, посвященная 30-летию Госкомитета по репарации - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2023
Аԥсны
Адиаспора еидызкыло: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак 30 шықәса ахыҵраз аконференциа мҩаԥган
Хәажәкыра 23 рзы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи иааз асасцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Амемориал аҟныи, Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу абаҟа амҵани, иара убас Кавказ аибашьра иалаӡыз рыхьӡала Аԥшаҳәаҟны игылоу абаҟа амҵани.
Аԥсни аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы хәажәкыра 23 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0